Рафаель Аиба: Аиааира ашьҭахьтәи ашықәсқәа – ианымхысуа аамҭоуп

© Sputnik Томас ТхайцукРафаэль Айба.
Рафаэль Айба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Иҭыхым аибашьцәа" апроект иацнаҵоит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла, Леон иорден занашьоу Рафаель Аиба иҭоурых.

Асҭанда Арӡынԥҳа, Sputnik

Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа иҭыхымҭақәа 60 ирныԥшуеит Аԥсны ахьчаҩцәа рҟазшьа, рыҩныҵҟатә ҭагылазаашьа. Аинформациатә агентра Sputnik Аԥсны апроект ҿыц "Иҭыхым аибашьцәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны апортал аресурсқәа рҟны ицәыргоуп асахьаҭыхҩы аибашьраантәи иҭыхымҭақәеи уи ифырхацәа ирызку аочеркқәеи.

Нанҳәа 14

"Сара ари арыцхә сыбжьы нҭыганы, сҿы иҭыхны исҳәаӡом. 1992 шықәса нанҳәамзазы сара Ҟәланырхәа саншьцәа рҿы сыҟан. Убри аҽны сҩызеи сареи шәарыцара ҳцараны ҳаҟан, аха…"

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу, амилициа аподполковник Рафаель Аиба раԥхьаӡа акәны аинтервиу аҭара дақәшаҳаҭхеит. Иареи ҳареи ҳаицәажәара мҩаԥысуеит Гәдоуҭатәи араионтә милициа ахыбраҟны. Аиԥылара сҽазырхио, сара заа, Аҟәа издыруаз сразҵаауан Рафаель Аиба иӡбахә азы. "Душману? Дышԥаҳзымдыруеи!" — рҳәон сзазҵаауаз. Абас ауаа рацәа дшырдыруагьы Рафаель Аиба раԥхьаӡа акәны аинтервиу иҭиуан. Сиазҵаауеит уаанӡа аҭыхрақәа шәызрықәымшаҳаҭхоз ҳәа.

Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа - Sputnik Аҧсны
Руслан Габлиа: аибашьраҟны ауаа сабарда рҿаӡам

"Сара исцәымӷуп аҽраԥшӡара. Скомандир даара аҳәара ҟаиҵеит шәареи сареи ҳаиԥыларц. Уи ауп еиҳаракгьы сзақәшаҳаҭхаз", — иҳәеит сызҵаара аҭакс.

Аԥсны аибашьра ҟалеит ҳәа заҳаз Рафаель ишәақь аашьҭыхны Аҟәаҟа ихы ирхеит. Раԥхьатәи аиҿагыларагьы дналагылеит. Иара дивагылан иашьеиҵбы Џьамалгьы (Џьамал Аиба – Аԥсны Афырхаҵа, аред.)

"Раԥхьатәи ҳаиҿагылара хашҭшьа амам. Аӷа дкылыԥшыхәаан усҟан ҳхысуеит ҳәа сыҟамызт. Ус, аӷа иахь ҳабџьар ахы рханы ҳхысуан", — еиҭеиҳәоит Аиба.

Абри амш аҽны Ацҳа шкәакәаҟны дырхәит Рафаель иашьа Џьамал.

Хара имгакәа аԥсуа еибашьцәа адҵа роуит Гәымсҭаҟа ииасырц.

"Ибзианы исгәалашәоит Анқәаби Озгани аиҿцәажәарахь ианнеиуаз. Саргьы срыцын убри аамҭазы. Заур Ҭырқьба Анқәаб иеиҳәеит "ҳаржьар ҟалоит» ҳәа, аха аҭак имаҳаит. Иҟалап, ишыҟалаз еиҳа еиӷьзаргьы, избанзар уаҟа раанкылара ҳалшон ҳәа сыҟамызт", — игәалаиршәоит иара.

Иара иазгәеиҭоит аԥсуаа убарҭ ахымшык, Аҟәа иалалаз ақырҭцәа ақалақьуаа дырҳәуанаҵы, ишрырҭаз аҽеидкылараз алшара.

"Ҳара иҳахәеит дара арҳәреи ақәылареи рҽахьазыркыз. Уи ҳара иаҳнаҭеит алшара аҽеидкыларазы. Ишцоз ицазҭгьы, иҟалашаз атәы аҳәара даара иуадаҩуп. Гагреи Аҟәеи ҳаарыбжьакны, иаҳцәызгода ҳәа рхәыцзар акәхап, ақалақь арҳәра иалагеит. Аԥсуаа усгьы имаҷуп, рыҽҳарҭап ргәахәзар акәхап".

