Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Х-ҭоурыхтә хҭыск": аибашьра Ду аветеран Џыр Чыкәбар изкны

© Foto / предоставила Саида Жиба Џыр Чыкәбар
Џыр Чыкәбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2024
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду ианалага, 1941 шықәсазы, Асовет Еидгыла азеиԥш хәышҭаароуп ҳәа иԥхьаӡаны, бџьаршьҭыхла адгылара арҭеит СССР атәылақәа зегьы. Ашьҭахь инымхеит Аԥсны хәыҷгьы. Ҳмилаҭ атәы уҳәозар, хыԥхьаӡарала зегьы ҳашреиҵазгьы, ҳсолдаҭцәа иаадырԥшыз агәымшәарала аӡә иашьҭахь имгылеит. Иахьа уажәраанӡагьы аҭоурых иадыруеит хьӡи-ԥшеи рҳаны зыԥсадгьыл зхы ақәызҵази, хабарда ибжьаӡызи, анцәа имчала зыҩныҟа ихынҳәызи рыхьӡқәа. Урҭ рыгәҭа дыҟоуп Бзыԥҭа аҳаблан ииз, еицырдыруаз ауаҩ нага Џыр Хәыгә-иԥа Чыкәбар. Аибашьра аветеран иԥсҭазаара ацыԥҵәахақәа анҵоуп имаҭа Саида Чыкәбарԥҳа лажәақәа рыла.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Амҳаџьырра аамҭақәа раан, мчыла ҳауаажәлар атәым дгьылқәа рахь ианахыргоз, Ҭырқәтәылаҟа иқәнагалаз Чыкәбараа рыгәҭа дыҟан Хыгәгьы. Иара усҟан дхәыҷын. Аҷкәын еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирылҵшәаны иабдуцәа рыдгьыл ахь дхынҳәит. Ианизҳа, Бзыԥҭа анхамеи абзазареи еиҭашьақәыргыланы аҭаацәара далалеит. Динасыԥхеит Калдахәаратәи аԥҳәызба Шәышә Агрԥҳа. Дара ирхылҵит ааҩык ахшара, ԥшьҩык аԥацәеи ԥшьҩык аԥҳацәеи. Аҩнаҭа еиҵагылаз абиԥара ҿа аҵара иазҿлымҳан, уи адагьы рани раби махәҿыла ирывагыланы акраруан. Ргәараҭа ачеиџьыка шамаз хара ицахьан аҟнытә, лассы-лассы асасцәа рзааиуан. Иҟәышыз аҭаацәа ирыдтәаланы аамҭа анырхаргоз насыԥны ирԥхьаӡон.
© Foto / предоставила Саида Жиба Хыгә Чыкәбар
Хыгә Чыкәбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2024
Хыгә Чыкәбар
Хыгә иԥацәа иара иеиԥш агәаӷь рызҭан. Иахьаҭахыз рлеишәа џьбаран. Иара убри иалҵшәазаргьы ҟаларын Виктор захьӡыз "аԥсуа ашәк" иалалара. Арԥыс акырџьара деибашьуан. Далахәын австро-венгриатәи аиҿыхарагьы. Ианашьан "Гьаргь иџьар". Виктор 28 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵуеит.
© Foto / предоставила Саида Жиба Виктор Чыкәбар
Виктор Чыкәбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2024
Виктор Чыкәбар
Тиска захьӡыз аиашьагьы дышқәыԥшӡаз ачымазара хьанҭа иахырҟьаны идунеи иԥсахит. Хыгәи Шәышәи агәырҩа ишамҽхакыз, даҽа рыцҳарак рышә иаалагылеит. Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду ахь ирыԥхьеит иаанхаз рԥацәа Алықьсеи Џыри. Уи аамҭазы иҭаацәарахахьаз Алықьса ԥшьҩык ахәыҷқәа иман. Ашкол аҿы рҵаҩыс аус иуан. Аха аԥсадгьыл аныхьчатәха, аӡәы иашьҭахь даанхозма. Дцеит афронт ахь. Алықьса иаб игәараҭа анаанижь нахыс уаҳа дыхнымҳәеит. Иахьа уажәраанӡа хабарда дыбжьаӡит ҳәа дыԥхьаӡоуп.
