Октаи Чкотуа: Ҭырқәтәыла имҩаԥнаго аполитика ауаажәлар ржьара иазкуп

© Sputnik Томас ТхайцукОктаи Ҷкәотуа. Архивтә фото.
Октаи Ҷкәотуа. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абжьаратәи Мрагылара ишьақәгыланы иҟоу аҭагылазаашьеи уи адунеи ажәларқәа рыԥсҭазаара ишаныԥшуеи атәы далацәажәоит аҵарауаҩ Октаи Чкотуа.

Октаи Чкотуа, Sputnik

Абжьаратәи мрагылара иаҵанакуа аҭыԥқәа рҟны имҩаԥысуа ахҭысқәа реилкаара аасҭа адунеи аҟны иуадаҩу уск ыҟамзар ҟалап. Араатәи аимак-аиҿакқәа азқьышақәсақәа иргәылҵны иаауа, иузеилмырго аҟара еилаԥаҭахьоу, изыхҟьаз узымдыруа аҟарагьы иеилахәашьхьоу зҵаарақәоуп. Адунеи амаа зку амчрақәеи аҳәынҭқаррақәеи абарҭ азҵаарақәа дара рҭахрақәа инарықәыршәаны рхы иадырхәоит.

Израилиааи араԥцәеи ирыбжьоу аимак, уи иахылҿиаауа аибашьреи ртәы зегьы иаадыруеит. Израили урҭ ирыдгылоу, Америка аԥхьа инаргыланы, егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи араб ҳәынҭқаррақәа зегьы рнапхгарақәа рнапаҿы ишыҟоугьы имаӡоу усым. Абри аганахь ала, агәынамӡара змоу ажәларқәа ракәзар, уи злаадырԥшыша адемократиатә мҩақәа аартны ирмоуӡацт. Ас ианыҟалалакгьы урҭ рыбжьара арадикалтә хәыцрақәа "аӡбаара зԥыхьашәаз акәыбырқәа" реиԥшҵәҟьа аизҳара иалагоит.

Октаи Чкәотуа - Sputnik Аҧсны
Октаи Чкәотуа: Ҭырқәтәыла Сириатәи аимак аҽаланагалар шәарҭоуп

Ҳәарада, ари аҩыза арадикалтә гәыԥқәа зхы иазырхәарц зҭаху амчрақәагьы, зегь раԥхьаӡа рхы иадырхәо адин акәхоит. Адин, ауааԥсыра рааӡареи, ҭынч реицынхареи, Анцәа имҵахырхәареи ишазкугьы, иахьа уанахәаԥшлак иҟаҵәҟьоу; Анцәа иажәа иаҿагыланы ауааԥсыра рықәхроуп изҿу. Абас ала уанахәаԥшлак адин сабраданы изҿоу арадикалтә террортә гәыԥқәа иагьа "ҳаԥсылмануп" рҳәозаргьы уи ауаа ржьагоуп. Избанзар, аԥсылманцәа рышәҟәы Аҟәарҟан ажәахә маиде, ахәҭаҷ 32 аҟны абас аҳәоит: "Дарбанзаалак аӡәы, аԥсабараҿы аҵәы аршаразы уаҩԥсык харада дишьыр, ауааԥсыра зегь ишьит ҳәа дыԥхьаӡоуп. Дарбанызаалакгьы аӡәы иԥсы еиқәирхар, ауааԥсыра зегь рыԥсы еиқәирхазшәа ауп дшыԥхьаӡахо"… Ауааԥсыра ирхароу ирхарам, ишахәҭоу еилмыргакәа, ишахәҭоу аӡбара иақәмыршәакәа, арахә реиԥш рыхәда аҳәызба аҵшьреи, рмал аимҵәареи, рыламыс аӷрагылареи шԥеилкаатәу?

Сгәанала, ари аҩыза агәыԥқәа Израиль ашәарҭадара аиқәырхаразы, араб ҳәынҭқаррақәа рымчқәа ркәаданы дара рзы ишәарҭаны иҟамларц азы, мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа иаԥырҵаз агәыԥқәа роуп, "агаӡа инапала амаҭ ркуан" ззырҳәо еиԥш, аҭыԥ аҟны раԥхьа аҩнуҵҟатәи ахынҭаҩынҭарақәа ырбыжкны, хыла-гәыла ианеиларҵа ашьҭахь ҵаҟала хаз-хазы ацхыраарагьы рыҭаны дара-дара еибадыршьуеит.

