Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа иирамш идиныҳәалеит

© Foto / Администрация Президента Республики Абхазия Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкрыа 15 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа иирамш идиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Иара иазгәеиҭеит Алықьса Ноча-иԥа ихьӡ хьтәы нбанла аԥсуа литература аҭоурых ишанылаз, ҳажәлар рдоуҳатә ҭынха иузаҟәымҭхо ишалоу философиатә ҵакылеи актуалра злоу аԥсҭазааратә проблемақәеи рыла ибеиоу ирҿиамҭақәа иҳәеит Бжьаниа.
Уи адагьы, атәыла ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Алықьса Гогәуа Аԥсны аинтересқәа рыхьчара акыр дшазааԥсахьоу.
"Шықәсырацәалатәи шәырҿиаратә мҩеи, есқьынгьы активла иаашәырԥшуа атәылауаҩратә позициеи, ааԥсарада Аԥсны аинтересқәа рыхьчареи ирыбзоураны Шәара ҳуаажәларра рыҩнуҵҟа аҳаҭыр ду шәаԥсаны шәҟалеит.  1988 шықәса раахыс, еиҳа аамҭақәа аныуадаҩыз, Шәара патриот иашаны шәызлаҟаз ала, напхгара ашәҭеит Аԥсны Жәлар Рфорум "Аидгылара". Ари аиҿкаара ихьыԥшым аԥсуа ҳәынҭқарра аиҭеираҟны аҵак дуӡӡа аман.  Шәара ахаангьы иреиӷьу аԥсуа милаҭтә ҵасқәеи ҳажәлар рзинқәеи рыхьчаразы шәгылан", - ҳәа инаҵишьит Бжьаниа.
Атәыла ахада Алықьса Гогәуа изеиӷьеишьеит агәабзиара, агәамч, ақәра ду, арҿиаратә гәазыҳәара, аԥхьаҟатәи аихьӡарақәа ирҿиараҿы.
Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа, аԥсуа шәҟәыҩҩы-апрозаик, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәыла, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, диит 1932 шықәса хәажәкыра 15 рзы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан.
Ажәабжьқәа зегьы
0