Нина Балаева: Аибашьра уԥсҭазаара ахәҭак уцәнарӡуеит

© Sputnik Томас ТхайцукНина Балаева.
Нина Балаева. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Иҭыхым аибашьцәа" апроект иацнаҵоит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла, "Афырхаҵаразы" амедал занашьоу, Аурыс драматә театр асахьаркыратә напхгаҩы Нина Балаева лҭоурых.

Наала Аҩӡыԥҳа, Sputnik

Асахьаҭыхыҩ Руслан Габлиа иҭыхымҭақәа 60 ирныԥшуеит Аԥсны ахьчаҩцәа рҟазшьа, рыҩныҵҟатә ҭагылазаашьа. Аинформациатә агентра Sputnik Абхазиа апроект ҿыц "Иҭыхым аибашьцәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны апортал аресурсқәа рҟны ицәыргоуп асахьаҭыхҩы аибашьраантәи иҭыхымҭақәеи уи ифырхацәа ирызку аочеркқәеи.

Аибашьрахь

Аибашьра аламҭалаз аҳауаҟны иуныруан аиҿагылара, аибарххара зынӡа иааузымчҳартә ишыҟалахьаз. Иара убри аамҭазы агәра угар уҭаххон уҩныҵҟа иҭаҳәҳәоз абжьы — "Мап. Усеиԥш ҟалашьа амам" ҳәа лгәалалыршәоит Нина Балаева аибашьра аԥхьатәи лцәаныррақәа дырзыхынҳәуа.

Ус шакәызгьы, ауаа ҭахо ианалага, абомбақәа ҳақалақьқәеи ҳқыҭақәеи ирылаҳауа ианалага аҭыԥҳа қәыԥш еилылкааит зыгәра лзымгоз ааины ишаалыдгылаз. Иҟоу аҭагылазаашьагьы алҵра шаҭахыз. Алҵра мацара акәым – уара ухаҭа ухы уацхраар шакәыз.

"Абри аҩыза ацәанырра анцәырҵ уаҳа хгашьа амамкәа ианыҟалоуп. Ҳара ҳзы нахьхьи џьоукы ак анбарыӡбари ҳәа атәара, жәабыжьк аҟынтәи аҽа жәабыжьк анбасаҳари ҳәа аԥшра акыр иуадаҩуп. Иеилкаахеит иҳахәара ҳәа аҽа џьоукы акы анырыӡбо ҳәа уԥшыр аасҭа уара ухаҭа уи аус ахьырыӡбо унеир еиҳа ишымариаз. Абри аамҭазы уи аусгьы Гәымсҭа ахықә аҟны ирыӡбо иалагахьан", — еиҭалҳәоит Нина Балаева.

Цәыббрамзазы илаҳаит Баҭал Кәабахьиа амедико-санитартә баталион аиҿкаара даҿуп ҳәа. Абри шаалаҳаз, Аҟәа далҵны Алада Ешыратәи ацҳа дықәсны днеиит Баҭал иҟны. Еилылкаар лҭахын дрыдыркыло дрыдрымкыло. Лшәарақәагьы башамзаарын – Баҭал мап ацәикит еиҿикаауаз абаталион ахь лахыԥхьаӡалара.

Зураб Хаджимба. - Sputnik Аҧсны
Зураб Ҳаџьымба: афатәхәҭақәа рцынхәрас апатронақәа аагон

"Иара зегь ус реиҳәон. Аиҳарак иара иахь инеиуаз ма ибзианы иидыруаз ракәын ма зыуацәа, зҭаацәа бзианы иидыруаз ракәын. Ауаҩы дҭахар урҭ рҿаԥхьа ихароу ыҟоушәа абара иҭахымызт. Иара иҳәеит абаталион алахәылацәа аҽазыҟаҵарақәа ирхысхьеит, ирдыруеит ианаамҭоу ишахәҭоу еиԥш ахымҩаԥгашьа, асанитартә дыррақәагьы ирызҟазоуп ҳәа. "Дарбанызаалак иара иитәу даҿызароуп. Ибҭахызар аҽакала ацхыраара ҟаҵала" иҳәеит Баҭал".

Аамҭақәак рзы Нина Едуард-иԥҳа Аҩадатәи Ешыра иҟаз арратә штаб аҟны аусеилыргара лнапы алакын аха нас амедеҳәшьа Жанна Ӷәынџьиаԥҳа лыцхыраарала аппозициахь днеиит.

"Жанна уажәы аӡәы ӡәыр диазҵаауама лҳәеит. "Уажә ҵаара аҭахӡам. Баҭалгьы нас данышәап – иҟалаша аныҟалалак" лҳәеит. Ус егьыҟалеит"

Абас ауп, Нина Балаева Гәымсҭатәи афронт аҟны медицинатә еҳәшьас дшыҟалаз.

