Урыстәыла

Владимир Путин: Урыстәыла аҿиара астратегиатә мҩа иануп, иагьацәхьаҵуам

© Sputnik / Гавриил Григоров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИнтервью Владимира Путина гендиректору "России сегодня" Дмитрию Киселеву
Интервью Владимира Путина гендиректору России сегодня Дмитрию Киселеву - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2024
Анапаҵаҩра
Зегь раасҭа ихадоу ауаажәларра рҭахрақәа рықәшәароуп ҳәа иазиԥхьаӡоит Урыстәыла ахада Владимир Путин. Ажурналист Дмитри Киселиов аинтервиу иҭо, иара дрылацәажәеит иааиуа афышықәса рыҩныҵҟа имҩаԥгатәу аекономикатәи асоциалтәи усқәа, Урыстәыла аԥеиԥш, Мраҭашәареи иареи реизыҟазаашьа.
— Владимир Владимир-иԥа, ажәлар рахь анашьҭымҭа аныҟашәҵоз атриллионқәа "шәмаӷра иҵыжәгон", атәыла аҿиара аплан ҳәа иазгәашәҭазгьы џьашьахәуп: аҽа Урыстәылоуп, аҽа инфраструктуроуп, аҽа социалтә системоуп. Иуҳәар ауеит узеиԥхыӡша тәылоуп ҳәа. Аха ишәысымҭар ауам, шәара бзиа ижәбо Высоцки изҵаара: "Аԥарақәа абаҟоу, Зин?" Иҳамоума?
— Аԥхьа иргыланы аексперт еилазаара, аиҳабыратәи аҟазауаа, ахада иусбарҭа аусзуҩцәа русура ду иалҵшәаны еиҿыбаауп, еиқәыршәоуп. Зегьы абиуџьеттә ԥҟарра иақәшәоит. Аконсервативтә ҟазшьа рымоуп, избанзар експертцәақәак ахашәала еиҳа еиҳазароуп ҳәа иазырыԥхьаӡоит. Ус иагьыҟалароуп. Ус анакәха ахарџьқәагьы еиҳаны иарбатәын, избанзар уи шиашоу аекономикатә ҿиара ианыԥшроуп. Иааидкыланы зегь иашоуп. 2018 шықәса рзгьы иазыԥхьагәаҳҭахьан аекономика, асоциалтә усхк аа-триллионк рзоужьра, уи ашьҭахь аныхрақәагьы ирыцаҳҵеит. Сгәанала, ҳекспертцәа-оптимистцәа ишырҳәо иҟалар, иарбоу зегь маншәалахоит, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рахь аныхрақәа ҳарҭбаар алшоит.
— Ҳазлацәажәо иааиуа афышықәсатә аамҭахҵәахоуп?
— Ус ауп. Ҳазлацәажәо иааиуа афышықәсатә аамҭахҵәахоуп. Уажәы ҳара хышықәсатәи абиуџьет шьақәҳаргылоит, аха анашьҭымҭа анҳархиоз еиҳа ихадараны иҳаԥхьаӡоз, аԥыжәара заҳҭоз ахырхарҭақәа рхашәалеи рхарџьи аганахь ишьҭаҳамҵеит, ҳазхәыцит.
— Иҟоуп иџьоушьаша апроектқәа. Иаҳҳәап амҩаду Шәача — Џьубга. 130 километра рҟынтәи 90 километра — тоннельқәоуп, иаанхаз цҳахозар акәхап, аԥсабаратә ҭагылазаашьа уахәаԥшуазар. Х-миллиардк… аԥхьатәи ахышықәса рзы иныххоит миллиардки бжаки. Амҩаду 2030 шықәса рзы иазырхиахоит ҳәа азыԥхьагәаҭоуп. Иабанӡаҭаху ари иахьазы?
