"Ҩыџьа аишьцәа ирхылҵыз": аибашьра Ду иалаӡыз Орчыҟәаа ирызкны

© Foto / из архива семьи ОрчурбаЧкукура Орчукба
Чкукура Орчукба - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2024
Анапаҵаҩра
Асовет Еидгыла анемец фашистцәа анақәла, зықьҩыла ҳтәылауаа бџьаршьҭыхла азеиԥш ԥсадгьыл ахьчара иазгылеит. Урҭ рыгәҭа иҟан Аҷандара ақыҭа иалҵыз, зынӡа иқәыԥшыз арԥарцәа, ҩыџьа аишьцәа ирхылҵыз Ҷҟәыҟәреи, Адгәеи, Манчеи. Дара афронт аҟнытә изымхынҳәит аҟнытә реибашьратә мҩа еилкаам, аха ус егьа иҟазаргьы иаб иашьцәа рыӡбахә дазааҭгылоит Валери Орчыҟәба.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Ҷыф Ита-иԥа Орчыҟәба иԥшәмаԥҳәыс Мшьелиаԥҳа заа лыдунеи лыԥсахит. Дара рԥа Ҷҟәыҟәреи, рыԥҳа Капасеи ианжыцәха Ҷыф ҩаԥхьа аҭаацәара далалеит. Динасыԥхеит Маниа Сангәлиаԥҳа. Лара, зан дзыԥхаз Ҷҟәыҟәреи Капасеи лхатә хшара реиԥш илыдкыланы илбон. Ҷыфи Маниеи ԥшьҩык аԥацәа рхылҵит. Аҭаацәара ду ақыҭанхамҩа рнапы алакын. Ҳәоуеиқәшәала еицынхон. Ҩ-еихагылак змаз акәасқьа рызгылан. Ианҵаны ирыман арахәи аԥсасеи.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ианалага, маха-шьахала иӷәӷәаз, 19 шықәса ихыҵуеит ҳәа ззыумҳәоз Ҷҟәыҟәра афронт ахь дрышьҭуеит.
"Ҷҟәыҟәра, ҳгәы излаанаго ала Европа тәылак аҟны дҭахеит. Избанзар, зны машәыршәа сзабадыраз Амаба ҷкәынак исеиҳәеит, иаби Ҷҟәыҟәреи Австриа ишеиқәшәаз, мышқәак ишеицыз, аха нас ргәыԥқәа хаз-хазы ишыршьҭыз. Уи нахыс уаҳа ихабар шимаҳаз. Ҷҟәыҟәра иҟәырҷаханы иахьа иҳамоу, афронт аҟнытә иаҳәшьа Капаса илзааишьҭыз афотосахьа ауп. Исымҳәар ауам, Капаса лыԥшәма Чанҭа Дасаниагьы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду дшалахәыз. Иара аумацәҟьа ихганы иҩныҟа дгьежьит", - иҳәоит Валери Орчыҟәба.
Ҷыф иашьеиҵбы Нацкәыр иԥацәа Адгәеи Манчеи инеишьҭаргыланы афронт ахь иршьҭит. Агәакьацәа иахьынӡардыруа, Адгәа 1942 шықәсазы дҭахоит, аха дахьжу рыздыруам, Манча иакәзар 1943 шықәсазы хабарда дыбжьаӡуеит.
© Foto / из архива семьи Орчурба

Манча Орчыҟәба.

Манча Орчыҟәба. - Sputnik Аҧсны
1/2

Манча Орчыҟәба.

© Foto / из архива семьи Орчурба

Адгәа Орчыҟәба.

Адгәа Орчыҟәба. - Sputnik Аҧсны
2/2

Адгәа Орчыҟәба.

1/2

Манча Орчыҟәба.

2/2

Адгәа Орчыҟәба.

"Адгәа аибашьра дцаанӡа, Аҷандара ақыҭсовет аҟны маӡаныҟәгаҩс аус иуан. Манча дҽыбӷаҟазан. Рҭаацәа рыдагьы изланхоз рыуаажәлар рықәгәырӷьаауа иҟан. Аха аишьцәа алахьынҵацәгьа рзыԥшын", - иажәа иациҵоит Валери.
Нацкәыр, Адгәеи Манчеи рышьҭахь изынхаз хҩык ихшара, иԥеиҵбы Алықьсеи ҩыџьа иԥҳацәеи рыла игәы ҿаиҳәон. Сыҵәҩаншьап змырӡуа иоуп ҳәа Алықьса дихӡыӡаауан. Ашкол даналга, Аҟәа, акультуралашаратә ҵараиурҭа далиргоит.
Аишьцәа Царгәышаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2024
Аԥсны
"Хә-лахьынҵак": Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду иалахәыз аишьцәа Царгәышаа рҭоурых
"Алықьса иаҳәшьцәа руаӡәы аҭаацәара даламлаӡеит, егьи дықәрахьымӡаны лыдунеи лыԥсахит. Арыцҳарақәа рацәаӡаны изхызгаз аҭаацәа рахь агәҭынчымра ҟалеит. "Алықьса инасыԥ ӡбамхар, Нацкәыр иџьабаа башахоит, игәашә акуеит" ҳәа. Аха анцәа ихатә гәҭакы иман. Алықьса динасыԥхеит Алла Кәырмазиаԥҳа. Дара аԥеи аԥҳаи рыхшеит. Ус ишыҟаз, Нацкәыр иашьеиҳабы Ҷыф игәараҭазы агәшәара ҟалеит. Ахәшҭаара иазынханы иҟаз (егьырҭ хазы ицахьан) иԥеиҵбы Оҭарбеи иԥшәмаԥҳәыс рыԥҳа даашьҭхны дилҵны дцеит. Анаҩс иразҟхаз Фируза Гәынԥҳаи иареи аӡәгьы дырхылымҵӡеит. Убасҟан ахшара дызмамыз аԥҳәыс Алла длазҵааит, "ҽаӡә дбоур сара дсыбҭома" ҳәа. Алла, Фируза дрыцҳашьаны ажәа лылҭеит ус ишыҟалҵо. Аамҭак ашьҭахь, Кәырмазиаԥҳа еицииз аԥеи аԥҳаи анлыхша, илҳәаз налыгӡеит. Рыҩџьегьы лылҭеит. Лара лҟәышреи, лыуаҩреи ирылҵшәаны ҩ-гәараҭак рҟны ахәшҭаарамца еиқәылеит", - ажәабжь еиҭеиҳәоит Валери Орчыҟәба.
Ари ахҭыс ашьҭахь, Алла Кәырмазиаԥҳа анцәа даҽа ԥак длаҭәаишьоит.
Сажәабжьҳәаҩ Валери Орчыҟәба иаб Қьрым, Аџьынџьтәылатәи аибашьра анцоз, 1943 шықәсазы Баҭымҟа аррамаҵурахьы иԥхьоит. Убасҟан 15-ҩык аԥсуа ҷкәынцәа еицыргеит. Урҭ рахьтә хҩык Аҷандараа ракәын. Дара афронт ахь иршьҭуеит ҳәа ишазыҟарҵоз ауп, асовет еибашьцәа Аиааира Дугьы шыргаз.
Қшьышьи Џьаҭмеи Гәынаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2021
Наӡаӡа ахәышҭаара нрыжьит: Осман Гәынбеи иԥацәеи рҭоурых
Ажәабжьқәа зегьы
0