Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: абаџьқәа, ахәқәа рышьҭыҵра, азин ҿыцқәа

© Sputnik / Александр Сухов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНовое подразделение ГИБДД открылось в Мариуполе
Новое подразделение ГИБДД открылось в Мариуполе - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2024
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik иазнархиеит мшаԥы 15-21 рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа рыхҳәаа.
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны иазгәарҭеит Апрокуратура хада аиубилеи, ареспубликаҿы аҭаҩра аԥҟарра ҿыцқәа ирылацәажәеит, ахәаахәҭырҭақәа ззин ыҟам атауарқәа рымазаара хылаԥшра арҭеит.

Автобусқәа рыла аныҟәара ахәԥса

Лаҵара 1 инаркны Аҟәа автобусла аныҟәара ахәԥса 10 мааҭк рҟынтәи 15 мааҭ рахь ихалоит. Ари аӡбра рыдыркылеит Аекономика аминистрраҟны, абылтәи автобусқәа рыхәҭақәеи рыхәԥсақәа ахьыҳаракхаз инадҳәаланы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәатәи автотранспорттә наплакы адиректор Леонид Шәлымба.
Иара иҳәеит, аиҳабыра ақалақьтә маршруттә таксиқәа рыла аныҟәараз ахәԥсагьы ашьҭыхра азҵаара ишалацәажәо. Абри аганахь ала макьана аӡбамҭа рыдрымкылацт.

Аҳәаа аилагаҩцәа

Аҳәаахьчаратә закәанԥҵара аилагаҩцәа 120-ҩык ааныркылеит 2024 шықәса актәи аԥшьбаразы Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзуреи Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭеи рмаҵзурауаа.
Закәаншьаҭада Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысразы хә-шьауск хацыркуп. Иарбоу аамҭазы закәаншьаҭада еиуеиԥшым аидарақәа аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа рахыгаразы аҽазышәарақәа жәаба аԥырҟәҟәаауп. Азакәанеилагаҩцәа 100 ҭоԥк аҭаҭынаалыҵ рымхәуп.
На российско-абхазской границе задержан БМВ с тайником - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.04.2024
Аԥсны
Аԥсны атәылауаҩ 600 ҭоԥ инарзынаԥшуа асигарет Урыстәылаҟа аиагара иҽазишәеит

Аҭаҩра аԥҟаррақәа

Ажьырныҳәа акы аахыс Аԥсны ирԥсахит аҳәаанырцәуааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи ашәҟәы рҭагалараз аԥҟаррақәа.
Аԥсахрақәа инарықәыршәаны:
Арҭ иарбоу ахаҿқәа иахьнеиз аҭыԥ аҿы ашәҟәы аҽанҵараан аҳәынҭбаџь аҳасаб ала 200 мааҭ ршәароуп ареспубликаҿы 14 уахи-ҽни иреиҳаны аангылара ргәы иҭазар.
Атуристцәеи аҵара зҵои рзы еиҳа ирмариоу аҭаҩра мҩаԥысуеит: актәиқәа анхарҭа ҭыԥқәа рҟны рыҟазаараан, аҩбатәиқәа – ареспублика аҵараҵаратә системаҿы аҽҭаҩраан.
Закәанла аангыларҭатә ҭыԥ абаџь аҳәынҭбиуџьет ахь анеира хылаԥшра анаҭалар ауп. Аамҭала ахатә секторқәа рҿы инхогьы ируалуп 14 мшы рышьҭахь Амиграциатә маҵзураҿы ашәҟәырҽанҵара. Абаџь ашәара ҟалоит Аԥсны иарбан банкзаалак аҿы.
Аԥсны аҳәаанырцәуаа рыҟазаара хылаԥшра анаҭоит Амиграциатә маҵзура.
Азакәан анормақәа реилагаразы ахараԥса ддыршәоит 4800 мааҭ инаркны 6000 рмааҭ рҟынӡа.
"Ари Аԥсныҟа аԥара ахшәааны аҭалара акәӡам иаанаго, иагькурорттә еизгараӡам, ари атәыла аҩнуҵаҟа имҩаԥырго процедуроуп. Аԥсны иҟазаара 14 мшы иахысыз аҳәаанырцәуаҩ иахәҭоу аусбарҭахь днеины дахьыҟоу аҭыӡҭазы адырра ҟаиҵароуп", - ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Амиграциатә маҵзура азинтә ҟәша аиҳабы Мадина Маанԥҳа.
Маанԥҳа лажәақәа рыла арҭ рҩызцәа аԥҟаррақәа уаанӡагьы иҟан. 2013 шықәса рзы абаџь 60 мааҭ рҟынтәи 200 мааҭ рахь ихалеит. ⠀
Уи адагьы ашәахтәҭагалара аҭахын хымш рышьҭахь, ҿҳәарасгьы мызкы арҭон. Уажәы урыстәылаа 90 уахи-ҽни аҿҳәара рыманы ашәҟәы рыҽҭаргалар ҟалоит, авиза ззыруа атәылақәа руааԥсыра – авиза аҿҳәараҟынӡа.
Миграционная служба РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.04.2024
Аԥсны
Аԥсны ирԥсахит аҳәаанырцәуааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи ашәҟәы рҭагалараз аԥҟаррақәа

