Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Пицунда ирыԥшааит амаининг-ферма

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМайнинг криптовалют
Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсны аенергосистема ахьыуашәшәыроу иахҟьаны акриптавалиута арҳара азин ыҟам.
АҞӘА, мшаԥы 18 – Sputnik. Амаининг-ферма рыԥшааит Пицунда Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аҳәынҭстандарти русзуҩцәа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҩАР апресс-маҵзура.
Акриптоферма еиҿкаан Ацитрустә совхоз аҳаблан Андруш Вартан-иԥа Кароиан ихатәы ҩны аҟны.
Амаининг азы ахархәагақәа 20 цыра ықәганы Аҳәынҭстандарт аашьҭаҵарҭахь инагоуп. Кароиан административтә ҭакԥхықәра иқәҵоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0