Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ахада Иусбарҭаҟны имҩаԥысит Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак раԥхьатәи аиԥылара

© SputnikСовет молодых ученых
Совет молодых ученых  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2024
Анапаҵаҩра
Сынтәа, ажьырныҳәамзазы Аԥсны ахада иҟны иаԥҵан Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак.
АҞӘА, мшаԥы 4 – Sputnik. Аслан Бжьаниеи Аҵарауаа ҿарацәа рхеилаки риеԥылара мҩаԥысит Аԥсны ахада Иусбарҭаҟны мшаԥы 4 рзы.
Аҵарауаа ҿарацәа аиԥылараҟны абарҭ аԥшьгамҭақәа рыла иқәгылеит:
Аҵарауаа ҿарацәа русура еиҳа активла АИХқәа рҟны ирылацәажәаларц, атәыла ахада исаит аҿы Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак иазку аҟәша ҷыда аԥҵазарц.
Аартра ҿыцқәа рзы гәазыҟаҵарак аҳасаб ала, аҵарауаа ҿарацәа рзы атәыла ахада иаԥхьахә аԥҵазарц.
Аҭҵаарадырратә еилазаара аҿиараз ихәарҭахараны иҟоу атехникатәи аинновациатәии усеицура аусхк аҟны Аԥсни Урыстәылеи русбарҭабжьаратә еиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩызарц.
Аҵарауаа ҿарацәа ацхыраара рызҭаша агрантқәа рзы ахада иҟны афонд аԥҵазарц.
Аҭоурых аицакра иаҿагылартә, аҭоурыхтә гәалашәара еиқәдырхарц, аобиективтә информациа иазықәԥарц азы алшарақәа роуразы аҵарауаа ҿарацәа аҭоурыхтә ҭҵаарадырра иалагалазарц.
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ҩынтәны ашәахтәқәҵара алмыршаразы аиқәшаҳаҭреи аекономикатә зҵаарақәа рҿы аӡбарҭақәа рыӡбрақәа разхаҵаразы аиқәшаҳаҭреи анапы рыҵаҩтәуп.
Аинвесторцәа атәыла радыԥхьаларазы ихымԥадатәиуп акриминогентә ҭагылазаашьа аус адулара, азакәанқәа рыԥсахрақәа рыпроцедуратә ҟазшьақәа рызҵаара аӡбара, "ихшыҩдоу" административтә ԥынгылақәа раԥыхра, аинфраструктуратә факторқәа реиӷьтәра.
"Иахьатәи аԥсуа" акультуратәи атрадициатәи беиарақәа илааӡара. 10-15 шықәса раԥхьа иныҟәыргоз аҵасқәа иахьа акырџьара аиаӡаара иаҿуп.
Акьыбачымазарақәа рҿагыларазы арккаратә усурақәа рымҩаԥгара.
Агәабзиарахьчараз азакәан аҟны инагӡаны аус рыдуылаӡам аҳақьым изинқәеи иҭакԥхықәрақәеи. Ариашарақәа алагалтәуп аҟазауаа русура еиҳа хра аманы иҟаларц азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0