— Амҩаду ауаа рзы ихымԥадатәиуп. Ҭаацәала Шәачаҟа ицоит ауаа машьынала. Ахәыҷқәа рыцуп. Геленџьик ма Новороссииск иаангылоит, избанзар амҩа уадаҩуп. Ҳазхәыцуеит авариантқәа еиуеиԥшымкәа. Мышқәак рнаҩс ҳаилацәажәараны ҳаҟоуп. Аԥхьа Џьубганӡа иҟаҳҵару, Џьубга инаркны Шәачанӡа иҟаҳҵару ҳәа ҳхәыцуеит. Иҟоуп етап-етапла иҟаҵазар еиӷьуп ҳәа изшьо, иҟоуп зегь аамҭак ала иҟаҵатәуп ҳәа изыԥхьаӡо, ус акәымхар Џьубга инаркны Шәачанӡа аивысра уадаҩхоит. Уахәаԥшуазар Новороссииск инаркны аԥхьатәи ахәҭа цәгьам аха иҭшәоуп. Шәачанӡа усеиԥш иҟаҳҵар, амҩа ҭшәахоит. Уажәгьы иманшәалаӡам. Цқьа ҳазхәыцроуп. Аҟазауаа адҳаԥхьалоит. Аха аҟаҵара хымԥадатәиуп. Ҳәарада апроект ахә шьатәуп, афинанстә планқәа ирҭагӡатәуп. Раԥхьа игылоу ауаа ринтересқәа роуп. Атәыла аладатәи ахәҭа аҿиара аҵакы амоуп.
Интервью Владимира Путина гендиректору России сегодня Дмитрию Киселеву - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2024
Урыстәыла
Путин: Урыстәыла амҩеихысырҭаҿ игылаӡам, аҿиара астратегиа мҩа иануп
— Асеиԥш иҟоу аинвестициақәа мҩаԥааго ҳҟалазар, ҳтәыла абеиахара иаҿуп. Аибашьра цоит, 15 000 рҟынӡа санкциа ҳадҟаҵалоуп – ҳара аӷарра аԥыхраз ауснагӡатәқәа ҳадаҳкылоит. Игәаӷьыуацәаӡами?
— Мап. Ҳазыхынҳәып ари амҩа – аиҳабыра алахәылацәа санрацәажәоз, афинансқәа рминистрра еснагь еиԥш икуп, уи азы аныхрақәа аконсервативтә ҟазшьала ирызнеиуеит, аха ус шакәугьы, аминистр иҳәеит ари амҩа аргылара иаҿагылоу уаанӡа уи ианымсыц роуп ҳәа. Дагьиашоуп. Иззыҟаҳҵо ауаа рзоуп. Абеиара атәы акәзар – ҳекономика шеизҳауа зегьы ирбарҭоуп. Уи ус шакәу ҳара ҳакәӡам, жәларбжьаратәи аекономикатәии афинанстәии еиҿкаарақәа роуп аԥхьа изҳәаз. Ииашаҵәҟьаны, аахәаратә лшара аганахьала Германиа иаԥаагеит, адунеи аекономика дуқәа рыбжьара ахәбатәи аҭыԥ наҳкылеит. Германиа аекономика ииасыз ашықәс азы еиҵахазар, ҳара ҳтәы иазҳаит (3,6%). Иапониа аекономика маҷӡак иазҳаит. Асеиԥш аусқәа цар, хара имгакәа Иапониагьы иаԥыганы аԥшьбатәи аҭыԥ ахь ҳнеир ауеит. Аха ара иҳәатәуп ҳекономикақәа рхаҭабзиара аиԥшымзаара шамоу. Аахәаратә хышәаҵышәала ахәбатәи аҭыԥ ҳамоуп, аха ахаҭалатә аахәарала аус здааулаша ыҟоуп. Ари актәи. Аҩбатәи: аструктура ахаҭа еиҳа хра аманы, аамҭа иақәшәо, аинновациатә ҟазшьа аманы еиҿкаатәуп. Ахашәалақәа ракәзар - ирбага бзиоуп. Аекономика амҽхак аадырԥшуеит, ашәахтә системала аҳәынҭқарра астратегиатә усқәа рымҩаԥгаразы аԥара аиуеит. Ари аҿиаразы алшарақәа ҟанаҵоит.
