Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2023 шықәсазы акриптоԥара арҳаразы иаарԥшу аобиектқәа рхыԥхьаӡара иалацәажәеит

© Sputnik / Евгений КозыревСтойка с асиками на одной из майнинговых ферм в Иркутской области
Стойка с асиками на одной из майнинговых ферм в Иркутской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.12.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны аиҳабыра ареспубликахь акриптоԥара арҳаразы ахархәагақәа ралагалара азин ааннакылеит 2020 шықәсазы. Уи ашьҭахь акырынтә аҿҳәара инахахьан. Уажәы 2023 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа аҿҳәара шьақәыргылоуп.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29– Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра астандартқәеи, ахархәаратәи атехникатәи хылаԥшреи рзы аилак 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 аахыс акриптовалиута арҳаразы иаадырԥшит 95 хыбра, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аилак ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Инал Лагәлаа.
Лагәлаа иажәақәа рыла, иазырхианы аӡбарҭахь инашьҭуп 82 хыбра рганахь ала ашәҟәқәа, 48 административтә ҭакԥхықәра рыдҵоуп. Аҳәынҭбиуџьет ахь инашьҭхараны иҟоу азеиԥш хараԥса 2 миллионки 475 нызқьмааҭ ыҟоуп. Ԥхынҷкәын 27 азы ишәоуп 945 нызқьмааҭ.
Лагәлаа иҳәеит 392 аппарат атәыла ралгараз азин шыҟаҵоу, Аҳәынҭстандарт ашьҭаҵарҭаҿы ишыҟоу 2 000 хархәага.
Аԥсны Аҳәынҭқарра астандартқәеи, ахархәаратәи атехникатәи хылаԥшреи рзы аилак ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ иҳәеит, амаининг аҿагылара ишадыԥхьало амаҵзурақәа рацәаны, азакәан аилагараан аинформациа аилак аҭел ҷыдахь инашьҭхар шауа.
2020 шықәса раахыс ауааԥсыра ирылгоуп 6 000 аппарат инареиҳаны, убри аан Аԥсны Аҳазалхратә еилакы адыррала 2016 - 2020 шықәса цәыббрамзанӡа атәыла иалагалоуп 66 000 "машьынка" инареиҳаны, 2020 шықәса раахыс акәзар - 27 нызқь цыра инареиҳаны ареспублика иалгоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0