Октаи Ҷкотуа: ашәҟәеиҭагара сара иалсымхӡеит, иара салнахит

© Sputnik, Бадраҟ АҩӡбаОктаи Ҷкотуа: ашәҟәеиҭагара сара иалсымхӡеит, иара салнахит
Октаи Ҷкотуа: ашәҟәеиҭагара сара иалсымхӡеит, иара салнахит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиҭагаҩ Октаи Ҷкотуа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аиҭагаратә ус инапы шалеикыз атәы.

Октаи Ҷкотуа ашәҟәқәа реиҭагара дшалагази, уи азанааҭ зышьҭихызи ртәы Sputnik азы еиҭеиҳәеит. Аиҿцәажәара мҩаԥигеит Бадраҟ Аҩӡба.

- Иаҳзеиҭашәҳәар ҳҭахын аиҭагара аус шәнапы шалашәкыз атәы.

Октаи Чкәотуа - Sputnik Аҧсны
Октаи Чкәотуа: Ҭырқәтәыла Сириатәи аимак аҽаланагалар шәарҭоуп

- Аиҭагара аус Аԥсны ҳааны ауниверситет ҳанҭала инаркны салагахьан. Исыцыз астудентцәа раҵкыс маҷк еиҳаны аԥсшәа здыруан, шықәсылагьы сахьреиҳабыз амшала, еиҭагыҩс сҟалеит. Аибашьра аангьы, уи ашьҭахьгьы Ҭырқәтәылантәи аделегациақәа анаауаз, мамзаргьы арахьынтә уахь ианцоз еиҭагаҩыс срыцын. Аиҭагара сара иалсымхкәа иара ахала салнахит.

- Иарбан шәҟәу шәара зегь раԥхьаӡа еиҭажәгаз?

— Раԥхьаӡа акәны еиҭазгеит Мысҭафа Быҭәба ишәҟәы "Кавказтәи агәалашәарақәа" захьӡу. Уи ашәҟәы Ҭырқәтәыла аҳәынҭқарра иҭнажьит. Иԥсаҭа бзиахааит Владислав Арӡынба, ашәҟәы аԥсшәахь еиҭаҳгарц азы ианҳадиҵа, раԥхьа сара схы агәра сзымгаӡеит, исылшару исылымшару ҳәа акырӡа сазхәыцит, нас еиҭаҳгоит зҳәақәазгьы ҟалеит, урҭгьы саарԥеиԥшит, аха нас аӡәгьы иӡбахә ансмаҳа сҩалаган еиҭазгеит. Уи ашәҟәы анеиҭазга еиҳа схы агәра зго салагеит. Ашәҟәы аҿы иаарԥшуп Мысҭафа Быҭәба 1918 шықәсазы Аԥсны иҟазаара иазку агәалашәарақәа, урҭ даара аинтерес рыҵоуп, хымԥада еиҭагатәын. Убас ашьшьыҳәа егьырҭ ашәҟәқәа реиҭагара напы асыркит. Адиле Аббас-оглы урысшәала иҩу лышәҟәы "Не могу забыть" аиҭагара сыӡбеит. Аурысшәа маҷны ишыздыруагьы аҩымҭа саԥхьо саналага, аиаша шәҭахызар сычмазаҩхеит. Ҳажәлар ирхыргаз иахьатәи аамҭазы иаҳхашҭуа ҳалагеит. Ари ашәҟәы иамыԥхьац аӡә дыҟазар, хымԥада иаԥхьар ауп. Ҳажәлар рҭоурых шаҟа ирдыруа аҟара ԥхьаҟатәи амш еиҳа иӷәӷәахоит. Ашәҟәы санаԥхьа еиҭаганы ҳажәлар ирымазар ауп, иаԥхьар ауп, Аԥсны иахнагаз хымԥада ирдыруазар ауп сҳәан еиҭазгеит. Аиҭагараҿы дсыцхраауан Роза Чамагәуаԥҳа, уи урысшәала даԥхьон, нас сара еилыскааз, исзеилымкааз ласҳәон, абас аус еицаауит. Ҭырқәтәыла аҭыжьымҭа даара ибзианы ирыдыркылеит.

