Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: амца иацәынхаз асахьақәа реиқәырхара, абылтәы азҵаара, алашара арцәара

© Sputnik / Томас ТхайцукРоссийские реставраторы приступили к осмотру картин, уцелевших при пожаре в здании Союза художников 21 января.
Российские реставраторы приступили к осмотру картин, уцелевших при пожаре в здании Союза художников 21 января. - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.01.2024
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит ажьырныҳәа 22-28 рыҩныҵҟа иналукаашаз ахҭысқәа рыхҳәаа.
Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбраҿы амца иацәынхаз асахьақәа реиқәырхара, Урыстәылантәи Аԥсныҟа урҭ аусумҭақәа реиҭашьақәыргыларазы иааз аекспертцәа ирҳәо, Гәдоуҭа араион ахада инапынҵа назыгӡо даҭоуп, ареспублика абылтәы еилахәырақәа рыпроблемақәа рыӡбара ртәы Sputnik аматериал аҿы.

Амцакра ахҟьаԥҟьақәа

Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбра амца акит ажьырныҳәа 20-21 руха. Заанаҵтәи ахәшьарақәа рыла, асахьаҭыхымҭақәа 4000 блит. Аслан Бжьаниа апрокурар хада Адгәыр Агрба адҵа ииҭеит Ацәыргақәҵатә зал амцакра зыхҟьаз ҭырҵаарц.
"Иҟашәҵо алкаақәа рыгәра ҳгароуп. Иҟалаз ахҭыс ҳшазыҟоу еилкаауп", - иҳәеит Аслан Бжьаниа Аиҳабыра алахәылацәеи азинхьчаратә усбарҭақәа рхадацәеи алархәны имҩаԥигаз аизараҟны.
Уаанӡа Ацәыргақәҵатә зал хада ахыбра абылра зыхҟьаз азҵаарақәа ирылацәажәеит Жәлар Реизара адепутатцәа имҩаԥыргаз аизараҟны. Апарламент Аминистрцәа реилазаарахь ажәадгала ҟанаҵеит аҭоурых-культуратә ҵакырақәа, акомплексқәа, ансамбльқәа, аргыларақәа, амаҭәарқәа амцакратә шәарҭадара аҭахрақәа иахьынӡарықәшәо аҭҵааразы акомиссиа ҷыда аԥырҵарц.
Аԥсны апрокуратура хада аусеилыргаратә ҟәша Ацәыргақәҵатә зал амцакра зыхҟьаз ҭнаҵаауеит.
Агәаҭарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны амцакра зыхҟьаз ҭырҵаауеит, иҟоу аԥхасҭа шьақәдыргылоит, амцакратә шәарҭадара аԥҟарақәа анагӡара ахылаԥшра знапы ианыз ауаа еилыркаауеит.
Ажьырныҳәа 25 рзы Урыстәыла акультура аминистрра аусдырыҩцәа Аҟәаҟа иааит, иаанхаз асахьаҭыхымҭақәа реиқәырхаразы.
Sputnik Аԥсны аҟны имҩаԥысыз апресс-конференциаҟны ареставратор Марина Чуракова илҳәеит еиқәхаз аусумҭақәа реиҭашьақәыргылара шалшо.
И.Е. Грабарь ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи асахьаҭыхра ҭҵаарадырра-ареставрациатә центр аусзуҩ Елена Проханова иазгәалҭеит асахьақәа рыхәҭак Аԥсны реиҭашьақәыргылара шалшо, егьи ахәҭа Урыстәылаҟа ишгатәхо. Уажәазы иҭҵаауп 120 усумҭа.

Анапхгаҩ ҿыц

Аслан Бжьаниа Гәдоуҭа араион ахадара аколлектив дыдирдырит араион ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа ҿыц иаҭоу Рауль Лолуа.
Ари аҭыԥ аҿы иара диԥсахит Баграт Боџьгәуа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Баграт Боџьгәуа аҽа маҵурак ахь диагахоит ҳәа иҳәеит.
Баграт Боџьгәуа аколлектив русеицуразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, анапхгаҩ ҿыц Рауль Лолуа ақәҿиарақәа изеиӷьеишьеит.
Лолуа изыҟаҵоу агәрагара ҭабуп ҳәа ахиҳәааит, иҳәеит Аҟәантә Гәдоуҭаҟа нхара дшиасуа.
Рауль Лолуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2024
Аԥсны
Гәдоуҭа араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Рауль Лолуа аколлектив дыддырдырит

