Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Гәынбеи Булисқьериаԥҳаи Аԥсны аҩнуҵҟа агастрольқәа ирызкны

Хра злоу ахҭысқәа: Гәынбеи Булискериаԥҳаи Аԥсны аҩныҵҟа агастрольқәа
Анапаҵаҩра
Шықәсырацәалатәи атрадициа иацнаҵоит Аԥсны акультура аминистрра. Агастрольтә план аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарратә коллективқәа рықәгыларақәа мҩаԥысуеит атәыла ақалақьқәеи араионқәеи рҟны.
Сынтәатәи агастрольқәа хацыркхоит Очамчыра. Аплан иарбоу ақәгыларақәеи, сынтәа иара иалагалоу аиҭакрақәеи, апрограммеи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы иалацәажәеит Акультура аминистрра иатәу акультуреи аҟазареи рыҟәша аспециалист хада Адамыр Гәынбеи Очамчыра араион ахадара акультура аҟәша аиҳабы Амра Булисқьериаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0