Аконтрабанда закәанла аҳәаа иахысуеит

© Sputnik Михаил Мордасов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны, Егры, аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа
Аԥсны, Егры, аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аконтрбанда аԥыхра азы ақәԥареи мамзар аԥсуа-ақырҭуа ҳәааҟны иара аҟамзаареи атәы дазхәыцуеит Sputnik аексперт Инал Ҳашыг.

Инал Ҳашыг, аексперт

Аурыс мааҭ акаҳара ашьҭахь иҟалаз акризис ду азы аԥсуа експертцәа, еибымҳәаӡакәа, агәышьҭыхратә мҳаҵәк азна "ашҳам" рыԥшааит.

"Адевольвациа захьыз арубль аарыхра ашьҭыҵра иацхыраалоит", – рҳәалон дара. Азԥхьагәаҭара ихәарҭам ак ауп, иалкааны  иахьатәи аекономика ҳаналацәажәо, аԥсуа експертцә ракәым, зны-зынла амчхара ду змоу Bloomberg аамҭала ииуашам азԥхьагәаҭарақәа ҟанаҵалоит.

Уи адагьы, фактла иҟам, иҟазаргьы аныӡӡаара амҩа иану аҭыԥантәи аагалыхра иахьа изеиԥшроу ала азԥхьагәаҭаҩцәа ари атема иалацәажәозар агха рыхьӡом. Ус шакугьы иҟоуп аиқәымшәарақәа.

Аконтрбанда  ганкахьала мацара

Аофициалтә хыԥхьаӡара аихшьала ала аимпорт аекспорт аасҭа  бжьынтә(!) еиҳауп. Амала иҳәатәуп, Егры аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа аҟны имҩаԥысуа ахәаахәҭра џьаргьы иарбаӡам. Аофициалтә бӷьыцқәа рыла аҳәаа уи аҭыԥ аҟны ахәаахәҭра мҩаԥыргаӡом, избан акәзар Аԥсни Қырҭтәылеи макьана аибашьратә ҭагылазаашьа иҭагылоуп, ҳәарада, адәахьтәи аекономикатә процессқәа макьана изыҟалаӡом.

Аха аус аҟны ақырҭуа ган ишаҳәо еиԥш акәӡам ишыҟоу. Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан иҟоу ақәиҭымзаара шыҟоугьы Қырҭтәылеи ҳареи ҳабжьара ахәаахәҭра шеизҳауа аизҳара иаҿуп. Аконтрбанда раԥыхразы аусқәа мҩаԥыргозаргьы, изыҟарҵо ақьаадқәа рыҟны иадырбарц азоуп. Иахьа ҳџьармыкьа Қырҭтәылантәи иааго ашәыри, ауҭраҭыхи, аҩнымаҭәеи рыда ҳхаҟны иаҳзаагаӡом, аԥсуа чара ду акәзар зыгәдидынтәи иаагоу ашәишәиқәеи кахетиатә аҩи рыда…

Ажәабжьқәа зегьы
0