Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Какәбаа еиҭеиҳәеит адгьыл ақәаарыхразы Очамчыра ааԥынтәи аусурақәа шцо

Какәбаа еиҭеиҳәеит адгьыл ақәаарыхразы Очамчыра ааԥынтәи аусурақәа шцо
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион аҿы адгьыл ақәаарыхразы ааԥынтәи аусурақәа ирцашьоу, анхацәа рзы араион иаԥнаҵо алшарақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Ҭенгиз Какәбаа.
Араион аҟны аԥхьа хадаратәла зыдгьылқәа зцәаӷәо акарпыжә аазрыхуа Ԥақәашь, Баслахә, Аӡҩыбжьа, Кындыӷ, Лашькьындар уҳәа рынхацәа роуп ҳәа иҳәеит Какәбаа.
Иара иажәақәа рыла, Очамчыра араион аҟны ҩ-нызқь гектар рҟынӡа аџьықәреи аадрыхуеит, акарпыжә 100 гектар рҟынӡа. Какәбаа иазгәеиҭеит араион ахадара ҩ-миллион мааҭ шазоуныжьыз сынтәа еиуеиԥшым ахәаҷақәа рҟынтәи ахәшәтәрақәа рымҩаԥгареи алшара змам аҭаацәа хәыда-ԥсада рыдгьылқәа рзыцәаӷәареи рзы.
Араион аҟны гектарк адгьыл ацәаӷәара 5 500 мааҭ иаԥсоуп, ҵыԥхтәи ахәқәа макьаназы еиҭакрада иаанхоит ҳәа иҳәеит Какәбаа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0