© Фото : Руслан ГаблияПортрет Нины Балаевой.
Портрет Нины Балаевой. - Sputnik Аҧсны
Портрет Нины Балаевой.

Сара абџьар бзиа избаӡом

Аибашьра цонаҵы, Нина абџьар лнапы иалыркуамызт.

"Аӡӷабцәа бзиа ирбон автомат ала ахысра, иҟан атапанчақәагьы зыҟәнызҵоз. Сара зынӡаск абџьар бзиа избаӡом. Ахаангьы исымандаз, искындаз ҳәа сҟамлацызт. Иҟан ҳаӡӷабцәа, ирытҟәар рхы аԥырыргарц азы агранатақәа змаз. Аха урҭгьы зныкгьы исыдсымгалацызт. Усеиԥш ҟалап ҳәагьы ахәыцра сҽацәысыхьчон. Сара ахаангьы бџьар сымкыцызт".

Асахьаҭыхыҩ аибашьраҟынгьы дышсахьаҭыхҩу даанхоит

Руслан Нина данҭихуаз амш ҭынчрала иалагеит. Руслан иусумҭа даалгоны еиԥш иаарылаҩит апозициақәа руак аминамиоттә хысра ӷәӷәа иақәшәеит, ихәу ишьу рацәаҩуп ҳәа. Нинагь иаразнакы егьырҭ лҩызцәа дрыцны уахь лҿыналхеит.

"Ҳара уа ҳаннеи ахәцәа рацәаҵәҟьан. Арахь аус зуаз цхыраара ласык акәын. Зегь уи ала ишаҳзалымгоз анааба иҳаӡбеит аевокуациатә пункт аҟынӡа инаганы уахьынтәи нас наҟ иаагарц", — уи амш лгәалалыршәоит Нина.

Азанааҭ уанаԥшаауа

Иахьа Нина Балаева Аурыс драматә театр асахьаркыратә напхгаҩыс дыҟоуп. Аибашьраан илоуҳәаргьы агәра лгомызт атеатр арежиссиорс дҟалап ҳәа. Лара лгәы иаанагон ари аҩыза азанааҭ амаҵ азызуыр зылшо ауаа маҷҩуп ҳәа. Аха иара убри аамҭазы, аиҳарак арежиссиорцәа ирҷыда ҟазшьоу аԥсҭазаара адкылашьа лыман.

Эркан Кутарба, ветеран войны - Sputnik Аҧсны
Еркан Қәҭарба: аибашьра иаҳцәагаз маҷым, аха иаҳзаанагаз акыр еиҳауп

"Ианартәи ажәылараан акәын. Ахысбыжьқәа адгьыл агәы ҭырҟьон. Амҩа аҿықә ҳҽаваӡан ацҳахь ҳҳәазаны албаара ҳаҿын. Адунеи иахыҵәаз ахысыбжьқәа абырсааҭк-абырсааҭк иааиқәтәалон. Исаҳауааз сара абарҭ аимгеимцарақәа раан? Аҵарақәа рашәабжь. Аҭынч шәабжь. Аџьшьара аасызцәырҵуан – аамҭак ала ашәабжьи ахысыбжьи рҽызлеиларыгӡозеи ҳәа" иахьагьы лхы дазҵаауеит Нина Балаева.

"Адунеи ааҳәреи" иҭынчу ашәабжьи реилаӡҩара илеилнаркааит ахаангьы илхашҭраны дшыҟам еидкылашьа змам реидкылара.

Ашәара ашәара наскьанацон

Аибашьраҟны иҟалалон ҭагылазаашьақәак ашәара ду зыцны иубоз акы шәарҭаӡамызшәа уазхәыцуа уаналагоз, избанзар иара еиҳаз аҽа шәарҭак уанион азы ҳәа лгәалалыршәоит Нина.

"Иаҳҳәап, ҳара кыр ҳацәшәон аӡыхь ахь ӡаагараҳәа албаара, избанзар уахь унеирцаз адәыхтыра уқәсыр акәын. Иҟан мышқәак, аӷацәа ргәы ҿыӷьуазу ргәыԥжәара хыжжуазу сеидроу, шьыжьы инаркны хәлаанӡа ахысра анҭарҵоз".

Аха иара убри амҩахәҭа ажәылара ашьҭахь шәара ҳәа акгьы ацӡамызшәа аабон.

"Ажәылара ашьҭахь мчыбжьык аԥхьа ишәарҭа дузшәа иубоз зынӡа имариоушәа агәаанагара уоуан. Зегь ирыцку – еиҳа идуу, еиҳа еицәоу акгьы ахьыҟам ауп".

