Генри Гамсаниа: Аиааира ҳара ишаҳтәхоз еснагь агәра ҳгон

© Sputnik Томас ТхайцукГенри Гамсаниа.
Генри Гамсаниа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Генри Гамсаниа Аԥсадгьыли ажәлари рҿаԥхьа илшамҭақәа рзы ианашьоуп Ахаҵаразы аорден.

Саид Барганџьиа, Sputnik

Асахьаҭыхыҩ Руслан Габлиа аибашьра адәаҿы зҭыхра дахьӡаз 60 фырхацәа рсахьақәа еиқәдырхеит аибашьцәа усҟантәи рхаҿқәа. Аинформациатә агентра Sputnik Аԥсны апроект ҿыц "Иҭыхым аибашьцәа" аресурсқәа рҟны ицәыргахоит асахьаҭыхыҩ Руслан Габлиа иҭыхымҭақәеи уи ифырхацәа ирызку аочеркқәеи.

Патреҭк аҭоурых

Аибашьраҿы дарбанызаалак иман ихатәы мҩа, аиааирахь дназгоз. Ирацәаҩуп уи амҩа ззынамыгӡаз, иҟоуп аиааира ашьҭахь иаҳԥырҵыз, аха иаанхеит урҭ рпатреҭқәа, асахьаҭыхҩы инапала иҭихыз. Убас, урҭ руак аҟны даабоит 19 шықәса зхыҵуаз аԥсуа рԥыс – Генри Гамсаниа.

Аибашьра цон. Есҽны иааҩуан аԥсыӡқәа. Аха ус шакәызгьы аԥсҭазаара иара атәы ҟанаҵон. Аибашьраҿ ииуан абзиабара, аиҩызара. Еиҩызарак аҭоурых иазкуп Руслан Габлиа исахьагьы.

"Иахьынӡасгәалашәо ала, Руслани сареи Марттәи ажәылараан ауп ҳанеиқәшәаз. Ҳара аамҭак, ҭагылазаашьак ҳаиԥнагалеит. Ешыратәи аҩаӡарақәа руак аҟны акәын ҳахьтәаз. Сара лассы-лассы избон хҭацәыхак шааиоулак Руслан асахьаҭыхра нап шаиркуаз", — еиҭеиҳәоит Генри Гамсаниа.

Руслан аибашьцәа рсахьақәа ҭихуан.

"Ҽнак зны упатреҭ ҭысхыр сҭахуп иҳәеит, иааинырсланы, ҩажәа минуҭгьы дамгақәа иҭихит ссахьа", — игәалаиршәоит Гамсаниа.

Генри Гамсаниеи Руслан Габлиеи аибашьра ашьҭахьгьы рымҩақәа хаз-хазы еиԥырымҵит, урҭ иахьагьы аблаҷыц еиԥш ирыхьчоит аибашьра адәаҟны ииз реиҩызара ԥшьа.

Акыр шықәсқәа рышьҭахь Руслан иҩыза ииҭоит уи асахьа ахкьыԥхьаа.

Генри Гамсаниа иеибашьратә мшқәа 413

Генри Гамсаниа иеибашьратә ҭоурых ахы акит раԥхьатәи амшқәа инадыркны. Иара диит Тҟәарчал араион, Актәи Бедиа ақыҭаҟны, амаҵзурауаа рҭаацәараҿы.

Иаб ашкол аҟны рҵаҩыс аус иуан. Аҭаацәараҟны Генри зегьы дреҵбын. 1990 шықәсазы абжьаратә школ далгеит.

Убри ашьҭахь иреиҳау аҵараиурҭа аҭалара иҽазикит аха изалмыршеит. 1992 шықәсазы аррамаҵзурахьы иԥхьеит.

"Аибашьра алагамҭазы сара аԥсуа гвардиаҟны аррамаҵзура сахысуан. Ҳара ҳгәыԥ Ачадара ақыҭан итәан. Сҩызцәа реиҳараҩык реиԥш аибашьра абла сҭаԥшит Ацҳа ҟаԥшь аҟны, уинахыс Гәымсҭатәи афронт аҟны сеибашьуан.

Генри еиҭеиҳәоит аибашьра ианналага инаркны 16 шықәса зхыҵуаз инадыркны зықәра акыр инеихьазгьы абџьар шышьҭырхыз.

