Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра: Ил-76 ракетала аихсра УАМ имҩаԥнагаз терактуп

© Foto / очевидца Дым на месте падения самолета Ил-76 в Белгородской области
Дым на месте падения самолета Ил-76 в Белгородской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2024
Анапаҵаҩра
Украинатәи атҟәацәа аԥсахразы изгоз арра-транспорттә ҳаирплан Ил-76 Белгородтәи аобласт аҵакыраҿы икаҳаит ажьырныҳәа 24 асааҭ 11:15 рзы. Аҳаирплан иҭан 65-ҩык УАМ аруаа рҟынтәи атҟәацәа, фҩык аекипаж алахәылацәа, хҩык урыстәылатәи аруаа. Дара зегьы ҭахеит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik. Украинатәи атҟәацәа аԥсахразы изгоз арра-транспорттә ҳаирплан Ил-76 Белгородтәи аобласт аҵакыраҿы Украина Арбџьар мчқәа икарыжьит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.

"Аҳаирплан Ил-76 Белгородтәи аобласт аҵакыраҿы Украина Арбџьармчқәа икарыжьит Харковтәи аобласт аиланхарҭа аҟынтәи азенит-ракетатә комплекс ала", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Иазгәаҭоуп, киевтәи арежим адырра шамаз ажьырныҳәа 24 рзы аурыс-украинатә ҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥ Колотиловка аҿы атҟәацәа еимырдараны ишыҟаз.
"Ус шакәызгьы анацисттә режим ари ашьаҿа ҟанаҵеит Урыстәыла ахара ахаранатәырц. Ари атеракт амҩаԥгарала киевтәи арежим иаанарԥшит ахаҿ иашаҵәҟьа– атәылауаа рыԥсҭазаарақәа хьаасгьы иамкит", - ҳәа азгәаҭоуп атекст аҿы.
Учения МЧС по предупреждению природных пожаров - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2024
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Украинатәи атҟәацәа зҭаз аҳаирплан каҳаит Белгородтәи аобласт аҿы
Украинатәи атҟәацәа аԥсахразы изгоз арра-транспорттә ҳаирплан Ил-76 Белгородтәи аобласт аҵакыраҿы икаҳаит ажьырныҳәа 24 асааҭ 11:15 рзы. Аҳаирплан иҭан 65-ҩык УАМ аруаа рҟынтәи атҟәацәа, фҩык аекипаж алахәылацәа, хҩык урыстәылатәи аруаа. Дара зегьы ҭахеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0