Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Даанкылоуп арҩашьыгатә маҭәашьарқәа алазырҵәоз Аԥсны атәылауаҩы

© Sputnik / Томас Тхайцук Милиция Абхазии
Милиция Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.02.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. Аԥсны атәылауаҩ Асҭамыр Бганба даанкылоуп арҩашьыгатә маҭәашьарқәа алаирҵәоит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны, абри атәы аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
47 шықәса зхыҵуа Асҭамыр Бганба дааныркылеит Аҟәа араион ААИ агәаҭарҭатә ҭыԥ "Учхоз". Иара имырхит ҩ-ҭелк, уаҟа аметадон ахьышьҭеиҵоз аҭыԥқәа рсахьақәа ҭыхны ианын.
Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа иааныркылази ашаҳаҭцәеи алархәны Аҟәа, Аинрал Дбари Март 4-еи амҩадуқәа рыҟны ирԥшааит иҵәахыз аметадон згәылаԥсаз аилаҳәара хәыҷқәа.
Иара убас, Бганба дахьынхо Ҷанба имҩаду аҟны игылоу аҩны аимдараан иԥшаан "Макаров" итапанчеи ахеиқәыршәақәа жәбеи.
Асҭамыр Бганба даанкылоуп, ашьаус хацыркуп.
Оглашение приговора обвиняемым в подготовке теракта в общественной приемной ФСБ на Лубянке - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.01.2024
Аԥсны
Даанкылоуп Очамчыра инхо анаркотик рацәа здырбалаз ахаҵа
Ажәабжьқәа зегьы
0