Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Ахба Аԥсны Жәлар рартист Нурбеи Камкьиа изкны

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Ахба Аԥсны Жәлар рартист Нурбеи Камкьиа изкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рартист, Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиорцәа аԥхьагылаҩцәа иреиуаз Нурбеи Камкьиа диижьҭеи 90 шықәса ҵит. Аҟаза ду арадио Sputnik аефир аҟны дигәалаиршәеит Аԥсныи Адыгатәылеи Зҽаԥсазтәыз артист Лаврик Ахба.
Нурбеи Ҭеимраз –иԥа диит мшаԥы 15 1934 шықәсазы Аӡҩыбжьа. Иара далгеит Қарҭтәи атеатртә институт, аус иуан Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Аҟәатәи акультура-арккаратә ҵараиурҭаҿы актиортә ҟазаразы алекциақәа дрыԥхьон, аус иуан Тҟәарчалтәи атеатр аҟны арежиссиор-қәыргылаҩс.
Аԥсуа театр асценаҿ Нурбеи Камкьиа қәҿиарала дыхәмарит: Анджело ("Анджело" В. Гиуго, 1959), Асланбеи ("Ашамҭаз" А. Лагәлаа, 1959), Тахи ("Ҳаамҭазтәи ахлымӡаах" Р. Ебралиӡе, 1961), Машьгәыгә ("Ҩаԥхьа ианышәҭуа" Гь. Гәыблиа, 1962), аминистр ("Аҳәынҭқар ҟьантаз" Е. Шварц, 1963), Ганс ("Иван-аԥсуа" М. Чамагәуа, 1963), Филипп ("Дон Карлос" Ф. Шиллер, 1971) уҳәа. Нурбеи Камкьиа Аԥсуа драматә театр иқәнаргылоз аспектакльқәа шамахамзар зегьы дрылахәын.
Иара иҽҭихуан акиносахьақәа рҟынгьы. 1975 шықәсазы иҭыхыз Владимир Савелиев ифильм "Хҭырԥа шкәакәа" аҟны Нурбеи Камкьиа ирҭеит ароль хадақәа руак. Уи сценаристс даман Баграт Шьынқәба ихаҭа. Актиор иҽҭихит афильмқәа "Время счастливых находок", "Жизнь и удивительные приключения Робинзона Крузо", "Чегемский детектив", "Пиры Валтасара, или ночь со Сталиным", иааидкыланы 22 киносахьа рҟны.
Нурбеи Камкьиа ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара, "Аџьа агәымшәараз" амедал. Актиор идунеи иԥсахит 2013 шықәсазы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0