Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Рада аҟны Украина аррахь амобилизациазы азакәан дырӷәӷәеит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФлаг Украины на здании Верховной рады в Киеве
Флаг Украины на здании Верховной рады в Киеве - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥымза 12 – Sputnik. Украина Арбџьармчқәа рахь ауаа рнаԥхьаразы иҟаз азакәан дырӷәӷәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Рада адепутат Иарослав Железниак шьаҭас дганы.

"Амобилизациаз азакәан апроект рыдкылоуп. Уи азы рыбжьы рҭиит 283-ҩык адепутатцәа", – ҳәа иҩуеит Железниак Telegram-канал аҿы.

Иаҿагыланы зыбжьы зҭииз аӡә дыҟоуп, рҽааныркылеит 49-ҩык. Абжьыҭира рҽацәхьаркит 18-ҩык адепутатцәа.
Адокумент хықәкыс иамоуп амобилизациа амҩаԥгара арӷәӷәара, иара убасгьы арра ацара мап ацәызкуа еиҳа имҽыӷны рахьырхәра. Апроект ҿыц аррамаҵзура ахысра зыхәҭоу украинаа 60 мшы рыҩнуҵҟа арратә комиссариатқәа рҟны ашәҟәы рыҽҭаргаларц рыднаҵоит.
Уи адагьы 18-60 шықәса ирҭоу атәылауаа арра-ҭаҩратә документқәа еснагь ирыцзароуп, иахәҭаны ианыршьо амчра амаҵзуҩцәа иддырбаларц азы. Анаԥхьара анашьҭра ҟалоит арра иргараны ишьоу ауаҩы иелектронтә кабинет ахархәарала.
Ажәабжьқәа зегьы
0