Аибашьраҟынтәи аҭынчрахь

Генри Гамсаниа. - Sputnik Аҧсны
Генри Гамсаниа: Аиааира ҳара ишаҳтәхоз еснагь агәра ҳгон

Аибашьра ахыркәшарахь инеиуаны, Нина марттәи ажәылара аԥхьа дзыниаз авариа иахҟьаны Москваҟа ҽыхәышәтәра ҳәа дрышьҭит. Уаҟоуп аиааира аӡбахәгьы ахьлаҳаз.

"Аибашьраан зегьы ҳагәқәа ирҭаз иара аибашьра ахаҭа акәын. Аибашьра ауаа ирыцәнарӡуеит рыԥсҭазаара ахәҭак. Мышкы шықәсык иаҩсуеит. Иҟалоит уара уччо алаф ануҳәо, аха угәы иҭоу ахьанҭара убысҟангьы џьаргьы аҽаҵәахӡом. Уа ишҭац иҭоуп. Зныкыр џьаракыр царҭа аиурымашь ҳәагьы ухәыцуеит. Ҳара усҟангьы иаадыруа ҳалагахьан ауадаҩрақәа ԥхьаҟагьы ишыҟало аха аибашьраз акәаԥ ргылоуп ҳәа. Ус акәыз џьаҳшьон. Нас заҟантә иҟалазеи аибашьратә ҭагылазаашьақәа? Заҟантәгьы ашәара ҳаузеи абар-абар еиҭах ихацыркхоит ҳәа. Ус егьа иҟазаргьы аибашьра анырра аҭынчра аныррала аҽаԥсаххьан".

Шьҭахьҟа ахынҳәра амҩа акхьан. Инаӡеит зегь ззыҟалаз, ззы иқәԥоз, ауадаҩрақәа ириааиуаз.

Аибашьра ашьҭахьтәи аԥсҭазаара

Аибашьра ашьҭахь акыр иуадаҩын уск ахышьҭыхра. Аиҳаракгьы атеатр аус еиԥшыз. Џьара акы аиҿкаара, аиқәырхара уҽаназушәоз иуԥылоз ауадаҩрақәа рацәаӡан ҳәа еиҭалҳәоит Нина Едуард-иԥҳа. Аха лара агәрагара лымоуп икаҳара аасҭа еиҳаны игылоу ауаҩы аиааира шиго.

"Зегьы ирыцкуп аибашьра ахьыҟам. Иуадаҩзааит аҭынч ԥсҭазаара, иҟазааит иузымхо џьара акы. Зегь дара роуп иҟоуп алшарақәа. Реидкылара алшом аҭынч ԥсҭазаара ауадаҩрақәеи аибашьраҟны иҟалалоу аҭынчра ашәымҭақәеи. Урҭ еиваҟәалашьа рыман иҟаӡам".

© Фото : из личного архива Нины БалаевойНина Балаева, участница Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 годов.
1/3
Нина Балаева, участница Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 годов.
© Фото : из личного архива Нины БалаевойНина Балаева, участница Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 годов.
2/3
Нина Балаева, участница Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 годов.
© Фото : из личного архива Нины БалаевойНина Балаева, участница Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 годов.
Нина Балаева, участница Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 годов. - Sputnik Аҧсны
3/3
Нина Балаева, участница Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 годов.
1/3
Нина Балаева, участница Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 годов.
2/3
Нина Балаева, участница Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 годов.
3/3
Нина Балаева, участница Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 годов.

Аҭынч ԥсҭазараан зегь еснагь ак рызхом, аказы ргәы наӡом, аха шьаҿа-шьаҿа зегьы урыхьӡоит. Аибашьрашьҭахьтәи аамҭақәагь дара ирышьашәалаз амчра ҳаларҵеит лҳәоит Нина.

"Акыраамҭаӡа аибашьра еиҭалагома иаламгома ҳәа ахәыцрақәа ҳҭаауан. Акыраамҭатәи проектк ахацыркрагьы ҳацәшәон. Аха иара бри аамҭазы ирацәамзаргьы иҟаҵатәу ҟаҵатәуп ҳәа иаҳшьон. Аҭынчра нагӡа анбаҟало ҳәа уи ҳазыԥшны ҳҿи-ҳнапи еиқәыԥса ҳтәазҭгьы ҳашԥаҟаларыз. Арҭ ашықәс уадаҩқәа ҳара иаҳдырҵеит иҟаҵатәу ҟаҵала иҟалаша уазхьамԥшыкәа ҳәа ахәыцра. Ауаҩы дгәыӷлароуп. Џьара шәарҭарак аҟалараз ацәшәара ҳамазаргьы ԥхьаҟа ҳцалароуп. Ҳаԥсҭазаарагьы ҳнапала ишьақәҳаргылалароуп".

Ус анакәымха аԥсҭазаара ҵакыдахоит ҳәа азылыԥхьаӡоит ҳҭоурых афырԥҳәызба. Ҳәарада, уи иагьиашоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0