Ҭамаз Габниа: аибашьра адәаҿы зегь ирылшоз ҟарҵон

© Sputnik, Томас ҬҳаиҵыкәҬамаз Габниа
Ҭамаз Габниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз Зураб Габниа иеибашьратә мҩа атәы ҳзеиҭеиҳәеит уи иашьеиҵбы Ҭамаз Габниа.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik.

Ҭамаз Габниа иажәақәа рыла, асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа аибашьцәа рхаҿсахьақәа ахьҭихуаз Аԥсны аҭоурых аиқәырхара, уи ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рызнагаразы даара аҵакы дууп.

"Аҷкәынцәа ахьтәаз, аминақәа ахьԥжәоз, аиҿахысрақәа ахьыҟаз днеины аибашьцәа ахьҭихуаз даара ахә ҳаракны исшьоит. Аҭоурых зчаԥоз ҳаибашьцәа рхаҿқәа сахьала раарԥшра даараӡа акыр зҵазку усуп. Иҟасҵаз аҭыхымҭа ауаа ибаны рҭоурых дмырӡындаз ҳәа гәҭакыс иман", — иҳәеит Ҭамаз Габниа.

Аибашьра адәаҿы

Аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡа Зураб Габниа амашьына ду ныҟәицон, Урыстәылаҟа дцон акоммерциа аус инапы алакын, хныҟәгашьас имаз уи акәын. Сусқәак ҟасҵап ҳәа Урыстәылаҟа дцеит аибашьра алагаанӡа. Уахь дшыҟаз, Аԥсны арыцҳара ҟалеит ҳәа иаҳаит. Абри ажәабжь шиаҳаз еиԥш иԥсадгьы ашҟа ддәықәлеит.

"Аибашьра ҩым-хымш ахыҵхьан Зураб Аԥсныҟа данаа. Уи имашьына ду "Камаз" Џьырхәа аҷкәынцәа ҳақәыртәаны ҳиманы Гагра ҳаигон, ҳааигон. Ақалақь ҭадырцәаанӡа, ҳазегь уахь ҳаҟан, ианҭадырцәы, даҽа хырхарҭа-хырхарҭак ахь ҳцеит", — игәалаиршәеит Ҭамаз Габниа.

© Фото : Руслан ГаблияЗураб Габниа
Зураб Габниа  - Sputnik Аҧсны
Зураб Габниа

Зураб Габниа иҩызцәа дрыцны Аҟәа ахырхарҭахь еибашьра диасит, агәыԥ “Бабаду“ далалеит. Уи ицеибашьуан Џьон Ԥлиа, Мираб Тарнава, Вилик Цәеиба уҳәа. Агәыԥ, Ешыратәи ахырӷәӷәарҭа иақәшәеит.

"Марттәи ажәылара рҽаназыркуаз Зураб аҩныҟа дааит, — аҩны шәнеины, шәҭаацәа шәнарылаԥшны шәаа ҳәа аиҳабыра ирарҳәеит. Уахык дааҳалаԥхьеит, данцоз сара амашьынахәҷы ала ҳаҳәшьаԥа Цәеиба Вилики иареи Гәдоуҭанӡа изгеит, нас дара рҩызцәа ирыцны апозициа ашҟа ицеит", — ациҵеит аибашьҩы иашьа.

Ахәра

Марттәи ажәылара аан, Зураб Габниа иҩызцәа ицны Гәымсҭа дыӡхыҵит, уаҟа аиҿахысра ӷәӷәа ҟалеит, уи иахҟьаны Вилик Цәеибеи иареи ахәрақәа роуит.

"Марттәи ажәылара аԥсуаа ишаҳҭахыз еиԥш изыҟамлеит, ахьаҵра аҭаххеит. Ахәцәеи иршьқәази Гәдоуҭаҟа апоезд иақәҵаны иааргон, урҭ ҳашьа дрылазар ҳәа аимдара ҳалагеит, аха уа дҳамбаӡеит", — азгәеиҭеит Ҭамаз Габниа.

Зураби Вилики рыхабар аныҟамла, урҭ рҭынхацәа рыԥсырҭа аабозар рҳәан, Ешыраҟа амҩа иқәлеит.

"Ҳаншьа иҷкәын Маҭбеи Цәеиба имашьынала ҳҿынаҳхан Ешыра ҳцеит. Аҵаара ҳалагеит Зураби Вилики ирызкны аӡәыр акыр идыруазар ҳәа, аха иҭахаз рахьгьы иҟамызт, заԥсы ҭаз рахьгьы. Ауаа рҟыжуа иршьуан ҳәа уҳәан-сҳәанқәак дәықәлеит, рхырхарҭак аабозар ҳа ҳаибашьцәа рхырӷәӷәарҭаҿы ҳнеит Гәымсҭа. Уаҟа иарманык дҳақәшәеит, уи излаҳаиҳәаз ала, иахьыҟаз аҭыԥ аҟынтәи ишԥшуаз, ахәрақәа змаз аԥсуа еибашьцәа атанк иацраҳәаны ирыманы ишцоз рбеит. Ҳара аӡы ҳаруеит ҳәа ҳагьаламгеит, избанзар иаадыруан уахь ҳарны ҳамч шымхоз", — иҳәеит уи.

Анаҩс, аԥсуа еибашьцәа ирарҳәеит, Зураби Вилики рыԥсы шҭаз ақырҭқәа икны иргазар, нас иршьызар ҟалап ҳәа. Аха усҟан дара Гәымсҭа аӡнырцә иааскьаны итәазаарын, ҳаибашьцәа урҭ ахьтәаз бинокльла ирбозаарын.

Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа - Sputnik Аҧсны
Руслан Габлиа: аибашьраҟны ауаа сабарда рҿаӡам

"Урҭ ахәрақәа роун Гәымсҭа ахықә ала ҳхырӷәӷәарҭақәа рахь идәықәлеит, ишааиуаз дрықәшәеит аԥсуаа ирыдгыланы еибашьуаз урыс ҷкәынакгьы, уи Данилов ижәлан, Санкт-Петербургынтәи дааит. Сеиҳабы ишьапы хәын, уи ҿарҳәеит, аха зны-зынла ашьа аужьҭтәызаарын, аха аибашьраҿы ахныҟәгашьа здыруадаз, агангрена ззырҳәо аҿиара иалагеит", — иҳәеит даагәыԥснычҳан аиашьа.

Зураб ицыз Виликгьы ишьапы хәын, аха уи злаҿаҳәаз ҽеила ирххамызт, зны иԥтуан, зны иҿеиҳәон, убри иабзоураны ишьапы ачымазара амыхьӡеит, деиқәнархеит. Рыҩџьегьы аурыс ҷкәын дрыцхрааны, аӡы ахықә аҟынӡа инаӡеит.

"Ҳара ҳтәқәа абиноколь ала иахьԥшуаз ирбон нырцә аӡхықә урҭ ахьықәтәаз. Аха ҽынла дара рахь иӡхыргоит ҳа иалагар, ақырҭқәа реихсны иршьуан, уи азы аӡыршәара ахьыҟаз иҭатәаны рнапқәа рҟьон. Ахәылбыҽха ҳаибашьцәа аӡы ирны инеин, дара рахь ирыргеит", — азгәеиҭеит Ҭамаз Габниа.

Анаҩс, ахәцәа аладахьтәи Ешыра, Шыцкәараҟа иргеит, уа раԥхьатәи ацхыраара рырҭеит. Ҭамази Маҭбеи Гәымсҭа ишыҟаз, Зураби Вилики Шыцкәараҟа иргахьазаарын, аха дара ирыздырӡомызт, амҩахь еивысит.

"Зураби Вилики Шыцкәарантә Афон иргеит, уаантәи ацхыраара ласы амашьынақәа ирықәҵаны Гәдоуҭа агоспиталь ашҟа ииаргеит. Аха урҭ ара Гәдоуҭа ишыҟаз ҳзымдыркәа ҳрывсны аҩныҟа ҳааит. Ҳан рыцҳа дыцәаӡомызт, ҳаннеи, рхырхарҭа ҳамбеит ҳәа лаҳҳәеит, анцәа абзиара ҟаҵы урҭ ҭахазаргьы ҳаԥсадгьыл аҿоуп иахьыҟоу, ҳан бҽырӷәӷәа ҳҳәеит", — игәалаиршәеит уи.

Зураб иҭаацәа иԥсы ҭоу иҭаму рзымдыруа инхеит, иԥсадгьыл ихы ақәиҵазаргьы ахақәиҭра ауп изқәиҵаз ҳәа ҩныҵҟала рыҽдырӷәӷәон.

"Иҟоуҵозеи нас, ауаҩԥсы дзықәшәалакгьы ихы анираалар ауп. Ауха асааҭ ԥшьбаҟа ҟалахьан Ешыра санцоз исыцыз Цәеиба Маҭбеи машьынала дааит. Абаа угыл Ҭамаз, уашьагьы Виликгьы аарган Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп, ҳәа сеиҳәеит. Сашьа ишьапы агангрена аҽарӷәӷәо иалагеит, убри аҟнытә иаарласы ишьапы ахҵәара аҭаххеит", — иҳәеит уи.

Нина Балаева. - Sputnik Аҧсны
Нина Балаева: Аибашьра уԥсҭазаара ахәҭак уцәнарӡуеит

Аҳақьымцәа ахьеилацәажәаз ирыӡбеит Зураб ишьапы иҩаханы иҿакны ихҵәатәуп, агангрена иӷралар иус цәгьахоит ҳәа.

"Ҵурҵумиа Џьамал иҩыза урыс ҳақьымк дицны Саратовынтә дааны дыҟан. Џьамал ихы иадҵаны, ҳара ҳнеиаанӡа Зураб ишьапы хиҵәеит. Ҳаннеи акапельницақәа ихаргыланы дышьҭан. Зураб ишьапы агангрена аман азы, ашәҭ еиԥш ирҟьаны, аҿы аартны иҟан. Џьамал Ҵурҵумиа сааикәыхшааит, Зураб усҟан иԥсы еиқәирхеит", — азгәеиҭеит Ҭамаз Габниа.

Аибашьра ашьҭахь

Аибашьра ашьҭахь Зураб Габниа имаз ахәра игәабзиара уашәшәыраны иҟанаҵеит, насгьы агәыхьгьы шьҭихит. 

"Зураб изшьапык шимамызгьы дтәаӡомызт, ихы дахәон. Уи абыс даҳхагылан, ҳара ҳшыхәҷыз ҳаб адунеи иԥсахит. Аибашьра анеилга ашьҭахь сашьа бжьы шықәса дықәԥон, Москва, Краснодар ахәшәтәразы дышьҭарҵаххьан, аха аибашьра изыннажьыз ахәра иамуит", — иҳәеит аибашьҩы иашьа.

Зураб Габниа иҭынхеит аԥеи аԥҳаи, уи иҷкәын аҭаацәара далалахьеит, ҩыџьа ахәыҷқәа имоуп. Зураб Габниа Агәымшәаразы амедаль ианашьоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0