Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Еицырдыруа ахьыӡқәа: ателеоператор Мизан Ломиа

Еицырдыруа ахьыӡқәа: ателеоператор Мизан Ломиа
Анапаҵаҩра
Ателеоператор, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, "Агәымшәараз" амедал занашьоу Мизан Ломиа иахьа 60 шықәса ихыҵит.
Арадио Sputnik аефир аҟны Мизан Ломиа иира амш аҽны еиҭеиҳәеит иҭаацәараҿы дҳақьымхарц зҭахыз, Санкт-Петербург аԥышәара дшагхаз, раԥхьаӡа акәны акамера абла данҭаԥшы шаҟа ихыҵуаз, диплом ҟаԥшьыла дзылгаз иарбан ҵараиурҭоу, уа иоуз азанааҭ ихы ишаимырхәыз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аҭыхрақәа дышрылагаз, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба ҽнак данҭихуаз дзыниаз, иахьа гәазыҳәарас имоу.
Аефир ашьҭахь астудиа анҭыҵ Мизан Ломиа дԥышәарччо иҳәеит иахьагьы аҵара шиҵо, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет дышҭоу.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0