Руслан Габлиа: сара сзы Иури Кәырқьба исахьа аҵак ҷыда амоуп

© Sputnik Томас ТхайцукРуслан Габлия.
Руслан Габлия. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Иҭыхым аибашьцәа" иацнаҵоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз Иури Кәырқьба иҭоурых.

Sputnik, Саид Барганџьиа

Изааигәақәаз ргәалашәарақәа, арратә видеоархив ахәҭақәа, ҩба-хԥа фото, Руслан Габлиа иҭыхымҭа асахьа – абарҭ роуп Иури Кәырқьба игәалашәара иашьананы иаанхаз.

"Сара уажәы иныҭкааны зегь сгәалашәом. Исгәалашәоит амш каххаа ишыҟаз. Иареи сареи ҳзеибадыруамызт, аха ихы-иҿы алашара, иблақәа рыԥхарра иаразнак акала срыдрыԥхьалеит. Жәаба-жәохә минуҭ сахьынӡаҭыхуаз, ҳаргьы ҳаибадырит. Илаԥш аума, ицәажәашьа аума  — иаразнак исдырбеит саԥхьа итәаз дзакәытә уаҩыз. Сара ари асахьа аҵак ду сзамоуп",  — иҳәоит асахьаҭыхыҩ Руслан Габлиа.

Аԥсуа-хаҵа иаша

Аибашьра имҳәа-мырза иааҳадгылеит. Шәкыла, зқьыла аԥсҭазаарақәа аԥсахит, еиланаргьыжьит, хынҳәрада иагеит.

Нанҳәамза жәиԥшь аҽны Иури Кәырқьба иҩны, Ешыра дыҟан. Ақырҭцәа Аԥсны иақәлеит ҳәа шааиаҳазҵәҟьа хьаҳә-хьачарада иабџьар кны иԥсадгьыл ахьчараз дҩагылеит.

"Иуреи сареи ҳаибадырит аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы. Ҳара ҳҩыџьагьы БМП ҳаицақәтәан. Гагратәи афронт аҟны ҳаибашьны ҳаӷа ақалақь деицалаҳцон", — ҳәа еиҭеиҳәоит Иури Кәырқьба ицеибашьуаз, иҩыза Шамил Аӡынба.

Ветеран Гурам Хагба. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Афырхаҵа Гәырам Ҳагба: акгьы ҳхамшҭӡеит, уи аҩыза хашҭшьа амаӡам

Иурии Шамили акәлаӡтәы ар рҟны еибашьуан.

"Ҳәарада ар ҳәа ҳазҳәара маҷк ирҳауҳауцәазар ҟаларын усҟан, атехниказы ҳмаџьанан. Ҳахәмарны "бронебанда" ҳәа ҳхы иазаҳҳәон. Даара аиҩызара бзиа ҳабжьан зегьы" ҳәа игәалаиршәоит Аԥсны Афырхаҵа Шамил Аӡынба.

Ирацәаҩуп иззеилымкаауа – асеиԥш хыԥхьаӡарала имаҷыз ажәлар, аибашьра иазыхиамыз, иазыԥшымыз аиааира ахьрылшаз, рыҩны, рыԥсадгьыл ахьырыхьчаз. Иури Кәырқьба иеиԥш ифырхаҵаз арԥарацәа рыгәқәеи рдоуҳаи реиҳа ихадаз абџьарны иҟалеит усҟантәи аамҭақәа рзы.

"Даԥсуа-хаҵаҵәҟьан. Дыцқьан уаҩԥсы ҳасабла. Ашьапылампыл ибзиаӡаны дасуан".

Шамил Аӡынба иахьагьы иџьеишьоит Иури илшара, ичҳара.

"Гагра ахы ианақәиҭаҳтә ашьҭахь, Ԥсоу, аҳәаа ҳахьчон. Ашьхараҟны иҟоуп Сальма захьӡу қыҭахәыҷык. Убра ҳгылан. Аҳәаа аҟынтәи Сальманӡа ацара анҳақәшәалоз, излымшоз ыҟан шьапыла ацара. Иура еснагь акгьы, аӡәгьы дизымԥшыкәа дцон".

Шамил еиҭеиҳәоит уа игыланаҵы тылуаак иреиԥшхо ишалагаз, убри азы аҳәара шыҟарҵаз жәаҩык-жәаҩыкны  ишаны Гәымсҭатәи афронт ахь ирышьҭларц.

"Ҳара уаа ҩынҩажәаҩык ҳаҟан. Аӡә даауан, аӡә дцон. Аамҭа-аамҭала афронт ахь ҳрышьҭуа иалагеит. Иура асменақәа зегьы ихы рылаирхәуан".

© Руслан ГаблияЮрий Курикба.
Юрий Курикба. - Sputnik Аҧсны
Юрий Курикба.

Иури Кәырқьба  иакымкәа ажәыларақәа дрылахәын.

"Зны, изаамҭанытәиз асменала Гәымсҭаҟа ҳцон. Иура зныкгьы дымтәеит амашьынаҟны. Ачарҭ ҳахьақәтәаз иара дкәашон ҳахьнеиша ҳнеиаанӡа. Афронт ахь ашәа ҳәо, дкәашо дцон. Абас дыҟан ҳара ҳ-Иура", — игәалаиршәоит Шамил Аӡынба.

