Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа аҳәаанырцәтә агентцәа рзы азакәан апроект Апарламент ахь инаишьҭит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Апарламент ахь инаишьҭит "Аҳәаанырцәтә агентцәа раҳасабала аус зуа икоммерциатәым аиҿкаарақәеи ахазхаҿқәеи рзы" азакәан.
Азакәан апроект инақәыршәаны, иарбанзаалак аиҿкаара-зинтә форма змоу икоммерциатәым аиҿкаарақәеи ахазхаҿқәеи иҳәаанырцәтә агентцәоуп ҳәа иԥхьаӡатәуп урҭ аҳәаанырцәынтәи аԥара рзыршәозар, Аԥсны аполитикатә усура иалахәзар, рыхә зшәо рҭахрақәа ирықәшәо аусқәа нарыгӡозар.
Адокумент ишьақәнаргылоит аҳәаанырцәтә агент истатус аиура аԥҟара, урҭ ашәҟәынҵа ралаҵареи ма ралхреи, рыстатус ирыднаҵо ахыдҵақәеи аԥкрақәеи, аполитикаҿы усс инарыгӡои. Аҳәаанырцәтә агентцәа рзы Аԥсны азакәанԥҵара аиалагаразы административтә, ашьаустә ма даҽа хьырхәра хкык азԥхьагәаҭоуп.
Иҳәаанырцәтә агентцәоуп ҳәа иршьо икоммерциатәым аиҿкаарақәа ашәҟәы ианнаҵалоит Аиустициа аминистрра.
Ажәабжьқәа зегьы
0