Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Амобилизациаз азакәан украинаа рзинқәа ршьапы иқәнаҟьоит ҳәа рҳәоит Урыстәала АдәАР аҟны

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЧастичная мобилизация в России
Частичная мобилизация в России - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 18 – Sputnik. Анапы зҵаҩу азакәан апроект украинаа рзинқәа ршьапы иқәнаҟьоит, Владимир Зеленски ауаа аҭахарахьы амҩа иқәиҵоит ҳәа лҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷыда Мариа Захарова.
"Зеленски мшаԥы 16 рзы Украина зегьы аҿы амобилизациа амҩаԥгара арӷәӷәаразы азакәан инапы аҵеиҩит, ари украинаа рзинқәа зегьы аҵәы рыхьнашьуеит. Азакәан анырра рнаҭоит зқьҩыла ауаа, УАМ алалара зҭахым, аибашьра зыгәҭакым, хатәгәаԥхаралагьы абџьар шьҭызымхуа. Зеленски ижәлар аибаҟәаҟәара иагәыдиҵоит", - лҳәеит Захарова абрифинг аҿы.
Адипломат иара убасгьы илҳәеит, амобилизациаз азакәан Украина иара усгьы уаацәшәартә иҟоу акоррупциа еиҳагьы иарҭбаауеит, ауаажәларра ракәзаргьы хымԥада еиҟәнашоит, убри аан Зеленски ирежим азы хәарҭара дук аҵам ҳәа.
Владимир Зеленски мшаԥы 16 рзы Украина амобилизациа амҩаԥгара арӷәӷәаразы азакәан инапы аҵеиҩит. Иара амчра аиуеит лаҵара 18 инаркны. Адокумент хықәкыс иамоуп амобилизациа амҩаԥгара арӷәӷәара, иара убасгьы арра ацара мап ацәызкуа еиҳа имҽыӷны рахьырхәра. Апроект ҿыц аррамаҵзура ахысра зыхәҭоу украинаа 60 мшы рыҩнуҵҟа арратә комиссариатқәа рҟны ашәҟәы рыҽҭаргаларц рыднаҵоит. Уи адагьы 18-60 шықәса ирҭоу атәылауаа арра-ҭаҩратә документқәа еснагь ирыцзароуп, иахәҭаны ианыршьо амчра амаҵзуҩцәа иддырбаларц азы. Анаԥхьара анашьҭра ҟалоит арра иргараны ишьоу ауаҩы иелектронтә кабинет ахархәарала. Убри аан иара иоуит ҳәа ирыԥхьаӡоит адокумент анапаҿы аркра шалымшаз азы аштамп анықәыргылаз арыцхә.
Азакәан аҿы иарбоуп аррамаҵзура иаҵанакуа арратә билеҭ еснагь иныҟәигаларц, арартә комиссариат ма аполициа русзуҩцәа рыдҵала идирбаларц. Уи мап ацәызкәуа амашьынарныҟәцара азингьы имырхыр алшоит. Адокумент аҿы иарбам амобилизациа аҿҳәара. Ари анорма азакәан иахьалырхыз депутатцәақәак агәынамӡара азаадырԥшит.
Сотрудник украинской полиции в Киеве - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.04.2024
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Киевтәи аполициа мчыла арратә комиссариат ахь инаргаз рхыԥхьаӡара атәы рҳәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0