Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Беслан Џьопуа иҳәеит ҭырқәтәылатәи амшынуаа ирԥырхагахаз азы гәҩарас иҟоу

© Sputnik / Марианна Кубрава Батал Джопуа
Батал Джопуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2024
Анапаҵаҩра
Арыцҳара ҟалеит ахәаша ахәылбаҿха, жәабран 16 рзы. Ԥшьҩык Гагратәи ахәшәтәырҭахь инаргеит, аҳақьымцәа урҭ ргәабзиара ҭышәындыртәалеит. Даҽа хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Ҭырқәтәылатәи аԥсыӡкыгаӷба аԥсры аҟны ибаахьаз аԥсыӡ иахылҵуаз агаз аԥсыӡкыҩцәа ахәаҽит ҳәа агәаанагара ыҟоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
Иара иҳәеит, ари еиқәшаҳаҭрыла аҭыԥантәи аԥсыӡ аусадуларатә зауад аҟны аус зуа ҭырқәтәылатәи аӷбақәа ишыруаку, ара ишыҟоу аԥсыӡкра ианалагаз инаркны - 2023 шықәсаахыс. Ари аԥсыӡкыгаӷба аекипаж 20-ҩык ыҟоуп.
Џьопуа иажәақәа рыла, арҭ аԥсыӡкыгаӷбақәа Ҭырқәтәыла амшынқәыԥшылараҿ аус руеит, аԥсры аҟны аԥсыӡ ҭарҵоит азауадқәа ирырҭарц. Аԥсны ианыҟоу уа иҵарбаҟа иаркуп. Иркуа аԥсыӡ амҩангаҩцәа имҩаныргоит. Убри аҟнытә, ҭырқәтәыла иркыз аԥсыӡ аԥсры аҟны иҭан иҵарбаҟаны.
Беслан Џьопуа иҳәеит, амшынуаа аԥсры рыӡәӡәарц шырӡбаз, ибаахьаз аԥсыӡ иахылҵуаз агаз ишахәаҽыз. Раԥхьа аӡәы ихдырра ицәыӡит, егьырҭ уи ицхыраараз иахьнеиз арыцҳара ҟалеит.
Ахәаша ахәылбаҿха, жәабран 16 рзы ԥшьҩык Гагратәи ахәшәтәырҭахь инаргеит, аҳақьымцәа урҭ ргәабзиара ҭышәындыртәалеит, аха макьана ргәабзиара иӷәӷәоу иҭышәынтәалоу ҳәа ирԥхьаӡоит. Ачымазцәа руаӡәк деиӷьхан апалатахь диаргеит.
Гагрская районная больница  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2024
Аԥсны
Аҳақьымцәа ҭырқәтәылатәи аԥсыӡкыҩцәа ргәабзиара ҭышәндыртәалеит
Ажәабжьқәа зегьы
0