Иахьа "Ирак Шьам Аԥсылман ҳәынҭқарра" ҳәа иаԥҵоу атеррортә гәыԥгьы абри иаҩызоуп. Ирак адемократиа (!) назгаз Америкаа рышьҭахь иаанрыжьыз аӡбаара аҟны наҟ-наҟ рхы иадырхәарц азы иаԥырҵаз гәыԥк акәын уаанӡа. Аха аамҭала убысҟак еизҳаит, иахьазы рконтрольуцәыӡхьоума уҳәаратәы аҟынӡа ахымҩаԥгашьа аанахәахьеит. Иаҳхаҳмыршҭып Америкаа уаанӡагьы Афганистан аурысқәа рҿагыларазы Талибан шаԥырҵаз, насгьы уи аҩныҵҟантәи Ал-Каида ҳәа атеррортә гәыԥк цәырганы, убарҭ иддырҟаҵаз апровакациақәа рыла рымпыҵахаларатә политика шымҩаԥыргоз.

Ҭырқәтәыла апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысуеит - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысуеит

Аҵыхәтәантәи аамҭазы Ҭырқәтәыла аиҳабыра "Ирак Шьам Аԥсылман Ҳәынҭқарра" захьӡу атеррортә гәыԥ ирабашьуашәа иаԥшьыргазгьы сара стәала политикатә хәмарроуп. Иахьа уажәраанӡа Ҭырқәтәыла анапхгара ари атеррортә гәыԥ маӡала бџьар хкыс иҟоу зегьы шрырҭахьоу иҿаҿаӡа иаадыртхьеит. Абри аҩыза аус аазыртыз Ҭырқәтәылатәи апрокуратура аусзуҩцәеи, аӡбаҩцәеи, аруааи ракәзар аиҳабыра аӡбарақәа рықәымчра ала азакәанқәа зегьы еилаганы "аҳәынҭқарра ачарҳәара азуызуз" ҳәа ахара рыдҵаны инаганы иҭаркхьеит. Уи адагьы, аҳәаа ала ахәаахәҭра нап аркны, ирымоу абылтәы маӡала иаахәаны рфинанстә ҭагылазаашьа акырӡа ишацхраахьоу идыру фактуп.

Ҭырқәтәыла аиҳабыра имҩаԥнаго аполитика рыуаажәлар ржьара иазкуп, акурдқәеи, Сириеи, рганахь ала иҟаз рполитика ахьхыбгалаз рполитикатә ҭагылазаашьа лҵшәаданатәит. Ажәлар даҽазнык алхрақәа рахь рнагара ауп изызку иахьатәи ашьаҿақәа.

Ҳара ҳдиаспораҿы инхо ҳажәлар рызнеишьа акәзар, ҳәарада аԥсыуа знеишьоуп. Аԥсуаа рыбжьара ахаан арадикалра аҭыԥ амаӡамызт, иахьагьы иамаӡам. Еиҳаракгьы, адин арадикалра ала архәашьра аԥсуаа рыбжьара аҭыԥ азымԥшааит. Аԥсуа рыҟны жәытә-натә аахыс адинхаҵарақәеи анцәахаҵарақәеи еиуеиԥшым, иахьагьы убас иҟоуп.

Агәыӷра сымоуп, Абжьара Мрагыларатәи аҭыԥ аҟынгьы, иара адунеи иахьабалак аҟынгьы абри аҩыза аԥсуа ҟазшьеи, аԥсуа хымҩаԥгашьеи аиааира аганы, аԥсабара зегьы аҭынч ԥсҭазаарахь икылсып ҳәа. Мамзар, зызхра ҟамло мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа рырбыжкрала ицәырҵуа атеррортә гәыԥқәа рымшала адунеи жәлар ҳаԥхьаҟа даараӡа ишәарҭоу ашьаарҵәырақәа илагылар рылшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0