Руслан Габлиа: аибашьраҟны ауаа сабарда рҿаӡам

© Sputnik Томас ТхайцукАсахьаҭыхҩы Руслан Габлиа
Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Руслан Габлиа – Аԥсны аибашьра алахәылацәа рпортреҭқәа 60 инареиҳаны дравторуп. Иара ифырхацәа рҭоурыхқәа апортал Sputnik Аԥсны аҟны ицәыргахоит.

Асҭанда Арӡынԥҳа, Sputnik

Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа иаҳзеиҭеиҳәеит аибашьраҟны иара изы арҿиара ҭыԥс иааннакылоз атәы. Габлиа – Аԥсны аибашьра алахәылацәа рпортреҭқәа 60 инареиҳаны дравторуп. Иара ифырхацәа рҭоурыхқәа апортал Sputnik Аԥсны адаҟьақәа рҟны ицәыргахоит.

"Иаашаккареит. Алаԥшҳәаа убо иааҟалеит. Аҵх иалагӡаны амшын аԥшаҳәеи ашьха рымҵеи асы рықәнауит. Уахьынаԥшлак иҟәашкакараӡа ишьҭоуп. Ицқьоуп, иԥшӡоуп. Хшыҩла еилыскаауеит – еибашьроуп. Аха ауаагьы аибашьрагьы рышьҭамҭа ыҟам. Иҟоу акы заҵәык оуп – ипашәӡа ишьҭоуп".

Аҟәатәи асахьаҭыхратә училишьче ауадақәа руак аҟны ҳаицәажәараан Руслан Габлиа игәалаиршәоит аибашьра аамҭа. Далацәажәоит 1992 шықәса, ԥхынҷкәын 30 ашьыжьшамҭа, раԥхьаӡа акәны "ауаҩы ишьра анизыԥшу, Аҟәа агара амҩа данықәу" атәы.

Аибашьра аилашымҭазы абас гәызҭазаарала асы шкәакәа аигәырӷьара зылшо асахьаҭыхыҩ заҵәык иоуп. Аԥсны асы – еснагь иҷыдоу хҭысуп. Аҟәа агарагьы залмыршахеит – ауааи атехникеи асы изылсуамызт. Аԥсабара зны-зынла иара ахатәы риашарақәа ауаа рыпланқәа ирыланагалон иҳәоит асахьаҭыхҩы. Аҳҭнықалақь анапахь аагараз ажәыларахь иандәықәла, ажьырныҳәа 5 рзы, асааҭ акахьы инеихьаны, узалымсуа анаҟә ықәчит.

Руслан Габлиа Гәымсҭатәи амемориал аиҿкааразы гәҭакқәас имоу еиҭеиҳәеит

"Сара исыздырам убри анаҟә акәымзҭгьы, ҳаибганы амца ҳшалҵышаз. Ажәылара хра амоуит, шьҭахьҟа ишхьаҵтәыз зегьы еилаҳкаауан, аха уца ухаҵазар. Ҳазегь ҳандырҵәон. Ус иқәчит иԥсҭаҵагахаз анаҟә. Уаԥхьа игыло думбо, унапы наурххар иааннакыло. Ҳҩагылан, амҩа ҳнанысны ҳцеит".

Асахьаҭыхыҩ ишьҭахьҟа сылаԥш нақәшәоит аԥҳәыс лыскульптура. Ицәиаҵәа-цәҩеижьу аш аҟынтәи дааԥшуеит лара, астол аҟны иқәуп ацәашьаршь иалху аҵәа ҩеижь, аҭӡамц аҟны лара лсахьақәа — цыра рацәала. Сылаԥш инаццоит Руслан илаԥшгьы.

"Дасу зегьы дара рхатәала иҭыхуеит. Шәҩык ауаа ак ҭырхырц рыдуҵаргьы, шә-сахьак ҟалоит".

Абарҭ аҭӡамцқәа рыҩныҵҟа иакымкәа-иҩбамкәа амастер-классқәа мҩаԥигахьеит асахьаҭыхҩы. Уажә напхгара риҭоит аԥшьбатәи акурс астудентцәа. Урҭ адипломтә усурақәа рыхьчара рҽазыҟарҵоит.

"30 шықәса инарыцны рҵаҩыс аус зуеит. Абыржәы, абри акурс аусышьҭуеит, нас сусура аансыжьуеит. Сҟазарҭаҟны схы-сыԥсы ҳәа аус зулоит".

Асахьаҭыхҩы игәалашәарақәа абырсааҭк даарыцәхьаҵит аха урҭ еиҭах дара рахь ддырхынҳәуеит.

