Мариа Савинкова: аԥстәқәа, аԥсаатәқәа бзиа иумбозар урҭ узыхәышәтәуам

© Sputnik / Илона ХварцкияВетеринарная клиника.
Ветеринарная клиника. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥстәқәа лассы-лассы ичмазаҩхоит. Ауаа ирыхьуа уарҳәозар, аԥстәқәа зцәажәом, акгьы рызҳәом. Абри аамҭазы урҭ рыцхраара зылшоны иҟоу арахә рҳақьымцәа заҵәык роуп. Убарҭ дыруаӡәкуп Мариа Савинкова.

Арахә рҳақьым Мариа Савинкова ҳкорреспондент  изеиҭалҳәеит  лзанааҭ шалылхыз атәи лара аус ахьылуа аветеренартә клиникаҿы аҭагылазаашьа атәи. Аиҿцәажәара мҩаԥигон Роберт Џьапуа.

- Ирацәаҩуп ихәыҷаахыс аԥстәқәа бзиа избо, аха урҭ рахьтәгьы имаҷӡоуп шәара иалышәхыз азанааҭ алызхуа. Иаҳзеиҭашәҳәа уи атәы маҷк, иара убасгьы иаҳзеиҭашәҳәа – иабанӡа уадаҩу арахә рҳақьым изанааҭ?

— Ииашоуп. Ирацәаҩуп аԥстәқәа бзиа избо. Исҳәар сылшоит ахәыҷқәа зегьы бзиабарала ацыгәқәа, алақәа, ажьақәа уҳәа ирызныҟәоит ҳәа, аха имаҷыҩӡоуп уи аус наҟ-наҟ зыԥсҭазаара адызҳәало. 

Инесса Аршба. - Sputnik Аҧсны
Ашахтаҟнытә ачаӡҩыс: Инесса Арышԥҳа лҭоурых

Иҟалап ари азанааҭ алухырц азы аԥстәы абзиабара азымхозар, иаҭахызар ҟалап уи ахьаа угәаҵа аҵыжьра, акраҿаҵара, ахылаԥшра.

Ари азанааҭ уи адагьы аҵара бзиа аҭахуп. Абиологиа уазҟазазароуп. Заԥхьаҟа иҳақьымхараны иҟоу  аиҳабыратә классқәа рҟны  ахимиеи абиологиеи рыбзиабара илалароуп. Ашкол ашьҭахь иреиҳау аҵараиурҭаҟны акәзаргьы хәышықәса аҵара уҵароуп, аџьабаа убароуп. Анатомиа, афизиологиа, атерапиа, ахирургиа – ирацәоуп зыҭҵаара аҭахны иҟоу. Аҵара ашьҭахь аԥстәқәа аус рыдууло уаныҟалалак ашьҭахь ауп уҟазоуп ҳәа ухы иазуҳәар анауа.

Имаҷуп аԥстәқәа аус рыдызулар зҭаху. Ишдыру еиԥш урҭ рфыҩгьы зынӡа ухнахуа иҟам, рыцқьарагьы угәы анузақәымкуа ҟалалоит. Уи адагьы ишухәышәтәуа аурзеилкаахуа, иҟалоит иҵыгьыр, ицҳар. Убри азоуп ҳара ҳзанааҭ  знапы алаку зырацәаҩым.

- Аветеренартә клиника аартра аидеиа шԥашәзааии?

— Рла ма рыцгәы схәышәтәырц исыҳәон сҩызцәа, сдырцәа, сгәылацәа. аҩнакәын иахьсыдыскылоз.  Дара зтәыз убриаҟара ирыцхраар рҭахын – уахынлаз, ҽынлаз, ианааилак ҟалон. Аԥсшьарамшқәа рзгьы  иансыдыскылоз ыҟан. Мап рцәукыр – игәаауеит. Абри аҭагылазаашьоуп аклиника аартра аидеиа сзаазгаз.

Аԥхьа кабинет хәыҷык сыман, "Дружок" ахьӡын. Иахьа имҩаԥызго адкыларақәа ирыдкылан уахәаԥшуазар, усҟан дара аԥстәқәагьы маҷын, излаҳхәышәтәуаз амедицинатә аалыҵ ҷыда акәзаргьы, иара убас. Аамҭақәа анца акабинет ацынхәраз аклиника аасыртит.  Аусуҩцәа сыдызгалеит. Ҳара ҳусуҩцәа аамҭа-аамҭала  асеминарқәа, афестивальқәа, рҟазара аизырҳаразы акурсқәа рахь ицоит. Ҳзанааҭ иаҵанакуа аҿыцрақәа зегьы ҳхы иаҳархәоит. Урыстәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи активла аус еицаауеит, аинырра бзиа ҳамоуп.

© Sputnik / Илона ХварцкияВетеринарная клиника.
Ветеринарная клиника. - Sputnik Аҧсны
Ветеринарная клиника.

- Ишԥацо иахьатәи шәусура? Шәпациентцәа реиҳарак алақәа, ацыгәқәа ракәу аекзотикатә ԥстәқәеи аԥсаатәқәеи шәызнарго?

