Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Владимир Путин идиныҳәалеит имаҵзура дахьахагылаз

© Sputnik / Томас ТхайцукТоржественное мероприятие приуроченное 30 летию прокуратуры
Торжественное мероприятие приуроченное 30 летию прокуратуры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2024
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин иҭоубашьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит Кремльтәи Ахан ду аҟны мшаԥы 7 рзы.
АҞӘА, лаҵара 7 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Владимир Путин идиныҳәалеит Урыстәыла ахада имаҵзура дахьахагылаз. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа иҳәеит урыстәылаа ишаадырԥшыз Путин иахь ирымоу агәрагара, атәыла аҟны ааиҭакра ҿыцқәа рзы ргәыӷрақәа шидырҳәало.
"Иахьа Урыстәыла Афедерациеи уи иаланхо ажәлари рзы иалагоит аԥсҭазаара ҿыц. Аҿиареи аҭышәынтәалареи рганахь ала шәҽазышәара иадгылоит ҳара ҳажәларгьы, уи арҵабыргит Аԥснытәи алхыҩцәа еицҿакны рыбжьа ахьшәырҭаз", — ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.
Аслан Бжьаниа Владимир Путин изеиӷьеишьеит агәабзиара, ачҳара, аиааира ҿыцқәа.
Церемония инаугурации президента России Владимира Путина. Прямая трансляция - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2024
Урыстәыла
Владимир Путин иҭоубашьҭаҵара: ишиашоу ицо аефир хыркәшоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0