Ҳагба: Урыстәыла идуӡӡоу ҳәынҭқарраны иаанхоит - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2024
Аԥсны
Ҳагба: Урыстәыла идуӡӡоу ҳәынҭқарраны иаанхоит
— Асанкциақәа ҳрылацәажәозар, иҟоуп изҳәо асанкциақәа рҿагылара иазырхоу аусбарҭа ҷыда аԥҵатәуп ҳәа. Усеиԥш акыр аԥҵахо иаҭахны иԥхьаӡаму?
— Иаҭахны иаҳшьом. Атәыла аиҳабыра, абанк хада, ашәарҭадаратә хеилак зегьы ҳахшыҩ еилаҵаны ҳазхәыцуеит, анализ рзаауеит ҳаӷацәа иҟарҵо. Имаҷӡам аполитика ма аибашьра ишадырҳәалогьы аконкуренциа рмоураз иаларгало.
— Ицқьам, ииашам аконкуренциаз.
— Ааи, ицқьам, ииашам аконкуренциаз. Иҟарҵо аполитика ма аибашьра ишадырҳәалогьы. Аха ишԥаҟаҳҵари. Ҳҽанҳарнаалоит. Ибзианы еилаҳкаауеит зыҟны аус ҳамоу. Ҳусқәа ирныԥшуеит.
— Мраҭашәара ацәгьахәыцрақәа асанкциақәа рҳәаа мацара иҭаӡаӡом. Шәынашьҭымҭаҿынтәи ацитата: "Мраҭашәара аҽазышәара ҟанаҵоит абџьарла аицлабра ҳаланархәырц, 1980-тәи ашықәсқәа рзы СССР зланахалаз ҳаланахаларц". Ҳабанӡаӷәӷәоу ари аус аҿы?
— Ари аус аҿы иалагалоу мааҭк акәзаргьы ахаҳара аанашьҭроуп. Ииашаҵәҟьаны, СССР аамҭақәа раан аӡәгьы ахарџьқәа иԥхьаӡомызт, хра аманы аусурагьы иахылаԥшуамызт. Атәылахьчаратә харџьқәа атәыла азеиԥш хашәалаҟынтәи 13% иҟан. Ҳастатистика салакьысуам, Стокгольмтәи аинститут (адунеи апроблемақәа рыҭҵааразы Стокгольмтәи жәларбжьаратәи аинститут — аред.) адыррақәа срызхьаԥшуеит. Ииасыз ашықәс азы атәылахьчаратә харџьқәа 4% дыртәеит, сынтәа — 6,8%, 2,8% рыла еиҳауп. Аха Асовет Еидгылаҿ 13% ыҟазар, иахьатәи Урыстәылаҿ 6,8% ыҟоуп.
Иҳәатәуп атәылахьчаратә харџьқәа аекономика еиҳа ишдырцыхцыхуагьы аԥкырақәа рымоуп. Уи бзианы еилаҳкаауеит. Еснагь иҟоуп азҵаара: еиҳа ихәарҭоузеи – абзарбзан акәу, ахәша акәуу? Уигьы ҳазхәыцуеит, аха иахьатәи атәылахьчаратә усхк ааглыхреи аграждантә усхкқәеи анырра рыҭара адагьы аинновациақәа ахы ианархоит, нас урҭ аграждантә аалыҵ аҭыжьразы ихәарҭахоит. Ари акрызҵазкуоуп.
Президент РФ В. Путин провел встречу с судьями Конституционного суда РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.12.2023
Урыстәыла
Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Мраҭашәара ирҭахы-ирҭахым Урыстәыла агәаанагара иаххәыцлароуп ҳәа
— Владимир Владимир-иԥа, ажәа "аиашара" — аурыс бызшәаҿы амагиатә ҟазшьа амоуп. Шәара уи даара ишәраӡоит, аха шәынашьҭымҭаҿы ахархәара ашәҭеит. Амацәысеимҟьареиԥшгьы игеит. Ишәҳәеит Урыстәыла ашәахтә хьанҭара аихшара аиашара еиҳаны иаҭахуп ҳәа, аиҳабыра уи иазхәыцырц рыдышәҵеит. Иарбан хырхарҭоу изызхәыцтәу?
