Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Арма-ӷьырма иушьауҵазар": ашьаҵақәеи аԥхыӡқәеи ирыхҳәааны

CC0 / / Прохожий
Прохожий  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2024
Анапаҵаҩра
Ашьаҵақәа аԥхыӡқәа рҿы ҵакыс иаархәо далацәажәоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
"Узнысуа амҩақәа ушьаҵақәа рыда уаҩы издыруам" ҳәа саҳахьан зны. Уи агәаанагара садгылаҩуп. Ауаҩы ихаҵатәы-ишәҵатәы рацәак аџьабаа рымам, ирхом, ишьаҵақәа ширхо аҟара. Амра ԥхома, ақәа ауама зегь акоуп ­аԥшәмеи уи ишьаҵақәеи еимҩалацәоуп.
Ашьаҵақәа рҭоурых ахьтә
Аамҭақәа иргәылаку маӡоуп, иуадаҩуп раԥхьаӡа ашьаҵақәа ахьцәырҵыз аҭыԥ аӡбахә аҳәара. Амала аҵарауаа-апалеонтологцәа еиуеиԥшым аамҭақәа раан имҩаԥыргоз аҭҵаарақәа ирыбзоураны ишьақәыргылан ауаа ашьаҵақәа рышьарҵо ишалагаз 30 000 нызқь шықәса раԥхьа.
Аԥсуаа ҳшьаҵатәқәа урзааҭгылозар, урҭ реилазаараҿы иуԥылоит: аҟаԥҟаԥ, аҟармыгә, ажәцәеимаа, асахҭанеимаа, аимсы уҳәа убас иҵегьы. Еиқәыԥхьаӡаз рахьтә еиҳа ижәытәуп аҟаԥҟаԥ. Аҟаԥҟаԥ ашьхәа ҳаракқәа змаз, амҿы иалхыз аҳәса ршьаҵақәа роуп.
Иҳаҩсыз ашәышықәсақәа рзы зда ԥсыхәа ыҟамыз ашьаҵатәы уара иҟаумҵар, унапы иҵумхыр аӡәгьы иуиҭомызт. Аҟаԥҟаԥқәа аҩны ашьаҵаразы иҟарҵозҭгьы, иласхаразы ал иалырхуан. Амжәа иалырхуаз аҟаԥҟаԥ "анҭыҵга" ҳәа иашьҭан. Уи аҩнытәи аасҭа ирԥшӡаны, исахьарҩыраха иҟарҵон. Ас еиԥш аимаа ҳаракы зшьаҵаны ачараҿы икәашаз аԥҳәызба лыхьӡ хара инаҩуан.
Ажәцәеимаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2023
Ажәцәеимаа, асахҭанеимаа, аҟаԥҟаԥ: аԥсуаа ршьаҵатәазы згәаҭақәак
Ашьаҵақәеи аԥхыӡқәеи
Сеиҳабацәа ирҳәо саҳахьан аҩны шуԥссо аҩымсаг аӡәы ишьапы иахькьысыр, зшьапы иахькьысыз дааҳәны хынтә даӷрагылароуп, ус анакәымха, ашьаҵа ҿыц изаамхәо дҟалоит, дманшәалахом ҳәа.
Уажәшьҭа ҵаҟа иаазгарц сҭахуп ашьаҵақәа аԥхыӡқәа рҿы ҵакыс иаархәо атәы зҳәо згәаҭарақәак:
Ушьаҵақәа уцәырӷьычызшәа ԥхыӡла иубазар – аԥсҭазаараҿы аиҭакра бзиақәа ирызҳәоуп.
Аимаажәқәа удыргало ԥхыӡла иубар – узхысхьоу уадаҩрак уеиҭақәшәоит.
Ушьапы хтны аимаа ушьауҵо ԥхыӡла иубазар – насыԥдарак уақәшәоит.
Аҭыԥҳа аимаа ҿыцқәа дреиԥхыӡуазар – дук хара имгакәа лынасыԥ лыԥшаауеит.
Уеимаақәа ррыцқьара уеиԥхыӡыр – ус бааԥсык уаиааиуеит.
Аимаақәа арма-ӷьырма рышьаҵара – аус аҿы аҳәоуеиқәымшәара иатәуп.
Аимаа ҿыцқәа раахәара – амҩа бзиа, аманшәалара иамааноуп.
Ԥхыӡла ашьаҵақәа ӡәӡәаны иургылозар – џьара ацара уқәшәоит.
Ԥхыӡла ицәааку аимаа ушьаҵаны уныҟәозар – агәамбзиара иазҳәоуп.
Аимаа ашьхәа аҵыҵны аиԥхыӡра – аԥараныхра иатәуп.
Иуцәхәыҷу аимаа мчыла ашьаҵара – уадаҩрақәак ирызҳәоуп.
Ԥхыӡла ушьаҵақәа урышьҭазар – угәы иҵхо зҵаарак аҟны аӡә дуцхраауеит.
"Аԥхыӡ бзиақәа жәбалааит!", "Шәыцәа ҭынчзааит, шәгәы раҳаҭзааит!" ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа.
Сон - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2023
Аԥсны
"Маҭәа ҿыцк уеиԥхыӡыр": аԥхыӡқәа рҿы амаҭәа ҵакыс иамоу
/Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун Витали Ҳараниа ишәҟәы "Ашацәа рылԥха"/.
Ажәабжьқәа зегьы
0