Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Кобесова: Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара 2018 шықәса раахыс ахәаахәҭратә еикәшара 70% еизҳаит

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМонета номиналом 1 рубль и банкноты номиналом 2000 рублей и 5000 рублей.
Монета номиналом 1 рубль и банкноты номиналом 2000 рублей и 5000 рублей. - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 4 – Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара 2018 шықәса раахыс ахәаахәҭратә еикәшара 70% еизҳаит, 17,9 рҟынтәи 35 миллиард рҟынӡа ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова.
"Аҵыхәтәантәи ашықәс мацараз аилахәаахәҭратә еикәыршара 4,7 миллиард мааҭ, ма 16% иацлеит. Ари иаанарԥшуеит Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара абизнес қәҿиарала аинырра шыҟоу. Ҳәарада аҭыԥ амоуп аекспорти аимпорти реишьашәаламра. Урыстәылантәи Аԥсныҟа аимпорт 3,2 миллиард мааҭ шықәсык аҩнуҵҟала иацлазар, аекспорт – 1,5 миллиард мааҭ роуп иацлаз", - лҳәеит лара.
Кобесова лазгәаҭарала иҵоуроу адинамика шыҟац иаанхоит иааиуа ашықәсқәа рзгьы атуризм, ақыҭанхамҩа, аргылара, аусеиҭадуларатә ааглыхра русхкқәа рыҿиара азгәоуҭозар.
Урыстәылатәи аинвестор изы аинтерес рыҵаны иҟоуп ақыҭанхамҩа, атуризм, ааглыхра, ахәаахәҭра, аргылара, аимадара ҳәа лҳәоит Кобесова.
"Иарбан бизнесзаалак, иахьыҟоу атәыла иахьмырԥшкәа раԥхьа иргыланы ринтерес амоуп алагалахәҭақәа хра рыманы рыҟазаара. Уи зхьыԥшу ареспублика ирыднагалартә иҟоу алшарақәа роуп, азакәанеиҿкааратә нормақәа реиԥш аресурстә база аганахь алагьы", - лҳәоит лара.
Кобесова иахәҭаны илшьоит "Аинвестициақәа рзы" азакәан адкылара, урыстәылатәи абизнес Аԥсны адыԥхьаларазы.
"Аинвестициақәа рыхьчараз азакәан адкылара ахәҭаҿы ҳақәгәыӷуеит ари азакәан урыстәылатәи аинвесторцәа адгылара рнаҭап ҳәа. Урыстәылатәи аган азакәан аусбараҭтә еиқәшаҳаҭра иахысхьеит, аԥснытәи аган ахысраны иҟоуп", - ҳәа азгәалҭеит лара.
Лара лгәаанагарала, асеиԥш иҟоу азакәанқәа рзинтәхархәара апрактика аҷыдатә зхьаԥшра аҭахуп, избанзар урыстәылатәи инвесторцәақәак Аԥсны иҟарҵаз рлагалақәа анырцәыӡыз ахҭысқәа ҟалахьеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0