Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Авертолиот Ми-24 апилот иҭагылазаашьа атәы рҳәеит агабзиарахьчара аминистрра аҟны

© Sputnik / Леон Адлейба Капельница
Капельница  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иатәу Ми-24 Кациқыҭ аҳаблаҿы артәара рықәшәеит мшаԥы 2 рзы. Уаҟа иакәтәан хҩык аекипаж.
АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik. Зыртәара рықәшәаз авертолиот Ми-24 апилотцәа руаӡәк мышқәак рышьҭахь Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҟынтәи дылырҩаауеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзураҿы.
Анаҩс ихәшәтәра мҩаԥысуеит амбулатортә ҳасабла.
Аекипаж алахәылацәа даҽа аӡәы Агәыӡератәи агоспиталь дҭоуп.
Ахԥатәи мшаԥы 3 рзы Шәачатәи ахәшәтәырҭақәа руак ахь дыргеит. Уаҟа дԥырҟеит, макьана уа дышьҭоуп.
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иатәу Ми-24 Кациқыҭ аҳаблаҿы артәара рықәшәеит мшаԥы 2 рзы. Аекипаж алахәылацәа - Гьаргь Ԥачлиа, Витали Коренов, Едуард Мкртчиан. Заанаҵтәи адыррақәа рыла авертолиот аматериалтә хәҭа аангылеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0