Аибашьҩы Габниа: Руслан Габлиа ссахьа ҭихит сыԥсы сшьарц санаатәа

© Sputnik / Томас ТхайцукСергеи Габниа.
Сергеи Габниа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Иҭыхым аибашьцәа" апроект иацнаҵоит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла, Леон иорден занашьоу Сергеи Габниа иҭоурых.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа иҭыхымҭақәа 60 ирныԥшуеит Аԥсны ахьчаҩцәа рҟазшьа, рыҩныҵҟатә ҭагылазаашьа. Аинформациатә агентра Sputnik Аԥсны апроект ҿыц "Иҭыхым аибашьцәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны апортал аресурсқәа рҟны ицәыргоуп асахьаҭыхҩы аибашьраантәи иҭыхымҭақәеи уи ифырхацәа ирызку аочеркқәеи.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡа Сергеи Габниа аус иуан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны актерс. Аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны уи иԥсадгьыл дахәарц афронт ахь дцеит.

Иԥшыхәыҩхаз актер

Аибашьра иалаанӡагьы Сергеи Габниа идыруан уи хырԥашьа шамамыз, уи аҩыза ацәанырра иоухьан. 

"Владислав Григори-иԥа ишҟа ашәҟәы зҩит арратә совет аиҿкаара аҭахны ишысыԥхьаӡоз ала. Уи игәаԥхеит иагьџьеишьеит, аха иҳәеит ишизидымкыло, избан акәзар архәҭа ахьҳамамыз аҟнытә", — иҳәеит аибашьра аветеран.

Алик Габниа - Sputnik Аҧсны
Алик Габниа: Инга афырхаҵа игәы зызҭаз ҭыԥҳан

Ақырҭуа данқәыла Сергеи Габниа далалеит еиҿкааз арратә совет.

"Уа сшыҟаз арадио ала адырра ҳауит ақырҭқәа нанҳәа 18 рзы ҳаиҳабыра рхыбра иақәланы иргарц ргәы ишҭоу", — ациҵеит уи.

Нанҳәа мза 18, 1992 шықәсазы Сергеи Габниа  Мушьни Хәарцкьиа ибатальон далалеит.

"Уи иӡбеит  ԥшьҩы-хәҩы злаз агәыԥ еиҿкааны аԥшыхәра ҟаҳҵаларц азы, ҳаӷа ихырӷәӷәарҭақәа ахьыҟоу еилкааны ахсаала ианаҳҵаларц азы. Мчыбжьык аҟара ааҵхьан еиԥш ауп аԥшыхәразы агәыԥ анеиҿкааха. Нас сара ахсаала ҟасҵеит аӷа ихырӷәӷәарҭақәа ахьыҟаз аҭыԥқәа арбаны. Убри ахсаала аибашьра хыркәшахаанӡа ахархәара аман", — игәалаиршәеит аибашьҩы.

Сергеи Габниа аибашьра аан аԥшыхәратә гәыԥқәа реиҿкаара ашьаҭа зкыз дреиуоуп.

"Маҳамад Кьылба Сергеи Дбар ихаҭыԥуаҩ иакәын, даасыԥхьан ус иҳәеит уаалаганы аԥшыхәратә система ҳзыҟоуҵароуп ҳәа. Адҵа сырҭеит асистема аиҿкаара аус аҟны хархәара аҭазар иҳамоу алшарақәа. Ҩ-сааҭк аамҭа сыман, уи иалагӡаны ақьаад ианысҵеит аԥшыхәратә система аиҿкаашьа шызбоз, иаԥхьан ирыдыркылеит", — иҳәеит уи.

Анаҩс, Владислав Арӡынба иҟаиҵаз адҵала  акультуратә усуаҩцәа аибашьра алахәра азин рымамызт. 

