Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҩ-тәылауаҩрак змоу Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи амашьынарныҟәцаратә зин рымазароуп

© Sputnik / Александр Сухов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНовое подразделение ГИБДД открылось в Мариуполе
Новое подразделение ГИБДД открылось в Мариуполе - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 18 – Sputnik. Ҩ-тәылауаҩрак змоу, мамзаргьы урыстәыла анхараз азин змоу Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи амашьынарныҟәцаратә зин рымазароуп Урыстәыла амашьына дырныҟәалартә еиԥш. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.
Аԥсахрақәа иалагалоу административтә аамҭаԥҵәа ҿыц урыстәыла атәылауаҩра змоу егьырҭ атәылақәа руааԥсыра зегьы ирзырхоуп ҳәа иҳәеит Аҳәынҭавтоинспекциатә усбарҭа Аҭаҩратә аԥышәаратә ҟәша аиҳабы Дамеи Аҩӡба.
Иара иазгәеиҭеит, Аԥсны атәылауаа рзы ишыҟоу ирмарианы урыстәылатәи амашьынарныҟәцаратә зин аиура. Иҿыцны аԥышәарақәа рыҭира аҭахӡам, аршаҳаҭга ҿыц рырҭоит аԥснытәи аршаҳаҭгақәа рышьаҭала.
Уи азы иарбанзаалак ГИБДД аҟәшаҿы урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы ма анхараз азини, амедицинатә ршаҳаҭгеи СНИЛС-и ноугароуп.
Ирмарианы аршаҳаҭгақәа роура ҟалоит 2025 шықәса мшаԥы 1 аҟынӡа. Аԥсны атәылауаа, урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы змам аԥснытәи амашьына арныҟәцараз аршаҳаҭгақәа рыла иныҟәалар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0