Кәына Гыцба - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2024
Аԥсны
"Аҭакԥхықәра шәышықәса днанагеит": аибашьра Ду аветеран Кәына Гыцба инысымҩа
20 шықәса зхыҵуаз Џыр дақәшәоит Сталинград.
"Сабду аибашьра цонаҵы ԥшьынтә ахәрақәа иоуит. Агоспиталь дҭыҵцԥхьаӡа "дхәарҭоуп" ҳәа ажәыларахь дыршьҭуан. Ус днаӡеит Берлинынӡа. Иеибашьратә лшамҭақәа рзы ианашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа жәпакы", - лҳәоит имаҭа Саида Чыкәбарԥҳа.
Аибашьра анеилга, Џыр Бзыԥҭаҟа даауеит. Анкьа ашҭа иамкуа арԥар еиҵагылазҭгьы, уажәы иара заҵәык иакәхеит ахәшҭаара аиқәырхаҩс инхаз. Аусура далагоит Риҵатәи апарк аҟны абнахылаԥшҩыс. Активла далахәын Гагра араион аполитикатәи ауаажәларратәи ԥсҭазаара. Аамҭак азы Калдахәара ақыҭсовет дахагылан.
© Foto / предоставила Саида Жиба Алықьса Чыкәбар
Алықьса Чыкәбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2024
Алықьса Чыкәбар
"Сабду аибашьрантә данаа хара имгакәа динасыԥхоит санду Федосиа Ҭраԥшьԥҳа. Дара ԥшьҩык ахшара рааӡоит, ҩыџьа аԥацәеи ҩыџьа аԥҳацәеи. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан, рыҷкәынцәа ԥсыцқьарыла рыԥсадгьыл рыхьчон. Аиҳабы Галактион захьӡыз Ажьырныҳәатәи ажәылараан дҭахоит. Ианашьоуп Леон иорден. Саб Баграт иакәзаргьы дрылахәын ажәыларақәа жәпакы. Аибашьра ашьҭахьгьы Гал ахырхарҭахь аҳәаахьчара дцалон", - еиҭалҳәоит Саида.
Аибашьра Ду аветеран Џьота Џьапуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.05.2024
Аԥсны
"Дыԥсны дыбзахеит": аибашьра Ду аветеран Џьота Џьапуа изкны
Абас, ҭаацәак аҟнытә х-абиԥарак аҭоурыхтә ӡыблара ианысит. Ахаҵара абшьҭрала иаауеит анырҳәо – абри акәзаап ҵакыс иамоу.
Џыр иашьцәа рзы игәы былны дшыҟаз, зычҳара уадаҩыз даҽа хьаак изцәырҵеит. Аха иара ихаҭа аибашьра алакҭа дҭаԥшхьан аҟнытә, ибзиаӡаны еиликаауан Галактион баша дышҭамхаз. Аԥсны уаҵәтәи алахьынҵа ихы шақәиҵаз. Абырг 87 шықәса ниҵеит. Гагра араион абыргцәа Рхеилак дахәҭакын. Баграт Багаҭелиа напхгара зиҭоз афольклортә ансамбль "Кьиараз" далан. Џыр иуаажәлар рыбжьара ҳаҭыр ду иқәын. Араион аҟны еиԥыларак иара далахәымкәа, игәаанагара иамызҵаақәа имҩасуамызт.
Аишьцәа Царгәышаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2024
Аԥсны
"Хә-лахьынҵак": Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду иалахәыз аишьцәа Царгәышаа рҭоурых
Ажәабжьқәа зегьы
0