"Аибашьра алагамҭазы аӡәгьы дақәгәыӷуамызт ҳаибашьыҵәҟьап ҳәа, аԥсыҭбарақәа ҟалап ҳәа. Сара, иахьа зыԥсҭазаара иалҵхьоу Римма Ҳашԥҳа лышәҟәы аиллиустрациа азура саҿын. Ари, иллиустраторк иаҳасабала раԥхьатәи сԥышәа акәын. Ашәахьаҽны агонараргьы соураны сыҟан – сгәы ҭамгыло сазыԥшын. Ахәаша аибашьра иалагеит. Ашәҟәы иахьӡын "Ҵиҵикәакәа".

Аибашьра ашьҭахь иҭыҵит уи ашәҟәы. Аха уаанӡа, аԥсуа жәлар ирзыԥшын рҭоурых аҟны зегь раҵкьыс ауадаҩра зцыз амзақәа. Нанҳәамза 14, ахәашеи цәыббрамза 30 аԥшьашеи ирыбжьан 413 мши-ҵхи.

1992 шықәса нанҳәамзазы Руслан Габлиа 35 шықәса ихыҵуан. Усҟан иара далгахьан Қарҭтәи аҟазара Академиа, Аԥснытәи АССР-и СССР-и асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла далахәылан. Аибашьра аламҭалазы Аԥсны аҩныҵҟатәи ар рполк ҷыда хатәгәаԥхарала далалеит. Ажәлар рҟны уи "аабатәи аполк" мамзаргьы "Аԥсуа гвардиа" ҳәа иашьҭан.

"Агвардиа инагӡаҵәҟьаны ар рҟазшьа амамызт, аха ҳара уа иаҳҵон ахысшьа. Аҳауа аибашьра афҩы алалахьан. Агвардиахь снеирагьы хыла-ԥсыла сазыхианоуп ишыҟалаз. Сара стәала уи иаанарԥшуан иаҭаххар аҿагылара шҳалшоз. Аибашьра акәым, агәҽанҵара раҳҭоит иаҭаххар ҳәа акәын исхәыцуаз. Сара сгәы иаанагомызт аибашьраҵәҟьа алагоит ҳәа. Рабашьра сықәшәап ҳәа быжьшықәса аҵара ахьысҵоз атәыла, рабашьра сықәшәап ҳәа издыруаз, исҩызцәаз".

Асахьаҭыхҩы абырсааҭк дааҭгылеит игәалашәарақәа еихырԥхьо. Аҭынчра еиларгон адәахьтәи абыжьқәа.

Аамҭак азы атәыла анапхгара аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы ирыӡбеит агвардиа аимырпра. Руслан Габлиагьы есҽынтәи иусқәа дырзыхынҳәит.

"Исгәалашәоит, фҩык раҟара ҳаицны, агвардиа ахьтәаз Аладатәи Ешыра амҩа ҳаныланы ҳнеиуан. Ҳаԥхьаҟа иааиуаз автомашьына УАЗ, зжакьа зҿачы иҟаз ҭаҳмадак ихы ааҭирҳәҳәан, ҳара ҳахь ихы рханы инаҳгәыдиҵеит: "Шәабацо шәара? Шәабџьар ааныжьра шԥажәгәыӷьи, аӡәы ишԥаишәҭоз. Шәхынҳәы шәышьҭахьҟа!" ҳара аҭакс "зегь еилацәажәахьеит, шәарҭа ыҟам" ҳҳәеит, иаҳҳәаз агәра го".

Рацәак мҵыцкәа, асахьаҭыхҩы, раԥхьаӡа акәны ахәыҷқәа ирызкыз ашәҟәы аиллиустрациа азызуаз, аибашьра ишалагаз иаҳаит.

"Ари уаҩ ихы изҭамыгӡоз акакәын. Сара агәрагара сцәыуадаҩын аибашьра иалагаҵәҟьеит ҳәа адкылара. Ҳәарада урҭ ишахәҭаз еиԥш рҿагылара ҳара иҳалшомызт, дара уи баны еиҳагьы иаҿаапкуан".

Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны иаадыртит ацәыргақәҵа "Аҳәса аибашьраҟны"

Аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы Руслани егьырҭ асахьаҭыхыҩцәеи нап адыркит агитациатә плакатқәеи акарикатурақәеи рҭыхра. Иҭаацәа Гәдоуҭаҟа риагара дахьӡеит. Илшоз ала Урыстәылантәи иааргаз ацхырааратә еидарақәа аӷбақәа ирықәихуан.

"Сыбӷа иахьагьы иахамшҭыц урҭ, 75 кьыла иҟаз ааҵәақәа", — иҳәоит иара аччаԥшь иҿықәыххуа.

Мызқәак рышьҭахь иара иҽаниҵеит аҩбатәи, хаз иго амотохысырҭатә полк асиа. Ирықәымҿиаз ажьырныҳәатәи ажәылара ашьҭахь Руслан ибаталионгьы егьырҭ архәҭақәа реиԥш аиҭаҽазыҟаҵара иалагеит. Аибашьцәа Аҩадатәи Ешыра иахьаҵанакуаз зегьы рымҽхакны иаатәеит.