"Зегьы еилыркаауан атәыла, аԥсҭазаара, аџьынџь, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш рыхьчара аамҭа шааиз. Хыла-ԥсыла еилыркаауан аибашьра иацыз аԥсҭбарақәа аха аиҳараҩык шәара рзымдыруа ԥхьаҟа ицон".

Эркан Кутарба, ветеран войны - Sputnik Аҧсны
Еркан Қәҭарба: аибашьра иаҳцәагаз маҷым, аха иаҳзаанагаз акыр еиҳауп

Аибашьҩы иҳәоит аҭыԥ шрымаз аилибамкаарақәагьы, агәеиҵахарақәагьы аха изылшоз зегьы аӡәк иеиԥш абџьар еицышьҭырхит ҳәа.

"Сара, 19 шықәса зхыҵуаз аҷкәын, иныҭкааны исзеилкаауамызт џьоукы рхы-рыԥсы иамеигӡакәа изеибашьуаз, аҽа џьоукы рхы ныԥхьак-ааԥхьакуа уи рхы зацәырыхьчоз", — игәалаиршәоит Генри.

Иара иажәақәа рыла, аиааира ҳара ишаагоз азы ахаангьы гәыҩбара имоуцызт.

"Анцәа исиҭеит алшара аиааира сыблала избарц, сыблала избарц ахьыԥшымра аиура. Агәра згоит ԥхьаҟагьы иҵегьы Аԥсны абзиарақәа збап ҳәа".

Аибашьраҟны аиҩызара ахәшьара аҽакӡоуп. Араҟа еиҩушоит аҵыхәтәантәи уҿаҵахәы, аҵыхәтәантәи уӡ-ҿамҩа.

"Ишьақәгылоит аҭагылазаашьа ҷыда. Еилукаауеит уааигәа иҟоу ауаа зегьы уара ишугәакьақәоу, ушрықәгәыӷуа, иара уаргьы дара шуқәгәыӷуа. Абарҭ аилкаарақәа иалдыршоит уара уеиқәхарагьы", —иҳәоит Генри.

Арԥыс ҿа иеиликааит аибашьраҟны аҽаџьара иаламҩашьо ишеилукаауа ауаатәыҩса рҟазшьақәа, рыцәгьа-рыбзиа.

"Сара изныкымкәа исҳәахьеит, аибашьра аԥсра ацымзар, заҟа уаҩы-еилкаагахоз ҳәа. Араҟа ауаҩ унапсыргәыҵа данушәа дааԥшуеит".

Генри еснагь ҷыдала дырзыҟан, ирыцҳаишьон аҭынч уааԥсыра.

"Ауаа зегьы рҭыԥқәа иаурырхыҵх. Иҟоуп зыҩнқәа рҟны иаанхазгьы. Аиҳарак урҭ зықәра нықәсхьаз роуп. Урҭ роуп ауадаҩрақәагьы зқәыӷәӷәоз. Аибашьҩы дыхәны ма дышьны данубои зшьапы инанамго быргк, ма зыбз ада зыхәлам хәыҷык дышьны, ма дыхәны данубои еидкылашьа рымам", — игәалаиршәоит Генри.

Аибашьраан иара аштабтә аимадара машьына ҷыда акомандирс дыҟан.

Иҭыхым аибашьцәа - Sputnik Аҧсны
Sputnik Аԥсны апроект ҿыц "Иҭыхым аибашьцәа" Аиааира амш иадҳәалахоит

"1993 шықәса ԥхынгәы 25 рзы ҳмашьына ахы аахеит. Ҽынлан. Ҳанырба икылкааҵәҟьаны иҳаихсит. Иҟан ирхәыз. Иҭахаз. Абри аан иҭахеит Гурам Гьенаба, Валера Кархалаа, Ирина Сыҷынааԥҳа, ихәын Инвер Қәҭарба, сара нас егьи аҟәша аҟынтәи аҷкәынцәа. Иара убасгьы дысгәаласыршәар сҭахуп Гурам Џьапуа", — иҳәоит Генри.

Ихәра ашьҭахь ҩбаҟа мчыбжьы Гәдоуҭа дышьҭан, нас Москваҟа дрышьҭуеит ҽыхәышәтәра ҳәа. Иара иажәақәа рыла, дахьнанагаз агоспиталь аҟны Аԥснынтәи 25-35-ҩык рҟынӡа ахәцәа шьҭан.

Аиааира! Аиааира!

