Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Путин иааиуа Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.12.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 31 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада Владимир Путин иааиуа Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа инаҵишьит Урыстәыла 2024 шықәса Путин инапхгарала ишаԥыло иӷәӷәоу, адунеи ашьақәгылашьа ҿыц аԥызҵо, аиашареи, апатуеиқәҵареи, асуверенитети рыпринципқәа ирықәныҟәо ҳәынҭқарраны.
"Иҳаҩсуа ашықәс азы аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа еиҳа-еиҳа иҿион. Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рнапы аҵарҩит аҩтәылак рсоциал-економикатә еимадарақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи ирзырхоу акрызҵазкуа аиқәшаҳаҭрақәа", - ҳәа азгәеиҭеит ахада.
Иара иажәа иацҵо иҳәеит Аԥсны ахә ҳаракны ишыршьо 2023 шықәса жьҭаарамзазы аҩтәылак рхадацәа реиԥылараан зыӡбахә рымаз Аԥсны апроблемақәеи аҭахрақәеи иахьрызхьаԥшыз. Иара агәрагара ааирԥшит дара русеицуреи реизыҟазаашьақәеи ирыбзоураны арегион аҿы аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аизҳазыӷьареи шыҟало.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2023
Аԥсны
Аслан Бжьаниеи Сергеи Лаврови аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0