— Урыстәыла ашәахтә аихшара еиҳа ииашаны иҟазар шакәу жәдыруеит. Азеиԥшмилаҭтә усқәеи аӷарра аҿагылареи рҭагылазаашьа аӡбаразы акорпорациақәеи, аилахәырақәеи еиҳа зырҳауа ауааи абиуџьет ахь еиҳаны иршәалароуп.
— Апрогрессивтә шәахтә?
— Ааи, апрогрессивтә шәахтә. Уи иҵегьы инарҵауыланы аус адулатәуп азы азааҭгылара сҭахым. Иазырхиатәуп аҳәынҭқарра аҿаԥхьа иқәгылоу асоциалтә зҵаарақәа рыӡбра алзыршо асистема. Иазыԥхьагәаҳҭоит ахшара рацәа змоу ршәахтә еиҵатәра. Сгәанала ауаажәларра арҭ ашьаҿақәа рыдыркылоит. Абизнес акәзар Машәахтә система ҭышәныртәалахарц иҳаҳәоит. Аиҳабыреи адепутатцәеи ирыдҵоуп ажәадгалақәа аздырхиарц.
— Владимир Владимир-иԥа, апрогрессивтә шәахтә ала иаҳмыршәаӡои? Уаанӡа уи ҳацәшәонеи?
— Мап. Аиаша уҳәозар, уи асистема аус ауит. Иаҿагылоз рҟынтәгьы иахьа ирацәаҩуп иалк-алкны ашәахтәқәҵара иадгыло иалагаз.
— Шәынашьҭымҭаҟны аиҳабыра рҟынтәи шәколлегацәа ҭабуп ҳәа рашәҳәеит. Ари иаанагома алхрақәа рҟны шәаиааир Мишустин икабинет аилазаара еиқәхоит ҳәа?
— Уи алхрақәа рышьҭахь ауп ианалацәажәатәхо. Сгәанала, уажәазы изаауп, иагьиашам. Иааидкыланы ҳаиҳабыра аус руеит, рылҵшәақәа аабоит.
— Адунеи зегьы аҿы иҟоуп адемографиатә проблемақәа рыӡбашьаз ахԥатәи авариант –аиммиграциа. Арҭ иааиу афышықәса рыҩнуҵҟа уи зеиԥшрахозеи, ари аус аҿы асистемаркра иаанагозеи?
— Аусуцәа-иммигрантцәа ҳара ҳҿы ирацәаҩуп ҳәа узҳәом. Егьырҭ атәылақәа ирыҿурԥшуазар, 3,7% инаӡоит. Аха дара реиҳараҩык зекономика ҳараку арегионқәа рҿы рҽеизыркуеит. Арахь иаҵанакуеит Москватәи аобласт, Москва, Аҩада-Мраҭашәаратәи арегион. Уа ирацәаҩуп. Ҳәарада ари азҵаара азхьаԥшра аҭаххоит аҭыԥантәи амчрақәа рҿеиԥш арегионалтәии афедералтәии мчрақәа рҿгьы.
Иааидкыланы амиграциатә политика — аекономика аинструментқәа иреиуоуп. Ара егьырҭ атәылақәа рԥышәагьы иахәаԥшызар ауеит. Раԥхьа иргыланы иалацәажәатәуп ҳџьынџьуаа ррепатриациа. Иҟоуп ауаа Урыстәылаҟа анхара аиасра згәы иҭам, аха еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны урҭ рхәарҭара, рҟыбаҩ ҳтәыла аизҳазыӷьара иацхраауазар радыԥхьалара аҭахуп. Ас иҟоу ауаа гәахәарыла иҳадаҳкылоит. Аусуцәа-амигрантцәа ртәы ҳҳәозар, иазхәыцтәуп урҭ Урыстәылаҟа раара разырхиара аус. Иахьынтәаауа атәылақәеи ҳареи ҳаинырлароуп. Уи иаанаго аурыс бызшәа, атрадициақәа, акультура рҵароуп. Ҳауаажәларра ирылаӡҩароуп. Асанитартә нормақәа рықәныҟәара акәзар, ҳтәылауаа ршәарҭадароуп иззырхоу.
