Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акриптовалиута арҳаразы амаинингқәа хәба аԥсуа-аурыс ҳәаа ахыгараан ирымырхит

© Foto / ГТК АбхазииПять аппаратов для добычи криптовалют изъяли на абхазо-российской границе
Пять аппаратов для добычи криптовалют изъяли на абхазо-российской границе - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.02.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсны аиҳабыра рыӡбрала ареспубликахь акриптоԥара арҳаразы ахархәагақәа ралагалара азин аанкылоуп 2024 шықәсазынӡа.
АҞӘА, жәабран 2 – Sputnik. Аԥсны Аҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа акриптовалиута арҳаразы амаинингқәа хәба аԥсуа-аурыс ҳәаа ахыгараан ирымырхит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура.
Амаинингхархәагақәа автомашьына ВАЗ-21063 аидарҭаҵарҭаҿ иҭаз архьшәашәага иҭаҵәахын. Амашьына аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ.
Иааидкыланы иаарԥшын хә-аппаратк AvalonMiner 1346; акорпустә ԥшандагақәа хәба.
Административтә зинеилагараз аматериалқәа аҳазалхратә ҭҵаарақәа рыҟәшахьы инашьҭуп.
Аԥсны аиҳабыра ареспубликахь акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа ралагалара азин ааннакылеит 2024 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа 2023 шықәса ԥхынҷкәын 28 рзы ирыдыркылаз ақәҵара инақәыршәаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0