"Ҳазегь ҳақәырцеит усҟан автомат исымазгьы сгәааны уа адиван инықәсыжьын сцеит. Аха ԥшьымш рашьҭахь сгьежьны сааит усҟан акультура аминистрс иҟаз Нодар Ҷанба иақәшаҳаҭхара ала. Ақьаад сыманы Сергеи Платон-иԥа Дбар ишҟа снеит, уи данахәаԥш сишьҭит артилериа акомандаҟаҵаҩс иҟаз Аслан Кобахьиа иахь, Ешыра ахахьы аԥшыхәра напхгара азызуа аӡә иаҳасаб ала. Убри архәҭаҿы сшыҟаз ауп аибашьрагьы шеилгаз", — ациҵеит уи.

Генри Гамсаниа. - Sputnik Аҧсны
Генри Гамсаниа: Аиааира ҳара ишаҳтәхоз еснагь агәра ҳгон

Аҟәа аҭарцәра мызкы аҟара шагыз, Гәымсҭа иҟаз ажәылара далахәын Сергеи Габниа. 

"Сергеи Дбар адҵа сиҭеит агәыԥ еиҿкааны аҷкәынцәа ҳрыцхраарц. Ԥшьҩык батальонк иҟарҵашаз ҟаҳҵеит. Уа иӷәӷәаны ахысрақәа ҟалеит, иааҳакәыршаны ахқәа ииасуан, ахәцәа, аԥсцәа, амашьына иҭаблыз уҳәа ҟалеит", — азгәеиҭеит уи даақәыԥсычҳан.

Сергеи Габниа иажәақәа рыла, аԥшыхәҩы изанааҭ аибашьра аҟны ахатәы аҷыдарақәа амоуп.

"Иаҳҳәап артилериа аҟны ирымоуп рхатәы ԥшыхәҩцәа, аршьаҟагьы, убас архәҭақәа зегьы. Артилериа аҟны абинокль ала километрак ирбо рызхоит, аха аршьаҟа ирызхом, уаҟа аԥшыхәра зынӡа ихазуп", — иҳәеит уи.

Сергеи Габниа иажәақәа рыла, аԥшыхәыҩ ибзианы идыруазар ауп иаӷа иԥсихологиа, даҽаӡы иимбо иара ибозар ауп.

Эркан Кутарба, ветеран войны - Sputnik Аҧсны
Еркан Қәҭарба: аибашьра иаҳцәагаз маҷым, аха иаҳзаанагаз акыр еиҳауп

"Сара абри аҩны ҩажәаҩык ҩноуп сҳәар аиҳарак сақәшәон, хәыҷӡак еиҳахар ма еиҵахар ауан, аха уеизгьы. Сара зегь реиҳа ишәарҭоуп ҳәа исыԥхьаӡоз иҳақәымҿиаз  Марттәи ажәылара ашьҭахь ҳаибашьцәа акыр ргәы каҳаны иҟан, бзиарас иҟалаз ақырҭқәа уи аҭагылазаашьа рхы ирзамырхәеит", — азгәеиҭеит Габниа.

Асахьа аибашьра адәаҿы

Сергеи Габниа игәалаиршәеит аибашьра дәаҿы асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа исахьа шҭихыз атәы.

"Аԥшыхәра ҳахьтәаз Руслан Габлиа уахь днеит, сара сыԥсы ааиҭаскып сҳәан ҵлак ашьапаҿы снатәеит. Сыԥшызар, Руслан уҽумырҵасын, аибашьцәа рсахьақәа ҭысхуеит, уаргьы усахьа ҭысхыр ауп иҳәеит. Уи ссахьа ҩбаҟа минуҭ раҟара дадхалазар ҟалап. Уи ҳахьыҟаз ирацәаҩны рсахьақәа ҭихит", — ациҵеит иара.

Аибашьра ашьҭахь

Аибашьра ашьҭахь Сергеи Габниа арратә штаб хада аҟны аусура далагеит, уи аштаб аиҳабы ихаҭыԥуаҩс аус иуан.

"Сара сзыҳәан иахьагьы еибашьроуп, ус ҳгәы иаанагоит ҭынчроушәа, аха еснагь агәаҽанызаара аҭахуп", — иҳәеит Габниа.

Аибашьраҿы иааирԥшыз агәымшәаразы, Сергеи Габниа ианашьан Леон иорден. Иахьа, Сергеи Габниа аус иуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр актиорс.

Ажәабжьқәа зегьы
0