Выборы президента России - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2024
Урыстәыла ахада иалхрақәа

Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада иалхрақәа раан ибжьы иҭиит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 15 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада иалхраз аҽҳәараанӡатәи абжьыҭара ихы алаирхәит.
Абжьыҭара мҩаԥысит Аҟәа урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭаҿы. Хәажәкыра 17 рзы Аԥсны аҵакыраҿы абжьыҭараз алхырҭатә ҭыԥқәа аартхоит асааҭ 08:00 рзы.
Аԥсни Урыстәылеи еишьцәаҵас ҳаҟазар ауп иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
"Ҳара ҳаизыҟазаашьа шыҟоу жәдыруеит, Аԥсни Урыстәылеи, аус здаҳулаша азҵараақәа ыҟоуп, иаҳаӡбаз азҵаарақәа рацәоуп, еишьцәаҵас ҳаҟазар ауп", - ҳәа азгәеиҭеит иара Урыстәыла ахада аҿҳәараанӡатәи иалхраан ибжьы анеиҭа ашьҭахь.
Урыстәыла ахада иалхрақәа рҿы аҿҳәараанӡатәи абжьыҭираан рыбжьқәа арҭеит ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Александр Анқәаб, ахада Иусбарҭа ахантәаҩы Абессалом Кәарҷиа, Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы Сергеи Шамба.
Алхрақәа хымш ицалоит — хәажәкыра 15 инаркны 17 рҟынӡа. Хәажәкыра 15 асааҭ 17:31 рзы ауаа рааишьа 25% иартәеит.
Хәажәкыра 17 рзы Аԥсны аҵакыраҿы иаадыртуеит абжьыҭарақәа рзы алхратә ҭыԥқәа 30. Урыстәыла ахада далырхыр рылшоит урыстәылатәи атәылауаҩра змоу, абжьыҭара аҽны 18 шықәса зхыҵхьоу Аԥсны ауааԥсыра. Абжьыҭаразы ирымазароуп Урыстәыла атәылауаҩшәҟәы, аҿҳәара цахьазаргьы.
Ажәабжьқәа зегьы
0