Абылтәы азҵаара

Ииасыз амчыбжь азы Аҟәа имҩаԥысит абылтәы џьармыкьа алахәылацәа рмитинг.
Ԥхынҷкәын 16 2023 шықәсазы Урыстәыла аиҳабыра аилахәыра "Роснефть" амацара Урыстәылантә Аԥсныҟа анефҭ аалыҵқәа рекспорт азин ҟазҵо ақәҵара аднакылеит. Абри ашьҭахь, ажьырныҳәа 1 аахыс Аԥсны абылтәыҭаҭәарҭақәа "Подорожники" "Роснефть-Абхазиеи" рҿы ада аусурақәа аангылеит. Аԥснытәи аилахәырақәа ирымаз абылтәы нҵәеит.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2024
Аԥсны
Аԥсны ахада абылтәы азҵаара аӡбразы Москваҟа амҩа дықәлоит
Аԥсны абылтәы азымхара азҵаараз аилацәажәара мҩаԥысит апарламеттә хеилак аҟны аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанбеи, аекономика аминистр Кристина Озгани, абылтәы еилахәырақәа рхаҭарнакцәеи алархәны. Жәлар Реизара адепутатцәа Аԥсныҟа абылтәы аагаразы иҟоу ауадаҩрақәа рыӡбараз Аҳәынҭдумахь ашәҟәы рышьҭырц рыӡбеит.
Аԥсуа еилахәырақәа иаархәази аҳазалхратә шәҟәҭаҩра иахысызи абылтәы Аԥсныҟа иаагахоит. Урыстәылатәи ҳколлегацәа рҟынтәи иҳауз адыррақәа рыла, Урыстәыла Афедерациа Аиҳабыра уаанӡа ирыдыркылахьаз аӡбамҭа рыԥсахит иҳәеит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба. Иара убасгьы иҳәеит, атәыла ахада Аслан Бжьаниеи иареи ари азҵаара аҭыԥ ақәҵаразы Москваҟа ицараны ишыҟоу.
Ажьырныҳәа 25 рзы аилахәыра "АЗиД" аусура хацнаркит, уаанӡа иаахәаз абылтәы ареспубликахь ианаарга ашьҭахь.

Аԥсны иаԥҵоуп аҵарауаа ҿарацәа рхеилак

Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иҟны иаԥырҵеит аҵарауаа ҿарацәа рхеилак. Атәыла ахада Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, аиԥш зеиԥшу шхымԥадатәиу аҭҵаара знапы алаку аҿарацәа рацәажәаразы.
Атәыла ахада иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа иҳәеит, аҵарауаа рыҭҵаарадырратә усумҭақәа аус рыдуларазы аҳәынҭқарра агранқәа шырзоунажьҭуа.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит аҭҵаарадырреи аекономикеи русеицура акыр шаҵанакуа.
"Аҳәынҭқарра - ари шәаргьы ҳаргьы еицаҳзеиԥшу ҩнуп, хымԥада ҳҵасқәа ишрыҵанакуа еиԥш еизырҳатәуп. Ҳара еилаҳкаауазароуп, уаҵәтәи амш ашәарҭадаразы ҳара иҳалшои, анҭыҵытәи ҵаргәас иаҳҭахуи. Абри атәы аҭҵаарадырра знапы алакугьы ирҳәароуп", - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Алашара арцәара

Ажьырныҳәа 26 инаркны 31 рҟынӡа Аҟәеи Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭеи аамҭа-аамҭала алашара арцәара алагалан.
"Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал иажәақәа рыла, урыстәылатәи аганахь ала атехникатә мзызқәа ирыхҟьаны ажьырныҳәа 26 инаркны 31 рҟынӡа аамҭа-аамҭала алашара арцәара иалагаеит, иззеиқәшаҳаҭхахьаз 300-340 МВт амчхара аҭыԥан 240 МВт аарышьҭлоит.
Ахәаша ажьырныҳәа 26 рзы еилкаахеит, аԥсшьарамшқәа рзы аамҭа-аамҭала алашара шыдмырцәо, урыстәылатәи аган афымцалашра аушьҭразы атехникатә лшара шроуз.
Отключение света  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.01.2024
Аԥсны
Аԥсны ахәҭак аҿы уахыки-ҽнаки ҳәа аамҭа-аамҭала алашара дырцәоит
Уаанӡа инарҭбаау аизараҟны атәыла ахада Аслан Бжьаниа иҳәахьан араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа аҭакԥхықәра шрыду алашара ахәԥса аизгаразы. 2014 шықәса раахыс алашара ахәԥсазы ауааԥсыра руал хә-миллиард мааҭ инаӡоит.