Ежегодная большая пресс-конференция президента РФ В. Путина - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2024
Урыстәыла
Песков ахҳәаа аиҭеит Владимир Путин Киселиов ииҭаз аинтервиу
— Иҟалап, аурысқәа адунеи аҟны реиҳа еиҟәшоу милаҭзар ҟалап. Урыстәыла аԥхьагылаҩцәеи шәареи шәеицәажәараан аӡәы иҳәеит Запорожиатәи аобласт аҿы ҳаиԥш зеиԥшыз аурысқәа аабеит ҳәа. Ҿыцаартыразшәа иҳәеит. Арегион ҿыцқәа, Одесса, аурыс қалақьқәа рҿгьы абри ахырхарҭала агәыӷрақәа ҳамоуп.
— Арҭ арегионқәа рҿы ауаа жәпа нхоит. Донбасс аҿиара змоу регионуп. Асовет Еидгыла алагалақәа хәшьара узрыҭаӡом. Уа зегь рыҩаӡара ҳаракын. Ҳәарада, уажәы аинвестициақәа аҭаххоит ауаа рыԥсҭазаара аиӷьтәразы, рынхашьа аиҭакразы.
Новороссиа арегион акәзар, қыҭанхамҩатә регионуп. Иалшо зегь ҟаҳҵоит итрадициатәу анхашәа еиԥымҟьарц. Уа инхо ауаа аҟыбаҩ ҷыц рылоуп. Иахьазы афедералтә биуџьет ахь ашәахтәқәа аауеит.
Иахьатәи амш азы ацхыраара рҭахуп, азеиԥшреспубликатә, азеиԥшфедералтә ҩаӡарахь икылгатәуп, аха уи иаԥсоуп, иагьалдыршоит аамҭа рацәа мгакәа.
— Идыру акоуп анацисттә режимқәа рхала ишмыӡуа. Германиа, Италиа, Иапониа еибашьрыла ириааитәхеит. Еибашьрыла иаиааитәхоит бандератә-нацисттә режимгьы. Уажәы афронт ацәаҳәақәа зегьы рҿы ԥхьаҟацара ҳамоуп, аха убри аан ажәыларақәа раан ҳаибашьцәа иахьынӡалшо реиҷаҳара, реиқәырхара ахьынӡалшаша азҵаара ҵарны иқәгылоуп.
— Азҵаара ҳәарада иаҭаху зҵаароуп аха аҭакгьы мариоуп. Иазырҳатәуп ахархәара зырҭо абџьар хра аманы аҟазаара, амчхара. Авиациа атактикатә, аибашьыгатә, астратегиатә ҟазшьа ҳарактәуп. Арахь иаҵанакуеит икылкаан ихысуа абџьаргьы, артиллериагьы, акәылӡтехникагьы. Аиашаз ари аус аҿы маҷк ҳашьшьылаҳауп.
Церемония вручения золотых медалей Герой труда РФ и знаков лауреатов госпремий РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2024
Урыстәыла
Путин: америкатәи архәҭақәа Украина ицәырҵыр иқәылаҩцәаны иҳаԥхьаӡоит
— Владимир Владимир-иԥа, америкаа аиҿцәажәарақәа ирылацәажәошәа иаҿуп, аха убри аан Урыстәыла астратегиатә ааха аҭатәуп, иаҵархатәуп рҳәоит. Ҳара ҳакәзар, аиҿцәажәарақәа ҳарзыхиоуп ҳҳәоит. Иҟалома аиҿцәажәарақәа?