"Сареи, Гена Амҷбеи, Гәырам Џьапуеи, Ныгәзар Џьынџьали палатак аҟны ҳаицышьҭан. Апалатаҟны ателевизор ҳзықәгылан. Жәабыжьк бжьаҳажьуамызт. Иҟаз аҭагылазаашьа бзианы иаадыруан. Аҟәа агара мышқәак шагыз урыс еинралк дықәгылан дцәажәон. Иара иҳәеит Аҟәа аԥсуаа ахы иақәиҭыртәуеит уаҵәы ҳәа. Ииашаҵәҟьаны уаҵәы захьӡыз Аҟәа ахы иақәиҭыртәит".

Аҟәа ахақәиҭтәреиԥш Аиааира амшгьы Генри Москватәи ахәышәтәырҭаҟны даԥылеит.

"Ҳахьышьҭаз апалата дааҩнаххит зыхьӡ сгәаламшәо амедиаҳәшьа. Агәырӷьара лҿықәыҳәҳә, лнапқәа еинҟьо Аԥсны аибашьра еилгеит ҳәа ааҳалалҳәеит. Зегь аидныҳәалара ҳалагеит. Аӡәы илаӷырӡқәа хыжжылон, аҽаӡә дыччон. Ҳгәыдеибакылон ҳҽеигәыҵаҳәҳә".

Аибашьра шеилгазгьы анхара уадаҩын. Афатә, ажәтә ыҟамызт. Иҟамызт аусурҭа ҭыԥқәа.

"Ҳәарада зегьы иаҳцәыуадаҩын. Сара аҵара сҭалеит. 1995 шықәса рзы аусура салагеит Тҟәарчал, апрокуратураҟны. Аус зуан 2008 шықәсанӡа. Нас сиасит Аҟәаҟа. Уажәы ара сынхоит. 2003 шықәсазы аҭаацәара салалеит. Ҩыџьа аԥҳацәа сымоуп. Имариамызт усҟан, аха имариоу акгьы ыҟаӡам".

Иахьа Генри Гамсаниа Аҟәа араион апрокуратураҟны прокурорс аус иуеит.

Генри Гамсаниа ихаҵареи ирыцҳареи

Аԥсуа еибашьцәа рыхӡырымгара иахҟьоит урҭ инагӡаны рфырхаҵарақәеи рыхьыӡқәеи ауаа иахьырзымдыруа.

Аполковник Илиа Гамсаниа иаҳзеиҭеиҳәеит Генри ижәлари иԥсадгьыли рҿаԥхьа илшарақәа рзы Ахаҵаразы аорден шианашьоу.

Генри иареи еибадырит аибашьра ашьҭахь. Уаанӡа ибзианы дидыруан иашьа гәакьа Гена, иара убас иаб иашьа иԥа Џьумбер.

"Сара издыруан Генри иҭаацәараҟны иҟаз арыцҳара атәы. Ԥхынҷкәын 14 рзы Лаҭа иҭахаз авертолиот иҭаблит Генри иан, иашьа иԥҳәыс, иашьа иԥҳа", — игәалаиршәоит Илиа Гамсаниа.

Иара еиҭеиҳәеит Генри Гәымсҭатәи афронт аҟны дшеибашьуаз.

Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа - Sputnik Аҧсны
Руслан Габлиа: аибашьраҟны ауаа сабарда рҿаӡам

"Аибашьраан дырхәит. Оумашәа избоит иԥсы ҭаны дахьаанхаз", — иҳәоит иара.

Генри иӡбахә ала дзацәажәаз зегьы иазгәарҭон уи ифырхаҵара, игәымшәара, игәыӷәӷәара.

Аибашьра ашьҭахь апрокуратураҟны аусурагьы имариаз усмызт.

"Иҟан иуадаҩыз аҭагылазаашьақәагьы. Сара схаҭагьы усҟан аус зуан Тҟәарчал араион Ахадараҟны. Иҟан аҭагылазаашьа акриминогентә гәыԥқәа амилициа ирыкәшаны ахыбра рымпыҵархаларц анрыгәҭаркызгьы. Абри аан Генри дназлаз ҩыџьа-хҩы иалдыршеит аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара", — иҳәоит Илиа Гамсаниа.

Иара убасгьы иазгәеиҭоит Генри аԥсҭазаараҟны илшаз зегьы цхыраарада, ихала ихы ишалиршаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0