© SputnikРафаэль Айба - второй слева.
1/2
Рафаэль Айба - второй слева.
© SputnikРафаэль Айба - справа.
2/2
Рафаэль Айба - справа.
1/2
Рафаэль Айба - второй слева.
2/2
Рафаэль Айба - справа.

Аԥсуаа Гагра анырга ашьҭахь ауп ақырҭцәа иныҭкааны ианеилыркаа ҳшымыхәмаруаз.

"Аиаша уҳәозар рықәнага иақәҳаршәеит".

Беркут

"Ԥсҳәыҟа ҳаиаргеит. Ҽнак схы сахьааҩахаз, ажәҩан инадызбалеит адунеи зегь зымҽхакны ихиаала инеиуаз ашьауардын. Агәыԥ ахьӡгьы (Беркут) убри ашәымҭаз иит".

Аибашьра афбатәи амш азы Сулҭан Сосналиев (аинрал-леитенант, Аԥсны Афырхаҵа. Аред.) аибашьцәа гәыԥҩык Ԥсҳәыҟа ишьҭит Аҟәаҟа илбаауаз амҩеи аҭыԥантәи аеродроми рыхьчаразы.

Ҭамаз Габниа - Sputnik Аҧсны
Ҭамаз Габниа: аибашьра адәаҿы зегь ирылшоз ҟарҵон

"Беркут" зыхьӡырҵаз агәыԥ акомандаҟаҵара инапы ианырҵеит Гена Марганиа. Аибашьцәа уантәи ақырҭуа гәыԥ ахырцан аҭыԥантәи арадиостанциа ааныркылеит.

"Аԥхьа ҳара ҳхыԥхьаӡара 20-ҩык рҟынӡа ыҟан, нас иҵегьы аҷкәынцәа ҳацлеит. Сара агәыԥ арадистс сыҟан", — еиҭеиҳәоит Аиба.

Аҭыԥантәи ауааԥсыра гәырӷьарыла ирыдыркылеит аԥсуа еибашьцәа рнеира. Урҭ аамҭа-аамҭала Гәдоуҭаҟа афатә-ажәтә аарышьҭуан.

"Ҳара Гәдоуҭаҟа иаагон ацха, ашә. Ахәышәтәырҭаҟны ахәцәа ирызнаагон", — еиҭеиҳәоит аветеран.

Аӷа изныкымкәа иҽазишәахьан агәыԥ "Беркут" рҭыԥ рахцара, аха уи зныкгьы изалмыршеит. Аамҭа-аамҭала ҳаибашьцәа аӷа итыл аҟны инеины атҟәацәа ргон.

"Беркут" иалахәыз аҷкәынцәа зегьы фырхацәаны рхы аадырԥшуан. Аибашьра уааи ҳәа зоуҳәоуи зхала аибашьра инеиуеи зынӡа еиԥшым", — иҳәоит Аиба.

1992 шықәса жьҭаара 6 рзы Гагра ахы ианақәиҭха ашьҭахь агәыԥ "Беркут" агаҟа илбааргеит.

"Ҳара ҳалахәын Шроматәи аоперациа. Усҟан ҳара ацәыӡ дуқәа ҳауит. Гагра анаага ашьҭахь ҳамчқәа ҳрықәгәыӷцәазар ҟалап", —  иҳәеит иара.

"Абаталион аҟны Душман сыхьӡырҵеит. Иҟалап афгантәи адушманцәа среиԥшзар. Ари ахьӡшьара ус иагьысзаанхеит. Ахәыҷқәагьы ус ауп ишсарҳәо".

Ианартәи ажәылара ашьҭахь Сергеи Дбар (аинрал-леитинант, Аԥсны Афырхаҵа. Аред.) Рафаель Аиба дишьҭуеит Гәымсҭатәи афронт аҩбатәи абригада аҩбатәи абаталион ахь. Уаҟа иара акомандир ихаҭыԥуаҩ ҳәа дҟалоит арратә зыҟаҵара аганахьала.

Нина Балаева. - Sputnik Аҧсны
Нина Балаева: Аибашьра уԥсҭазаара ахәҭак уцәнарӡуеит

"Ҳара ҳбаталион аҟны иҟан ашәаҳәаҩцәа, акәашаҩцәа. Егьырҭ агәыԥқәа қыҭа-қыҭала, ҳабла-ҳаблала рҽеидкылан иҟан. Ҳара ҳҟны Аԥсны ахы-аҵыхәа зегьы ҳаивагылан. Ара иҟан адирижиор Славик Аиба, ашәаҳәаҩ Ҳагба. Аираа ҳбаталион аҟны ирацәаҩын", — еиҭеиҳәоит аветеран.

Асовет аамҭақәа рзы Рафаель Аиба Венгриа аррамаҵзура дахысуан, авзвод акомандир ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Арратә усқәагьы маҷк аҟара ртәы идыруан.