Апрокуратура хада аиубилеи

Мшаԥы 15 рзы Аԥсны апрокуратура аусбарҭақәа 30 шықәса рхыҵит. Аиубилеитә уснагӡатә мҩаԥысит Аминистрцәа реилазаараҟны. Атәыла ахада Аслан Бжьаниа ареспублика ажәлар рыхьӡала апрокуратура аусзуҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит аҳәынҭқарра ашьақәгылараҿ рлагала ду азы. Ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аҭынчра, агымшәареи ачҳареи рус аҟны.
Урыстәыла апрокурор хада Игор Краснов ихьӡала иколлегацәа дрыдныҳәалеит Сергеи Григоренко.
"Иазысыԥхьаӡоит ҩ-ганктәи аусеицура ԥхьаҟагьы ацҵара, аизырҳара хымԥадоуп ҳәа, ҳаиашьаратә жәларқәа реизҳазыӷьаразы азеиԥш ҭоурых традициақәа ырҭбаалатәуп ҳәа" азгәаҭоуп адныҳәалараҿы.

Абгалаџқәа рышьра

Гал араион абгалаџқәеи ақәыџьмақәеи рышьра иалагеит, урҭ уажәааны аҩнатә ԥстәқәа рзы ашәарҭара ду рыҵоуп.
1500 мааҭ ршәоит абгалаџ азы, 2500 мааҭ – ақәыџьма азы. Аԥараиуразы аветеренартә маҵзурахьы инагатәуп ишьу абнаԥстәы алымҳа, ма аҵыхәа ҳәа лҳәеит "ГалМедиа" аинтервиу азҭаз араион аветеренар хада Лиана Џьгеренаиа.

Аԥҟарра ҿыцқәа

Ҩ-тәылауаҩрак змоу, мамзаргьы урыстәыла анхараз азин змоу Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи амашьынарныҟәцаратә зин рымазароуп Урыстәыла амашьына дырныҟәалартә еиԥш.
Ҿыцла аԥышәарақәа рыҭира аҭахӡам. Аршаҳаҭга ҿыц рырҭоит аԥснытәи аршаҳаҭгақәа рышьаҭала.
Уи азы Урыстәылатәи Афедерациа амҩатә ныҟәара ашәарҭадара азы Аҳәынҭқарратә Инспекциа (ГИБДД) иарбанзаалак аҟәшаҿы урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы, ма анхараз азини, амедицинатә ршаҳаҭгеи Хазхаҭалатәи ахаҿытә счиот аԥгаԥсатә номери (СНИЛС) ноугароуп. Ирмарианы аршаҳаҭгақәа роура ҟалоит 2025 шықәса, мшаԥымза 1 аҟынӡа.
Урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы змам Аԥсны атәылауаа аԥснытәи амашьына арныҟәцараз аршаҳаҭгақәа рыла иныҟәалар ҟалоит.

Ашәарҭадаратә ԥҟаррақәа реилагара

Аӡиа Риҵаҟа уназго амҩан иҟоу азиплаинқәа быжьба рҟынтәи акы заҵәык ауп ашәарҭадаратә ԥҟарақәа ирықәшәо.
Арҭ рыԥшәмацәа аӡәырҩы азин рымаӡам аргылараз, иҟаӡам агәҽанызааратә кыдҩылаақәа, иара убас ихкааӡам. Азиплаинқәа руак ашахатә лбаарҭа авольтҳарак цәаҳәақәа ирыҵсоит, даҽакгьы ашаха иаабац аӷәы иакуп. Аилагарақәа уаанӡагьы иаарԥшын, уажәы ҩаԥхьа агәаҭарақәа мҩаԥган.
Аҳәынҭстандарт араион ахадарахь аҳәара ҟанаҵараны иҟоуп, ашәарҭадараз иахәҭоу аусқәа мҩаԥыргаанӡа русура ааныркыларц ҳәа иҳәеит Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу азҭаз Аҳәынҭстандарт атехникатәи аенергетикатәи хылаԥшраз аусбарҭа аиҳабы Ерик Кәакәасқьыр.