"Ажьырныҳәа. Хәажәкыра. Жәабран. Уахи-ҽни аҭабиа уҭатәоуп. Иҟоуп аиҿахысрақәагьы зны-зынла".

Абри аамҭазы Руслан далагеит икәша-мыкәша иҟаз ауаа рсахьақәа рҭыхра. Иара хацыркхеит асахьаҭыхҩы Уасил Мхонџьиеи иареи реиԥыларала. Уасил иара ақьаади акарандашьи ҳамҭас ииҭеит.

"Иҭухуеи? Ухаҟынгьы иааукәыршаны ишыҟоу еиԥш — зегь еилататоуп. Ус, хәыҷы-хәыҷла нап асыркит апатреҭқәа рҭыхра. Исзымдыруаз ауаагьы срыҳәон 10-15 минуҭ азин сырҭарц рсахьа аҭыхразы".

Реиҳа аинтерес змаз асахьақәа аибашьра раԥхьатәи ацәаҳәаҟны акәын иахьцәырҵуаз.

"Зны аҷкәынцәа тәаны ашахмат иасуан. Дара хәмаруеит, сара сҭыхуеит. Ус ахысра иалагеит. Ахымҩасқәа ҳхашәышәуеит. Аха зегьы урҭ ҳамбоушәа ҳхы мҩаԥаагоит. Гәаныла исҳәоит "ҳаҟәыҵыр еиӷьуп". Убри аамҭазы ахымҩас астол иқәгылаз ашахмат фигура аақәнацәааит. Убысҟан ауп ихәмаруаз аҷкәын дангылазгьы. Асахьаҟны илақәа убом, дсыхәаԥшларц сышиҳәазгьы. Ахәмарра дахашәаломызт. Саргьы ус даансыжьит, избанзар уаҵәа иҟалоз адырра цәгьан".

Аиааира ахәышықәсахыҵраан Аҟәа, Аурыс театр афоие аҟны Руслан Габлиа имҩаԥигеит афотоцәыргақәҵа. Уантәи иаҳҿаԥшуаз реиҳараҩык аиааира амш аҟынӡа изымнаӡеит. Урҭ рпатреҭқәа рахь ауаа ашәҭ ҟаԥшьқәа наргон.

"Сара зны лсахьа ҭысхуан ӡӷабк. Ачаи ашьақар амҭаӡакәа илжәуан. Лҭаацәа амацәаз иҭакыз Тҟәарчал иҟан. Гәыла-ԥсыла урҭ дрыцны лхы лбон, ахаа лфаӡомызт. Дҭахеит".

Асахьаҭыхҩы игәалаиршәоит ацәыргақәҵахь дшымҩахыҵыз атәыла Ахада Владислав Арӡынба. Уи асахьақәа рыҟны иибаз рҟынтәи ирацәаҩны ишидырыз, нас Ахьӡ-аԥша амузеи азы ишааихәаз апатреҭқәа зегьы. Аибашьраан Руслан, Арӡынба зны заҵәык дибахьан.

"Ажьырныҳәатәи ажәылара ашьҭахь иҳаӡбеит Арӡынба ихьӡала ашәҟәы ааҩырц. Ауаа рацәа ҭахеит. Аиҿкаара маҷын. Ҳара иаҳҭахын иара иҟоу шыҟаҵәҟьоу идырырц".

Еизаз аибашьцәа акраамҭа ашәҟәы атекст иазхәыцуан. Нас ирыӡбеит иара иахь хаҭала анеира еиӷьуп ҳәа. Уахь анеиразы иалырхыз дрылан Руслангьы.

"Арӡынба иахь ҩыџьа ҳауп инарышьҭыз. Сара исҳәеит ҳҿаԥхьа иқәгылаз адҵа анагӡара залмыршахаз. Арӡынба, ашәеиқәара иҿысны дҩагылан, напык азна ахәшә ааидкылан иҿы инҭеиԥсеит, аӡгьы нарышьҭеиҵеит. Сахьгылаз сгәы ааиџьит".

Ажьырныҳәатәи иажәылара иацнеиз егьырҭ ажәыларақәагьы қәҿиарадахеит. Руслан ибатальон аҟны иҭахеит 82-ҩык аибашьцәа. Асахьаҭыхҩы уаанӡатәи Арӡынба иҿаԥшылара игәаларшәо дхәыцуан "ишԥеидикыларишь уажәтәи ахҭыс" ҳәа.