— Ҳара аиҿцәажәарақәа ахаангьы мап рцәаҳамкӡацт.
— Владимир Владимир-иԥа, даара ҳаамысҭашәазар ҟалап. Ҳаиҭаржьар? Ҳара ламысцқьала ҳныҟәеит, аха дара еснагь аиԥш ҳаиҭаржьахит, лахьынҵаны иҳамазар ҟаларын ҳәа аҳәара ҳақәшәар? 90-тәи ашықәсқәа раан америкаа "Аибашьра хьшәашәаҿы" иргаз аиааиразы амедалқәа анырчаԥа аахыс ицаз аамҭа зегьы мыцла ишеибаркыз ҳдыруеит. Уажә урҭ рыламыс рԥырхагахоит ҳәа изаҳшьари? Ирҳәо агәра жәгаҵәҟьома?
— Сара аӡәгьы игәра згаӡом. Аха ҳара ахәдықәҵара ҳамазароуп. Ашәҟәы ианҵаны, иаҳнаалартә аиԥш. иҟалап макьаназ изаацәазар урҭ зеиԥшрахашаз азы ацәажәара, аха иаахҵәаны исҳәоит – ажәа ҭацәқәа, ҵа змам агәыӷрақәа ҳадаҳкылом.
— Инарҭбааны шәажәақәа еиҭарҳәар ҳәа сшәоит. Зынӡа аӡәгьы игәра шәымгоу Мраҭашәаратәи ҳпартниорцәа мацара ракәу зыӡбахә шәымоу?
— Афактқәа ҵаҵӷәыс исымазар бзиа избоит. Абашацәажәара ҵаҵӷәыдоуп. Иарбанызаалак аӡбра анудукыло уҭакԥхықәрагьы ҳаракызароуп. Убри азы ҳтәыла аинтересқәа ирықәымшәо иарбанызаалак акы аҟаҵара ҟалаӡом.
— Убри аан Еиду аштатқәа рҟны алхрақәа рҽырзыҟарҵоит. Уа шәаргьы шәыргәалашәоит. Ареспубликатә партиа аума адемократцәа рпартиа аума ркандидатцәа рықәгыларақәа рҿы шәыхьӡ рымҳәакәа иауам. Америкатәи агазеҭқәеи ателехәаԥшратә жәабыжьқәеи рҿы изшәаҩсуам.
— Уи шԥа?
—Иаҳҳәап акандидатцәа руак ҳара ҳзы еиҳа деиӷьушәа анырҳәо. Аҳәаанырцәтәи ахада ҽа тәылак аҿы акандидат ҳара ҳзы дхәарҭоуп аниҳәо алхрақәа ахрылагалара ауп иаанаго. Америкатәи алхрақәа шәхы абанӡарылажәгало, Баиден ҳара ҳзы еиҳа еиӷьаушьаша иоуп ҳәа анышәҳәо? Ари иаанаго аҵәылаҵраа аума?
— Сара сгәаԥхарақәа рҽырыԥсахӡом. Алхрақәа ракәзар ҳус рылаҳҵаӡом. Изныкымкәа ишысҳәахьо аиԥш дарбанызаалак америкатәи ажәлар, америкатәи алхыҩцәа иргәаԥхаз аус ицаауеит. Трамп аҵыхәтәантәи иусуратә аамҭазы Баиден еиҳа дысгәаԥхошәа иҳәон. Ҳаицәажәарақәа руак аан, ԥшьышықәсаҟа раԥхьа дсазҵааит "ацәа иалоу Џьо иоума иуҭаху?" ҳәа. Аха нас иџьоушьаша, иара ихаҭа сара дсыдҳәаланы ишьҭазаара иалагеит. Иахьатәи алхратә ҭагылазаашьа акәзар, ацивилизациатә хаҿра ацәыӡуп. Хҳәаак ҟасҵар сҭахӡам, аха зегьы ирбарҭахо иалагеит америкатәи аполитиатә система адемократиара ацәыӡуа ишалагаз.
