Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбра аҟны амцакра ҟалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗдание Абхазского института гуманитарных
Здание Абхазского института гуманитарных - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 30 – Sputnik. Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбра аҟны амцакра ҟалеит аҩаша, мшаԥы 30 рзы.
Ахыбра аҩнуҵаҟа алҩа ҩначны иҟан, АҶА аусзуҩцәа амца дырцәеит.
"Уажәазы алҩа шцогьы хара имгакәа амца зынӡа идырцәоит", — ҳәа иҳәеит Аҟәеи Аҟәа араиони рыхьчаразы амцарцәара-аиқәырхаратә гәыԥ аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа.
Амца ахы акит аҩбатәи аихагыла ауадақәа руак аҿы. Аӡәгьы ԥырхага имоуит.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аԥҵан 1925 шықәсазы. Иахьа аҭҵаарадырратә центр ыҟоуп ақәра ду змоу, иаҳхысыз ашәышықәса алагамҭаз иргылаз ахыбраҟны.
Здание Абхазского института гуманитарных - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2024
Аԥсны
Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбра аԥхасҭахара иаҿуп
Ажәабжьқәа зегьы
0