Абаталион далахәны Аиба дрылан 1993 шықәса март 155-16 рзы Аҟәа иалалаз аибашьцәа.

"Марттәи ажәылараан агәра ганы сыҟан аҳҭнықалақь ахы иақәиҭаҳтәуеит ҳәа. Ҳбаталион цәыӡда аӡы ирсит. Сара соуп раԥхьа ирхәыз. Ҳбаталион аҽашеит аротақәа хԥа рыла, аӡгьы х-ҳыԥк рҟны ҳарсит. Иҳавагыланы инеиуан Гена Марганиеи Фридон Аҩӡбеи. Ҳадҵа анагӡара рацәак агмызт аха ацхыраагӡатә гәыԥқәа ҳашьҭаланы ианзымнеи ҳаргьы ҳаихәыдхашәеит".

Рафаель Аиба еиҭеиҳәоит асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа иҭихыз исахьа дахӡыӡаауа иҩны иҵәахны ишимоу.

"Уи сара сымацара сакәым зсахьа ҭихыз. Ирацәаҩуп. Иҟалап урҭ реиҳараҩык иахьа рыԥсқәа ҭамзар. Руслан акыр ирццакны дҭыхуан. Аибашьраан спатреҭ ахҩылаа сиҭан, аҩны иҵәахны исымоуп", — еиҭеиҳәоит Аиба.

Рафаель Аиба игәалаиршәоит иеибашьцәа руаӡәык иҟалараны иҟаз ичара шеиԥҟьаз. Абаталион зегьы агәырӷьара рҽазыҟарҵон, акомандир Гәдоуҭаҟа аҭаца ауаа лышьҭаҵан дишьҭит, аха лара дыбналеит.

"Ҽнак сара дысзааит ҳаибашьҩык – аказақ. "Ԥҳәыс дызгоит" иҳәеит. Аҷкәынцәа афатә-ажәтә еизыргеит. Сара Гәдоуҭаҟа аҭацаагацәа сышьҭит. Аамҭақәак рышьҭахь "аҭаца дыбналеит" ҳәа исышьҭыз хынҳәит. Ари ахҭыс ччаԥшьк ацҵаны исгәаласыршәалоит", — иҳәоит Аиба.

Цәыббрамзазтәи ажәылараан Рафаель Аиба ибаталион Иашҭхәа аганахьала ақалақь ахь илбааит, раԥхьатәиқәа ирывагыланы ақалақь иалалеит.

Ахысыбжьқәа анымго

"Сара исҳәом иахьагьы гәата-бӷата ҳаҟоуп, аҭынчра кашырра ҳхатәоуп ҳәа. Иахьа уажәраанӡа ақырҭқәеи ҳареи ҳабжьара амчра ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра нап аҵаҩым. Аха Аиааира ашьҭахьтәи ашықәсқәа зегьы ирзысҳәар сылшоит – ахысбыжьқәа анымго аамҭа ҳәа. Аҭынчра иаҵанакуа рацәоуп".

Рафаель Аиба аибашьра раԥхьатәи амш инаркны аҵыхәтәантәи амш аҟынӡа абџьар кны аӷа диҿагылан.

Эркан Кутарба, ветеран войны - Sputnik Аҧсны
Еркан Қәҭарба: аибашьра иаҳцәагаз маҷым, аха иаҳзаанагаз акыр еиҳауп

Аӷа иҽҳаҭаны аҭынчраз аиқәшаҳаҭра инапы иаҵарҩызар акәын аха Едуард Шеварднаӡе илиршеит Аҟәа алҵра иҳәоит Аиба.

"Ҳара ҳахь аҳәара ҟарҵеит ахәцәа ауҳашьҭырц. Иаргьы урҭ иҽрылакны Аҟәа далҵит. Ҳахьымӡеит", — иҳәоит иара.

Аибашьра ашьҭахь Рафаель Гәдоуҭаҟа диасуеит. 2003 шықәса раахыс амилициа рҟны аус иуеит. Мызки бжаки раԥхьа ари аҩнаҭаҟны диит аӡӷаб – Екатерина, ахәбатәи ахәыҷы.

"Амилициа рҟны аус зухьо еснагь ари азанааҭ дадҳәалахоит. Сеиҭазыхынҳәит сусура", — ҳәа еиҭеиҳәоит амилициа аподполковник.

Амилиционер иаша дуаҩ бзиазароуп. Абри ауп зегь реиҳа ихадоу ҳәа ишьоит Рафаель Аиба. Иахьа ҳара иҳамоуп амилициа аусзуҩ бзиақәа, ламысла-патула зус иазнеиуа ҳәа ишьоит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0