Авеипқәа рзинҟамҵара

Амилициа аҟәатәи адәқьанқәа рҿы авеипқәа рҭиуоу ирымҭиуоу гәарҭеит. Аԥсны Аҩнуцҟатәи ауқәа рминистрра ауаажәларратә шәарҭадареи аекономикатә шәарҭадареи русзуҩцәеи амилициааи 104 веип рыԥшааит.
Убри аан аҭаҭынҭирҭа дәқьанқәа рҿы азакәан еиламгакәан аус руеит.
Авеипқәа ҳәа изышьҭоу аелектронтә сигаретқәа Аԥсныҟа раагара, реикәыршара, рӡыргара азин ыҟам хәажәкыра 1 аахыс. Ззин ыҟам атаур аџьармыкьа хада аҽхышәқәа рыҟны ирҭиуан.

Зықәра намӡац иганахь ала ацәгьамҩаԥгара

Аԥсны Ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы иану Мактина Џьынџьалԥҳа Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Апрокуратура хадеи рахь азыҳәа налышьҭит мшаԥымза 17 руха аҟәатәи АҩАР аҟәша аусзуҩцәа зықәра наӡам аҷкәын қәыԥш дзааныркылаз рҳәарц.
Аҷкәын иан лажәақәа рыла, ахәыҷы иганахьала амч рхы иадырхәеит ҳәа аҳәоит Аԥсны Ахәыҷы изинқәа рыхьчара Аппарат иҟанаҵаз аҳәамҭаҿы.
АҩАР ажәақәа шьаҭас иганы "Аԥсны Иахьа" иаҩуан зықәра наӡам Гамгьиа Г. И. азинхьчаратә усбарҭақәа иаалырҟьаны агәаҭарақәа анымҩаԥыргоз "иганахьала азҿлымҳара аадырԥшит" ҳәа. Иаанкылара рҽаназыршәоз аамҭазы аҷкәын мап рцәикит. Азинхьчаратә усбарҭаҟны ақәыԥш иаби иареи ирацәажәеит.
Иҟалаз ахҭыс азы аусуратә гәаҭара мҩаԥыргоит.
Мшаԥы 19 рзы Аҟәа апрокуратура ихацнаркит Гьаргь Гамгьиа иаанкылараз аинформациа аҭҵаара.
Асоциалтә ҳақәа рҿы иҟаз акьыԥхьымҭақәа рыла азинхьчаҩцәа рхымҩаԥгашьа амҽыӷра аҵан.
Агәаҭара аихшьаалақәа рыла аӡбамҭақәа рыдыркылоит ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада.

Амцхцәажәараз ашьаус

Аҳәынҭқарра-зинтә политиказ Апарламенттә еилакы амцхцәажәараз азакәан ахь ариашарақәа рыпроект иадымгылеит. Уажәы иара атәыла ахада Иусбарҭаҟынтә иаашьҭын.
Азакәан апроект иазгәанаҭоит:
Иаартны ақәгыларала, мамзаргьы амассатә информациа ахархәагақәа, ма аинформациа-телекоммуникациатә ҳақәа, асоциалтә ҳа "Интернет" уахь иналаҵаны ахархәарала имцырку ахцәажәара, даҽакала иуҳәозар ауаҩы иаҳаҭыр лазырҟәо, џьара акала ишьақәырӷәӷәам адыррақәа рыларҵәара азы ахьырхәра аҳасабала 200 нызықь мааҭ ахшәаарала 3 – 6 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара ақәҵара азԥхьагәанаҭоит.
Иарбоу азакәан апроект ала имцырку ахцәажәара азы ашьаустә ҭакԥхықәра аҟынтәи ахақәиҭрагьы азԥхьагәаҭоуп. Убас, ацәгьоура ҟазҵаз ауаҩы зыларҵәара мҩаԥигаз егьи ауаҩы иаҳаҭыр лазырҟәуа адыррақәа аҿаԥиҽзар, заҳаҭыр ларҟәыз ауаҩы дақәшаҳаҭзар, усҟан уи ашьаустә хьырхәра аҟынтәи дақәиҭыртәуеит.
Азакәан апроект алацәажәараан Апрокуратура хада ахаҭарнак Ҭамила Бигәааԥҳа атәыла ахада Иусбарҭа ажәалагалақәа адгылара рылҭеит, иахьатәи аредакциа аус ауам ҳәа азыԥхьаӡаны.
Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Аппарат аиҳабы лгәаанагарала ԥсахрақәак иарбанызаалак аинформациа аларҵәаразы ашьаус ахацыркрахь икылнагар ауеит.
Иара убасгьы иуадаҩуп ауаҩы еицазхарҵахьоу амораль, ацәаҩашәа реилагара шидрыԥхьаӡало аилыргара.
Азакәан аҿы валашьак амамкәа иарбазароуп азинеилагара ҳәа ишьатәу уи ҩ-гәаанагарак цәырнамгарц азы.
Аилатәара хыркәшо Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба иҳәеит ариашарақәа аус еиҭашрыдулатәу.
Ажәабжьқәа зегьы
0