Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Владимир Путин идиныҳәалеит Урыстәыла ахада иалхрақәа рҿы аиааира ахьигаз

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания и Радий Хабиров
Аслан Бжания и Радий Хабиров - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2024
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада иалхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 15-17 рзы.
АҞӘА, хәажәкыра 18 Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путин идиныҳәалеит Урыстәыла ахада иалхрақәа рҿы аиааира ахьигаз. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
"Аԥсны иқәынхо ажәлар еицҿакны шәкандидатура иадгылеит, уи ҭоурыхлеи, доуҳалеи, культуралеи еибарку ҳаҩҳәынҭқаррак реиҩызареи русеицуреи ԥсахра шрықәым шьақәнарӷәӷәоит", – ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Бжьаниа Путин изеиӷьеишьеит аманшәалара, анасыԥ, ажәҩан цқьа, аизҳазыӷьара.
Ажәабжьқәа зегьы
0