Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Багаҭелиа еиҭеиҳәеит Риҵа атуристтә аамҭа иахьынӡазыҟаҵоу атәы

Багаҭелиа еиҭеиҳәеит Риҵа атуристтә аамҭа иахьынӡазыҟаҵоу атәы
Анапаҵаҩра
Риҵа сынтәа атуристтә аамҭа иахьынӡазыҟаҵоу, аҭааҩцәа ршәарҭадара, ирыдыргало афатә ахаҭабзира акәзар хылаԥшрас иамоу, арԥшӡаратә, аиҿкааратә усқәа иахьынӡарызхьаԥшуа атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра атуризми аекскурсиақәеи рыҟәша аиҳабы Етлан Багаҭелиа.
"Иахьазы, иаҳҳәар ҟалоит, аусқәа имҩаԥгатәны иҟаз 80 процент ҳармазеихьеит. Аӡиа Риҵахь уназго амҩа арыцқьара аума, асыԥса иланагаз ахаҳәмҿыҳә аҟынтәи ирыцқьоуп, еиқәыршәаны иҳамоуп", – иҳәеит Багаҭелиа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0