Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Амаининг хархәагақәа Ԥсоу аҳәаа рахыгара аԥырҟәҟәауп

© AP Photo / Steve HelberПоклонники, используемые для охлаждения биткойн-майнеров, подключаются к майнерам во время строительства биткойн-центра обработки данных в Вирджиния-Бич
Поклонники, используемые для охлаждения биткойн-майнеров, подключаются к майнерам во время строительства биткойн-центра обработки данных в Вирджиния-Бич - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсны аенергосистема ахьуашәшәыроу иахҟьаны акриптавалиута арҳара азин ыҟам. Уи азы иалагалоу аԥкрақәагьы аамҭа-аамҭала иацырҵоит.
АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Акриптоԥара арҳаразы амаинингқәа аԥсуа-аурыс ҳәааҟны ирымхын ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура.
Урыстәыла атәылауаҩ зыԥсҟы икыз автомашьына Honda аҟны ирбеит амодель "Whatsminer M50" иаҵанакуа х-маругак.
Административтә зинеилагараз аматериалқәа аҳазалхратә ҭҵаарақәа рыҟәшахьы инашьҭуп.
Аԥсны аиҳабыра ареспубликахь акриптоԥара арҳаразы ахархәагақәа ралагалара азин ааннакылеит 2020 шықәсазы. Уи ашьҭахь акырынтә аҿҳәара инахахьан. Уажәы 2024 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа аҿҳәара шьақәыргылоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0