— Ишысҳәахьо еиԥш уаанӡа иҳазнаргоз даара имаҷын, аиҳарак алақәа ракәын. Еиҳаракгьы ашәарыца лақәа. Ауаа ирыздырам аԥстәқәагьы иреиҷаҳаны акыршырҵатәалу. Уажәшьҭа аҽакала рызнеира иалагеит. Еилыркаауа иалагеит аԥстәқәагьы дасу рхатәы фатә рымазар шакәу – рызҳаразы, ргәабзиаразы. 10 шықәса раԥхьа ацыгәқәа маҷны инаргозар ҳаклиникахь иахьазы аҭагылазаашьа аҽаԥсахит.  Иаарго иалагеит ацгәы шьҭрабзиақәа, ала шьҭрабзиақәа. иааиуа иалагеит ажьақәа, ахомиакқәа, амшын ҳәынаԥқәа уҳәа рыманы. Иааргоит аҵыс ԥшӡақәа, аиҳарак апарпарқәа.  аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҳәазақәа назгогьы ыҟоуп. Урҭ ргәабзиара ауашәшәыра еиҳарак изыхҟьо ииашамкәа иахьныҟәырго, акрахьырҿарҵо ауп.

- Иарбан маҵзурақәоу аклиника иуднагало? Иахьынӡаздыруа ала шәара афатә аҭиреи, агәлаҵақәа рыҟаҵареи рыдагьы аоперациақәа мҩаԥыжәгоит.

- Аиҳарак ҳаклиника атерапиатә маҵзурақәа роуп ирнаҭо аҭааҩцәа, аха ачымазарақәа хкыла ирацәоуп, убри инадҳәаланы ахирургиатә маҵзурагьы мҩаԥаагоит. Имҩаԥаагоит арԥшӡаратә маҵзурақәа – арҟәыдра, аҵыхәа ахҵәара, алымҳа аҿахҵәара. Иаҳраҟәоит алақәа, ацыгәқәа.

Ашәарыцара аамҭазы ашәарыцалақәа аахақәа анроуа ыҟоуп. Ацхыраара раҳҭоит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟоуп ажьымдыр зқәылоу аԥстәқәа, урҭ амаҳхуеит ахирургиатә ҟазшьала. Атранспорт машәыр ашьҭахьгьы ианҳазнарго ыҟоуп ацхырааразы.

- Аҩныҟа шәнарыԥхьалома ацхыраара ҟашәҵарцаз? Аҽқәа, ажәқәа реиԥш иҟоу аԥстә дуқәа шәхәышәтәлома?

— Арахә аҩны рацәак рыҽурҭом. Дара рҵакыраҟны иахьыҟоу аҽа гәык рнаҭозар акәхап. Аклиникаҟны аҽакала рхы мҩаԥыргоит. Насгьы аклиникаҟны аҳақьым ииҭазу амыругақәа зегьы инапаҵаҟа иҟоуп. Еиҳа изымариоуп.

Аха аԥстә дуқәа аклиникахь амашьына иақәҵан иузаагом, убри азы ҳара уахь ҳнеиуеит ацхыраара ауразы.

- Шәара шәҟны ҳара иаабеит зыԥшәмацәа "рызхара ирылахәмарны" инрыжьыз аԥстәқәа. урҭ раԥхьаҟа ирԥеиԥшузеи, ӡәыр ишәызиҭома мамзаргьы иҭынхадан иаанхома?

— Иҟалаз уи ауп, ауаа лассы-лассы рхәыҷқәа рыҳәарала аҩныҟа иааргоит  еиуеиԥшым аԥстәқәа – алақәа, ацыгәқәа, аԥсаатә ԥшӡақәа, аԥсыӡқәа. аамҭақәак анцалак ашьҭахь урҭ ргәы рықәҿыӷьуеит, аӡәгьы иҭахӡамкәа иаанхоит. Ма аӡәы ирҭоит, ма адәахьы иаанрыжьуеит. Иҟоуп усҵәҟьа ззымуа, урҭ ҳара ҳахь иааргоит. Аиҳарак иара ара ишыҟоу иаанхоит, иҟоуп изҭаху џьара аӡә дыԥшааны ианиаҳҭоугьы. Ԥсы зхоу ак ус иаанаҳмыжьыц.

- Ус ак анызҵарц зҭаху ирашәҳәарц ишәылшои?

- Ирабжьызго акы заҵәык ауп – ари аус даара изызхәыцтәу, ишәатәу изатәу акоуп. Зегьы иргәалашәалароуп зыԥсы ҭоу аҿаԥхьа аҭакԥхықәра шыҟоу. Уи шыхәмаргам.

Ахәыҷқәа хәыҷқәоуп. Урҭ ахәмарроуп ирҭаху, аха дара рыԥсихологиа инақәыршәаны ирласны ргәы ахшәоит. Зыԥсы ҭоу акрафароуп, иныҟәароуп, икәабатәуп, ирныҟәатәуп. Уи зегьы ани аби, андуи абдуи рыбӷа иқәлоит.

- Шәара аҩны ишәымои ԥстәыс, ԥсаатәс?

— Ааи,  аклиникаҿ аус зуа зегьы ҳаҩнқәа рҟынгьы ус акака ҳамоуп. Аиҳаракгьы урҭ иҭынхадаханы аклиникахь инанагаз роуп.

- Иуадаҩзар ҟалап аԥстәы бзиа иумбо ари аусхк аҟны аусура. Иаанагозеи шәара шәзы шәзанааҭ?

— Ҳара ҳусураҟны абзиабара ыҟамкәа  ҳәатәы-утәы ыҟам. Иҟоуп ирацәаны егьырҭ азанааҭқәа. иҟалоит уахь ухы урхар. Амала, ҳара ҳзы иҷыдоуп – знык уанаанха, уаанхаӡоит.

© Sputnik / Илона ХварцкияВетеринарная клиника.
Ветеринарная клиника. - Sputnik Аҧсны
Ветеринарная клиника.

Ажәабжьқәа зегьы
0