Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко дидикылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВторой Абхазский медицинский форум открылся в Сухуме
Второй Абхазский медицинский форум открылся в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2024
Анапаҵаҩра
II Аԥснытәи амедицинатә форум мҩаԥысуеит Аҟәа мшаԥы 22-23 рзы. Афорум асас дахь иҳасабала далахәын Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко.
АҞӘА, мшаԥы 22 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла агәабзиарахьчара амимнистр Михаил Мурашко дидикылеит Иусбарҭаҟны, мшаԥы 22 рзы.
Мурашко иазгәеиҭеит 2023 шықәсазы Аԥсны 7,5 нызқьҩык ауааԥсыра Урыстәыла амедицинатә цхыраара рыҭан ҳәа. Урҭ рҟынтәи 104-ҩык — зтехнологиа ҳараку.
Иара иажәақәа рыла есышықәса Урыстәыла 45 миллион мааҭ азоунажьуеит иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа хәшәыла реиқәыршәаразы аиқәшаҳаҭра анагӡараз. Мурашко иара убасгьы иҳәеит иахьазы урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ишырҭо 144-ҩык Аԥсны атәылауаа.
Аслан Бжьаниа Михаил Мурашко ҭабуп ҳәа иеиҳәеит COVID-19 аантәи апандемиаз иҟаиҵаз ацхыраараз. Иара иажәақәа рыла атәылақәа еиныруан – Аԥсныҟа иаауан Урыстәыла аҳақьымцәа, ҩынтә аусура хнартит Атәылахьчара аминистрра агоспиталь.
"Арҭ аусқәа реихшьаалала игәоумҭарц залшом Аԥсны аковидаамҭатә ҭагылазаашьа аҳәынҭқаррақәа жәпакы рҿы аасҭа ишеиӷьыз. Уи зегьы шьаҭаны иазыҟоу урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирылгаз ҳҳақьымцәа хамегӡара русуроуп, шәара иаҳзыҟашәҵоз ацхыраароуп. Уи зегьы азы ҭабуп ҳәа шәаҳәара ҳарааԥсом", - ҳәа иҳәеит ахада.
Апандемиа аан Урыстәыла арегионқәа хәба рҟынтәи аҟазауаа Аԥсны аус руан ҳәа иҳәеит Мурашко. Аҳақьымцәа азона "ҟаԥшь" аҟны аус руан, рхы ашәарҭара иҭаргыланы ауаа рыԥсҭазаарақәа еиқәдырхон.
"Ҳара ҳзы ҳҩызцәеи ҳашьцәеи рыцхыраара зегь раасҭа еиҳауп. Ибзиаӡаны еилаҳкаауан иҟаз аамҭаз ацхыраара шышәҭахыз, уи ауп ҳнапы зҳархаз", - ҳәа иҳәеит аминистр.
Иара агәыӷра ааирԥшит II Аԥснытәи амедфорум агәабзиара аусхк аҟны атәылақәа аҩба рыбжьара аусеицура аҿиара еиҳагьы иацнаҵап ҳәа.
"Апандемиа ашьҭахь алкаақәа ҟаҵатәны иҟоуп агәабзиарахьчара асистема арӷәӷәаразы, аԥхьатәи амедицинатә цхыраара аҟаҵаразы", - ҳәа иҳәеит Мурашко.
Аслан Бжьаниа Михаил Мурашко аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара ианеишьеит, ҭабуп ҳәа ахиҳәааит шәҩыла Аԥсны ауааԥсыра рыԥсҭазаарақәа реиқәырхаразы. Аганқәа аҳамҭақәа еимырдеит.
Второй Абхазский медицинский форум открылся в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2024
Аԥсны
Аҩбатәи Аԥснытәи амедицинатә форум аатит Аҟәа
Ажәабжьқәа зегьы
0