Аминаҵаҵараз адырра ԥаршеи

Аҟәа аҩбатәи ашкол артҟәацга аҵоуп ҳәа Аԥсны АҶА ашҟа адырра ҟарҵеит ажьырныҳәа 19 рзы. Аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ашкол идәылҵит. Аҭыԥ аҟны аус руан иҷыдоу аусбарҭақәеи АҶА аусзуҩцәеи.
Ажьырныҳәа 22 рзы зықәра намӡац ақәыԥш абри аус дшалахәыз шьақәыргылан.
Иареи Telegram-канал амодераторцәеи ашәҟәқәа еимырдон. Дара ареспублика анҭыҵынтә ақәыԥш азин иаҿагыло аумҭақәа ҟаиҵаларц идырҵон. Иара амаҵзура ҷыдақәа русура ҭыхны Telegram-канал ахь инеишьҭуан.

Шьамтәыла Аԥсны аконсултә ҟәша аадыртит

Шьамтәыла инхо ҳџьынџьуаа ацхыраара рыҭаразы, ахәҳаахәҭра-економикатә, акультуратә, агуманитартә еимадарақәа рырҿиаразы Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы иаԥҵоуп аконсултә ҟәша.
Аусбарҭа напхгара аиҭоит ҳџьынџьуаҩ Геис Аль-Харки.
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ианыруа иазгәанаҭоит егьырҭ аконсултә маҵзурақәагьы рымҩаԥгара, Шьамтәылеи Мрагылара ааигәа атәылақәеи рҿы инхо Аԥсны атәылауаа ацхыраареи адгылареи рыҭаразы.
Флаги Сирии и Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2024
Аԥсны
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы аконсултә ҟәша аԥҵоуп

Анаркотикқәа раларҵәаразы аус

Иаанкылоуп Аԥсны арҩашьыгатә маҭәашьар аладырҵәоит ҳәа зыгәҩара рымаз ҩыџьа Таџьикистан атәылауааи урыстәылауаҩи.
Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭан иааныркылеит зыгәҩара рымаз ҩыџьа ауааԥсыра. 22 шықәса зхыҵуа Ҭемыр Наџьмидинов хаҭала иеимдараан азинхьчаратә усбарҭақәа идырбалеит аметадон згәылаԥсаз 91 еилаҳәара, абанкатә хсаалагақәа, адокументқәа, амобилтә ҭелқәа ҩба.
Аҩбатәи иаанкылоу, 21 шықәса зхыҵуа Хусеин Фатоев арҩашьыгатә маҭәашьар иеимаа иҭаҵаны иҵәахит. Иара имырхит 57 еилаҳәара, адокументқәеи амобилтә ҭели.
Арҩашьыгатә маҭәашьар згәылаз даҽа 39 еилаҳәареи, адокументқәеи, амобилтә ҭели, абанкатә хсаалагақәеи имырхит 19 шықәса зхыҵуа Шухрат Махмадизод.
Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2024
Аԥсны
Аԥсны арҩашьыгатә маҭәашьарқәа зҭиуаз хҩык аҳәаанырцәтәылауаа аанкылоуп

Азинеилагаҩ ишьҭоуп

Аҳәынҭқарра иахьчо, ареспубликатә ҟазшьа змоу абаҟа ааха аҭаразы Аҟәа апрокуратура ашьаус хацнаркит.
Машьынала Ахьӡ-аԥша апарк иқәлаз Назар Карданов иԥшаара рылаҳәоуп.
2024 шықәса ажьырныҳәа 16, асааҭ 02:15 рзы амилициа алеитенант еиҳабы Карданов арыжәтә ыжәны амашьына Toyota Crown Majesta ала Лакоба имҩаҟынтә Ахьӡ-аԥша апарк аҿы иҟоу амемориал аҵакыра дықәсны Аидгылара амҩахь дкылсны дыбналеит.
Назар Карданов - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2024
Аԥсны
Ахьӡ-аԥша апарк машьынала иқәлаз Аԥсны атәылауаҩ иԥшаара рылаҳәоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0