Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Агәабзиара иазеиӷьу": аџьмахши уи иалоу ахәарҭареи

© Sputnik / Томас ТхайцукАльпийские луга Ауадхары
Альпийские луга Ауадхары  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2024
Анапаҵаҩра
Ҳафатәқәа реилазаараҿы иалкаау аҭыԥ аанызкыло аџьмахш ахәарҭара атәы шәаԥхьарц шәыдылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ҳафатәқәа реилазаараҿы иалкаау аҭыԥ ааныркылоит ахшлыхқәа. Хьарала имаџьанамхарц аԥсуа нхацәа жәытә-натә аахыс ажәхьақәа, акамбашьхьақәа, аџьмахьақәа анырҵон. Аҵыхәтәантәиқәа рыӡбахә салацәажәарц сҽазысшәоит.
Аџьмақәа занырҵо еиҳарак ржьи рыхши рзоуп. Аԥсны аларҵәара амоуп аԥсуаџьма захьӡу ахкыжәла. Идухоит, ршьамхы ҵаруп. Аџьма анануҵа, аџьмаҭра иҭакны ма хкаарала иузааӡом. Ахылаԥшра рҭахуп, аҳәырҭақәа рымазароуп. Аџьма бзиа иабоит ицқьоу аҳаскьын ҿа. Арахә ахьзымнеиуа икыдланы, иазхаша аҳаскьын аԥшаауеит. Аҳаскьын ишашьҭоу абахәқәа, ацаҟьақәа ирҿалоит.
Изготовление сыра - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2019
"Асар рымҩашәа шәыҿиааит": Џьабран – аԥсаса рныҳәара
Аџьмақәа хыларԥшрада ацәгьа руеит, аанда иахыԥаны ахкаарақәа ирҭалоит, "амтәа-мгылара" ршьа иалоуп. Убри аҟнытә аџьмахьча дрыцымкәа рбара ауадаҩ ацуп.
Аџьмахш
Аџьмақәа рыҟазшьа хԥаразаргь, ирымҵуа ахш иалоу аферментқәа ауаҩы игәабзиара иазеиӷьуп. Аимҳәеи убас акыр ачымазарақәеи ирыхәшәуп. Аџьмахш азҩыдара наукалагьы иҭырҵаахьеит. Лымкаала ахәыҷқәа ргәабзиара арӷәӷәоит. Ажәхш аасҭа ирхаҳауеит, аллергиа рнаҭом.
Англиатәи аҳақьымцәа рыла имҩаԥгаз аҭҵаарақәа иднарбеит: "Ауаҩы дани инаркны ҩажәеи хәба шықәсанӡа мышк ҵәыцак азна аџьмахш ижәуазар, ибаҩқәа арӷәӷәоит. Иуаҩыбжара данахыслакгьы абаҩчымазарақәа ичычаӡом" ҳәа.
Аџьмашша
Ахәарҭара аганахьала аџьмахш иаадҩыло иҟоуп аџьмашшагьы. Ахьҭа злалаз изыҳәан еиӷьу хәшәы ыҟаӡам. Уи ирӡыҭны ачымазаҩ игәышԥы, ихәда, ибӷа, инапқәа ирхьыршьуан. Аимҳәа ианаргәамҵуаз ахшца амҳаҵә ду азна аџьмашша хҵаны иржәуан.
Ачымазаҩ илалаз ахьҭа илырцаразы мҳаҵә дук азна ацхеи аџьмашшеи литрабжак аџьмахш аҟны еиларҩынтны агәараҳәа еиладыршуан. Мышкахь хынтә-ԥшьынтә идыржәуан, иҟәанданы.
Аџьымшьы рссаны (мамзаргьы икылхны), идырӡҭыз аџьмашша иаларҵон, нас ибзиан иааиларҩынтны, ачымазаҩ аимҳәа зыхьуа игәышԥы иахьыршьуан данышьҭало аламҭалаз.
Погода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.08.2023
"Ахәра зырӷьо": ахәырбӷьыци жәлар рмедицинеи
Азгәаҭарақәа рахьтә
Ҳаԥсҭазаараҟны ан илхымшац аӡәгьы ҳаҟам. Жәлар разгәаҭарақәа ишырҳәо ала зцәазтәым мыцхәы ахш лжәуазар, ииуа ахәыҷы дцәышхоит. Аџьма ажьы афара лҽадылцалозар, мгәаҭра иҭоу данилак, даныцәоу илақәа маҷк иаартызаауеит.
∕Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун С.М. Наҷҟьебиа лышәҟәы "Жәлар рмедицина алексика"∕.
Ажәабжьқәа зегьы
0