Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниеи Никарагуа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи еиԥылеит

© SputnikАдминистрация президента Абхазии
Администрация президента Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 20 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи еиԥылеит.
Дара 2024 шықәсазы адипломатиатә хыдҵақәа ирылацәажәеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Ладариа еиҭеиҳәеит Аԥсни Никарагуеи русеицура аизырҳаразы иҟоу ажәалагалақәа. Аҳәынҭқарра ахада урҭ узызҿлымҳаша акоуп ҳәа рхиҳәааит.
Ажәабжьқәа зегьы
0