Флаг у здания посольства США в Российской Федерации на площади Донецкой Народной Республики в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2024
Урыстәыла
Путин: ЕАА рҟны имҩаԥысуа ахада иалхрақәа Урыстәыла аҽаланагалаӡом
– Владимир Владимир-иԥа, Ельцин данықәҵуаз аламҭалаз, кандидатс шәҟаларц аншәыдигала, "Сазыхиаӡам" шәҳәеит.
– Ииашоуп.
– Уи аахыс акраамҭа цеит. Иахьа усҟантәи шәара ашәҟәы изынашәышьҭуазар, атекст зеиԥшрахоз?
– Акрал Артур иаҳҭынраҿы ианкираа иреиԥшхоит. Ари азҵаара даҽа аамҭак азы иқәыргылан. Усҟантәи атәыла аҭоурыхтәи аекономикатәи аҭагылазаашьа ирыцраҳәан. Уи ауп "Сазыхиаӡам" ҳәа сзырҳәаз. Акы сацәшәаны акәӡам изысҳәаз, сҿаԥхьа ишьҭаз апроблемақәа роуп исзырҳәаз. Гәыкалаҵәҟьа исҳәеит. Еицәаз ҟасҵар ҳәа сшәеит. Уи аамҭахь схынҳәуазар, еиҭасҳәон.
– Нас шәақәзыршаҳаҭи?
– Борис Николаи-иԥа иҿцәажәара. Усҟан ус сеиҳәеит: "Уеилыскаауеит. Ари азҵаара ҳаиҭазыхынҳәуеит". Ииашаны, изныкымкәагьы ҳазыхынҳәит. "Аԥышәа исымоу иҟасҵо снардыруеит" иҳәеит аҵыхәтәан. Схы сырҽхәом, аха сгәы азҭеиҵеит. Аусура саналага, саланахалеит. Уи даҽа ҭоурыхуп.
– Уажәшьҭа ашәараз аамҭагьы ыҟамзар ҟалап?
– Ашәара акәӡам аус злоу, уҿаԥхьа иқәгылоу аусқәа рынагӡараз улшароуп ихадароу. 1999-тәи ашықәс зеиԥшраз шәаргьы ижәдыруеит.
–Ленинградтәи ауниверситет аҭалара атәы зны шәалацәажәо ишәҳәеит еиҭакра аамҭахеит са сзы ҳәа: ма сҭалоит ма саҵахеит ҳәа, избанзар шәара ишәыгәҭакын хымԥада амаҵзура ҷыдақәа рҿы аусура. Ва-банк ҳәа шырҳәо иҟан шәҭагылазаашьа. Урыстәыла иахьа усеиԥш анырҳәо аамҭа аума иҟоу?
– Усҟан ашәарҭадаратә маҵзураҿы аусура сҭахын, аха даҽа ҭагылазаашьан.
– Аинститут аҭалара – ма абас ма арс ҳәа акәызма ишышәныруаз?
– Усҵәҟьа узазҳәом. "Аусура сҭахуп, уи азы иҟаҵатәузеи" ҳәа санҵаа ириеҳау аҵараиурҭа иалгатәуп, азиндырратә хырхарҭа еиҳа еиӷьуп, ма аррамаҵзура иахыстәуп ма хышықәса иреиҵамкәа аусуратә стаж аҭахуп ҳәа сарҳәеит. Ауниверситет сызҭамлазҭгьы арра сцон. Уи амҩа еиҳа иаухон схықәказы аха изуаз акәын.
Иуадаҩызма шәҭалара?
– Сара ахимиеи аматематикеи ирзырхаз ашкол сҭан. Ара агуманитартә маҭәарқәа сҵар акәын. Иҽакын. Имариамызт. Атәым бызшәа – анемец бызшәа ҵатәын.
– Урыстәылагьы иахьа ма арс, ма анс ҳәа анырҳәо иеиԥшуп.
– Урыстәыла аҿиара астратегиатә мҩа иануп, иагьацәхьаҵуам.