Симра, Рушьбеи Смыр, Ельвира Арсалиа - Sputnik Аҧсны
Рушьбеи Смыр: Аԥсны аԥшӡара бџьарла еиқәҳархеит – хшыҩла ихьчатәуп

- Шәеиҭагамҭақәа тематикала иалкааны хырхарҭак рымоума?

- Аиҭагамҭақәа зегьы рызкуп Аԥсны аҭоурых, аԥсуара атәы зҳәо зегьы. Урҭ иреиуоуп, аҭырқәшәахь еиҭазгаз Миха Лакырба ишәҟәы "Аламыс", ари ахцәажәарагьы зҭахым шәҟәуп иаҳәо ахьӡала еилкаауп. Уи ашәҟәы Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рыдагьы, дара аҭырқәцәагьы даара ибзианы ирыдыркылеит. Иааидкыланы жәохә шәҟәы еиҭазгахьеит.

- Ишәзымариоума, аԥсышәала иҩу атекст аҭырқә бызшәахь аиҭагара?

- Даҽа џьоук рҿы ишыҟоу сыздыруам, аха сара сзыԥхьаз сгәаҿы ианнеилак, нас иара ахала ахы еиҭанагоит. Сара еиҭазгаз ашәҟәқәа аус анрыдызулоз иарбанзаалак уадаҩра сақәымшәаӡеит. Иаҳҳәап, Миха Лакырба ишәҟәы мызкы ахала-аҵыхәала еиҭаганы салгеит.

- Иарбан шәҟәу иахьа аус здыжәуыло?

— Аҵыхәтәантәи аамҭазы аус адызулоит Владимир Ҳараниа ижәла аҭоурых иазкны ииҩыз ашәҟәы, уи аԥсышәала иҩуп аҭырқәшәахь еиҭазгеит, уажәы аредакциа аҟаҵара ҳаҿуп. Иара убас Рушьбеи Смыр ипоема ҿыц "Симра". Рушьбеи Смыр уажәааигәа аҽыхәшәтәра дцон, исеиҳәеит сзымхынҳәыргьы ҟалоит абри ашәҟәы аиҭагара унапы иануп ҳәа, сара уи иажәақәа уасиаҭны исыԥхьаӡеит, акыр шықәса анцәа дҳагимырхааит.

Рушьбеи Смыр ипоема "Симра" иалху аспектакль апремиера мҩаԥысит

- Шәгәаанагарала, Симра лхаҿсахьа Аԥсны аҭоурых игәылҭәааны иаанарԥшуама?

- Рушьбеи Смыр ажәак аниҳәо, уа иҵегь ажәақәа рацәаны иагәылоуп. "Симра" аҟны Рушьбеи ииҳәаз аҟара шәынтә иимҳәазгьы агәылоуп. Уи угәы аназыбыллак иаҳа ибзианы еилукаауеит аиҭагараҿгьы уарманшәалоит. Аҩымҭа еиҭазгандаз ҳәа ишьҭысхӡом, сызԥхьаз рҟынтәи еиҭазгаша ахала аҽснардыруеит, сгәы исыҵанаҳәоит, ари еиҭагатәуп, ҳажәлар ирызнагатәуп ҳәа. Рушьбеи ипоема ҩымш-хымш рыла еиҭаганы салгеит, иара ахала ахы еиҭанагеит. Ари аҩымҭа уиаҟара иеиҵыхым, аха  хҭысла акыр ибеиоуп.

- Аиԥшымзаара ыҟоума аԥсшәахьтә аҭырқәшәахь ианеиҭажәгои, аҭырқәшәахьтә аԥсшәахь ианеиҭажәгои?

- Сара сзы еиԥшуп, аха аԥсшәахь ианеиҭазго еиҳа бзиа избоит, избанзар, исхашҭны иҟоу ажәақәа сызцәырҵуеит, уажә санцәажәо зынӡа исгәаламшәо ажәақәа анызҩуа исгәалашәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0