Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҷолокәуа Аԥсуа театр Башкортосҭанҟа ацара иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҷолокуа Аԥсуа театр Башкортосҭанҟа ацара иазкны
Анапаҵаҩра
Уфа ақалақь аԥҵоижьҭеи 450 шықәса аҵра инамаданы Башкортосҭан лаҵара 16 инаркны 23-нӡа имҩаԥысран иҟоуп Амилаҭтә театрқәа аабатәи жәларбжьаратәи рфестиваль "Туганлык". Уахь ааԥхьара амоуп Аԥсуа драматә театр. Уфаҟа ацара иахьынӡазхиоу, иарбан қәыргыламҭоу ахәаԥшцәа ирыдыргало атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсуа драматә театр аиҳабы Алхас Ҷолокәуа.
Башкириатәи академиатә театр асценаҟны лаҵара 21 азы Аԥсуа драматә театр ахәаԥшцәа иддырбоит Адгәыр Ақаҩба иқәиргылаз Достоевски ироман "Ауаа ӷарцәа" амотивқәа рыла Семеновски испектакль "Агәхыхҩы".
"Иарбан театрзаалак аҟазара, анҭыҵ ицаны ақәыргыламҭақәа ахәаԥшцәа дырбара уи иреиҳау хықәкуп, убри аҟынтәи, ҳәара аҭахума, гәахәара дула иҳадаҳкылеит ас еиԥш ааԥхьара ахьҳауз. Аҽазыҟаҵарақәа цоит, уахь иаҳгараны иҟоу ақәыргыламҭа уажәааигәагьы ахәаԥшцәа идҳарбеит. Ажәакала иуҳәозар, ҳазхиоуп амҩа ақәлара", - иҳәеит Ҷолокәуа.
Башкортосҭан имҩаԥысуа Амилаҭтә театрқәа жәларбжьаратәи рфестиваль "Туганлык" аҟны иддырбараны иҟоуп ақәыргыламҭақәа 14, ҩба – аицлабра анҭыҵ. Аицлабратә программаҟны иҟалоит Ҟазахсҭан, Кыргызсҭан, Аԥсны, Ҭаҭарсҭан, Нхыҵ Уаԥстәыла-Аланиа, Даӷьсҭан, Тува, Мари Ел, Чувашиа, Калмыкиа рҟынтәи атеатрқәа рықәыргыламҭақәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0