"Владислав зегь игәра аагон. Ҳара иаадыруан иара гха шыҟаимҵоз. Аӷа ҳара ҳаасҭа акырӡа дшеибыҭазгьы аиааира шаагоз агәра аагон. Усҟан иаҳҳәоз акакәын "Аҟәа ахы иақәиҭтәуп". Ҳаҳҭнықалақь унапы наурххар унахькьысыртә иааигәан, арахь ҳазнеиуамызт уаанӡа".

Ауада ҩнзырҭәаауаз амашьынақәа рыбжьы ҳмаҳарцаз ахышә анааҳарк, иааҭынчрахеит.

"Аибашьра аҟынгьы иааҟәымҵӡакәа ихысӡом. Иҟан иҭынчыз амш хәыбзазақәагьы. Исгәалашәоит ҳаибашьцәа руаӡәк амедеҳәшьа дигеит – ачара ҳаман. Иҟоуп аибашьраҟынгьы абзиабаразы аамҭа. Уи ԥхьаҟа аԥсҭазаара иацхраауеит".

Аибашьра асахьақәа маҷны ишҭихуазгьы ихшыҩ уи изацәымцеит. Уи рнубаауан ирҿиамҭақәа зегьы.

"Сара исазҵаауан сшәыгақәа рыҽзеиҭаркзеи, изеиқәарахазеи ҳәа. Уи сара исызгәаҭомызт аха рхала рыҽдыреиқәон, сара ишысҭахымызгьы. Жәабаҟа шықәса анҵы ашьҭахь ауп ссахьақәа алашара рыҵубаауа ианыҟала, идырны еиҳа илашоу ашәыгақәа схы иасырхәон".

Аибашьра иалагааанӡа Руслан Габлиа аетнографиатә експедициақәа дрыланы ареспублика араионқәеи ақыҭақәеи дрылсхьан. Аиҳарак акрызхыҵуаз рсахьақәа ракәын иҭихуаз. Иара иҭахын зегь ириааиуа аамҭа иаԥганы, хынҳәра змам акы адунеи иазынижьырц.

"Аибашьра ҟалаанӡа исҳәон ажәытә иуԥылоз ахаҿқәа уажәы иузыԥшаауам ҳәа. Ижәытәу апатреҭқәа рҟны ауаа рыҩныҵҟатә дунеи аҳәаақәа ҭбааӡоуп. Аибашьраан сара исԥылаз ауаагьы абзиеи ацәгьеи нҭырҳәацааны избахьаз роуп. Урҭ рхаҿқәагьы асабарда рҿамызт, ишыҟаҵәҟьаз иааԥшуан. Шәахәаԥши аибашьра ахроника – изакәытә хаҿқәоу, изакәытә лаԥшқәоу, блақәоу жәбап".

Асахьаҭыхҩы исахьақәа роригиналқәа дрыхӡыӡо иҵәахуан.

"Ауаҩы аԥсҭазаароуп дзызшоу, аиҳаракгьы данҿоу аԥсра зынӡаск дазхәыцӡом. Заҟаҩы сырхьымӡазеи. Сгәы ҵыблаауеит урҭ уажәшьҭа ахаангьы иахьсызҭымхуа азы".

Асахьаҭыхҩы иҭыхымҭақәа рҟны иҟам Сулҭан Сосналиев ихаҿсахьагьы.

"Сара зны Сулҭан Сосналиев иблиндаж ахьчараҟны сгылан. Даара исҭахын исахьа аҭыхра аха исзымгәыӷьит. Аамҭа уи аҭагылазаашьа снамҭеит".

Шықәсқәак раԥхьа Руслан далахәын аинрал-леитинант Сосналиев аџьаз иалху ибиуст аус адулара. Уи ықәыргылахоит Ахьӡ-аԥша апарк аҟны.

22 шықәса раԥхьа, 1993 шықәса цәыббра 27 рзы аԥсуа ар Аҟәа иалалеит. Ахы иақәиҭхеит аҳҭнықалақь.

"Аҟәа анаага ԥхьаҟа иҟалашаз удыррыртә иҟалеит. Сара уаҳа сымцеит. Исхықәкы хадаз сықалақь ахақәиҭтәра салахәын. Иаразнак схы сырхеит сҟазарҭа ахьыҟаз ахь. Уа зегь еилаԥыххаа иҟан, аха ари сара сыҩнакәын. Сара сыҩныҟа сааит".

Руслан Габлиа иҭыхымҭақәа Алада Ешыратәи амузеи аҟны акыршықәса ицәыргақәҵан. Уажәы урҭ автор иҿы иҟоуп.

Сахьацыԥхьаӡа ауаҩы, уи иԥсҭазаара, иеибашьра, иҭынчра, игәырҩа, игәырӷьара рныԥшуеит.

Руслан Габлиа – Аԥсны аибашьра алахәылацәа рпортреҭқәа 60 инареиҳаны дравторуп. Иара ифырхацәа рҭоурыхқәа апортал Sputnik Аԥсны ианылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0