Президент РФ В. Путин принял участие в заседании коллегии Минобороны РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.01.2024
Урыстәыла
Путин иҳаҩсыз ашықәс алҵшәа хада арбану иҳәеит
– Урыстәыла адагьы адунеи зегьы аҿы миллиардла ауаа рԥеиԥш шәадырҳәалоит, аиашара, аҳаҭыр-апату рыхьчаҩ шәакәны ишәыхәаԥшуеит. Иуадаҩӡами шәҟәаҟәа иқәу аҭакԥхықәра аҵагылара?
– Иаартны исҳәоит – мап. Урыстәыла аинтересқәа рымаҵ зуеит. Сыжәлар рымаҵ зуеит. Ишәҳәарц ишәҭаху еилыскаауеит, аха ауаа рлахьынҵақәа зыӡбо сакәны схы збаӡом. Урыстәыла аҿаԥхьа суал насыгӡоит. Егьырҭ атәылақәа ракәзар, ҳара ишаҳзыҟоу иаҿсырԥшуеит. Шәиашоуп, адунеи ауааԥсыра жәпаҩыла ҳара ҳҿы иҟаларызеишь ҳәа иахәаԥшуеит анышәҳәо. Ари аҵакы дууп. БРИКС ҳахьалахәу азы акәым, Африка атәылақәа ҳахьырҩызоу азы акәым. Ари шәышықәсала егьырҭ ажәларқәа иахьрықәыӷәӷәоз, Африка, Латинтәи Америка, Азиа ртәылақәа ахьеимырыжәжәоз ауп. Ахьыԥшымреи асуверенитети рзы ҳақәԥара дара ргәаҳәарақәагьы адырҳәалоит. Мраҭашәаратәи аелитақәа иҟоу шыҟоу иаанхар рҭахуп. Урҭ аԥара иашьцылахьеит, аӡәы иҟәаҟәа ақәтәара иашьцылахьеит. Аха зегьы ирдыруазароуп авампирцәагьы аамҭак шрымоу.
- Владимир Владимир-иԥа, зны ахәыҷқәа амца ишалыжәгаз атәы шәҳәеит. Уажәы амоҭацәа шәымоуп. Изеиԥшроузеи урҭ ирзыншәыжьырц ишәҭаху атәыла?
– Раԥхьа иргыланы афедералтә еизарахь иҟаҵаз анашьҭымҭаҿ иарбоу нагӡатәуп. Ҳапланқәа рацәоуп аекономика, аполитика рганахьала, анреи ахшареи, аҭаацәарақәа, атәанчаҩцәа адгылара рыҭара аусхкқәа рҿы. Аиҳабыратә абиԥара, ҳҳәынҭқарра ахыҵхырҭаҿы игылаз ацхыраара раҳҭароуп. Иҟаз аамҭа уадаҩқәа атәыла рылызгаз дара роуп. Урҭ ҳхашҭырц залшом, аха ҳтәыла уаҵәтәи амш зтәу ахәыҷқәа роуп. Ус анакәха, урҭ реизҳазыӷьараз апрограммақәа аус руроуп. Уи азы ирӷәӷәатәуп иахьатәи атехнологиақәа, аҭҵаарадырра, атехника, аинформациатә технологиақәа, иԥсабаратәым аинтеллект, аробототехника, агенетика шьаҭас измоу аекономика. Иара убасгьы ақыҭанхамҩа, атәылахьчара ашәарҭадара рус анҳарӷәӷәа уаҵәтәи амшгьы бзиахоит.
– Иҭабуп, Владимир Владимир-иԥа, иаашәырԥшуа агәрагара угәы шьҭнахуеит. Ақәҿиарақәа шәымаз шәусқәа зегьы рҿы.
– Иҭабуп.
– Иҭабуп.
Президент РФ В. Путин вручил Героям России медали Золотая Звезда - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2023
Урыстәыла
Путин Урыстәыла ан лмал аҭара аԥҟарақәа еиҭеикит
Ажәабжьқәа зегьы
0