Аиааира агәрагара

Аибашьраан ауаа есыҽны аԥсра абла иҭаԥшуеит.

"Ацҳа ҟаԥшь иахьаҵанакуаз аӷа ҳаиҿагылан. Иҟалап раԥхьатәи амшқәа рзы фырхаҵара дук ҳзыҟамҵазаргьы, аха аӷа, аԥсра рыбла иааигәаӡаны ҳҭаԥшуан", — иҳәоит Рафаель Амԥар.
Аԥсра аӡәгьы иҭахӡам аха иҟоуп аԥсра тәамбашақә иазыҟоу. Убас иҟақәаз дреиуан Иурагьы.

Астамур Айба. - Sputnik Аҧсны
Аибашьраан зыфрак ар рымаҭәала изыԥсахыз Виачеслав Аиба изку ажәабжь

"Ҳәарада, имшәода. Аха ишшәоз рындырԥшуамызт. Иура еснагь  иҩызцәа ргәеиҵыхра дашьҭан. Ирлахҿыхуан" ҳәа еиҭеиҳәоит Рафаель Амԥар.

Гагратәи ажәылара аламҭалаз дҭахеит Иура иашьа – Славик Кәырқьба.

"Ари еибашьроуп. Уажәы-уашьҭан иҭахо дҳаздырам. Афронт ацәаҳәа дахаагап, нас, ԥхьаҟа – ҳақалақь ахақәиҭрахь иҳәеит Иури убасҟан".
Аибашьра раԥхьатәи амзақәа рзы ахы иақәиҭтәын Гагра.

"Ԥсоу ҳанҩеи, ҳгәырӷьара ҳәаак аман иҟамызт. Ахәыҷқәа реиԥш ҳнапқәа еикәыршаны ҳаԥон".

Рафаель Амԥар игәалаиршәоит иҟаз ауадаҩрақәа ирыхьмырԥшыкәа Иури еснагь агәрагара иман аиааира ҳара ишаҳтәхоз ҳәа.

Ԥсыҭбарада еибашьра ҟалом

"Иури дызҭаз БМП иақәкны ихысуан ақырҭцәа. Ҩеижәаҟа метра рыбжьан. Сара аҽа БМП сҭан. Уаҟа иҟан Едик Хонелиа (иахьагьы ихабар аӡәгьы издырам), Рафаель Амԥар, Мирон Гериа. Баҭал Ҭарбеи Руслан Сезови ахәрақәа роуит. Руслан Алшәындба хаҵарыла аҷкәынцәа еиқәирхеит. Убасҟан дҭахеит Иура", — ҳәа игәалаиршәоит Шамил Аӡынба.

"БМП ирццакны иқәҵәиааит. Иҟалап усҟан дҭахахьазаргьы, Иура дкаҳаит. Амеханик амашьына изаанкыломызт. Даангылар аӷацәа ирымпыҵашәон, егьырҭ аҷкәынцәагьы ҭахон".
Аибашьра ауаа еиднакылоит. Уҩыза, иувагылоу, ухы иқәуҵоит.

"БМП ахәцәа аманы ианылбаа Едик Хонелиа "Иура дабаҟоу" ҳәа аҵаара далагеит рҳәеит. Дшыҟамыз аниба дишьҭаланы дцеит, уаҳагьы дыхнымҳәит. Абар уажәшьҭа ҩеижәиҩба шықәса ҵуеит ихабарк ҳзымдыруеижьҭеи».

Едик Хонелиа иуацәа иԥшаара иалагеит аибашьра шааилгаҵәҟьаз, аха ишьҭамҭа ыӡит, дырзымԥшааит. Ирбаз, Едик дзышьҭалан дцаз Иури Кәырқьба иԥсыбаҩ ауп.

Иури Кәырқьба дҭахеит 1993шықәса цәыббра 17 рзы, Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылараан, Линдава ақыҭаҟны.

Сергеи Габниа. - Sputnik Аҧсны
Аибашьҩы Габниа: Руслан Габлиа ссахьа ҭихит сыԥсы сшьарц санаатәа

Аибашьраан иҭахеит Иури иашьа Славик, иаҳәшьцәа Раисеи Светланеи. Раиса ахьӡ ду Аԥсны Афырхаҵа лыхҵоуп.

Аҵыхәтәантәи асолдаҭ анышә дамадахаанӡа аибашьра нҵәаӡам

"Едик Хонелиа аибашьра амҩа дананылаз жәибжь шықәса заҵәык ракәын ихыҵуаз. Иури Кәырқьбеи иареи еицеибашьуан. Иура ԥак иеиԥш дизныҟәон. Даара ҳаҭыр рықәибаҵон", —  ҳәа лгәалалыршәоит Аԥсны Афырхаҵа Ҭали Џьапуаԥҳа.

Едик Хонелиа иуацәа иԥшаара иалагеит аибашьра шааилгаҵәҟьаз, аха ишьҭамҭа ыӡит, дырзымԥшааит. Ирбаз, Едик дзышьҭалан дцаз Иури Кәырқьба иԥсыбаҩ ауп.

"Ҳара дахьҭахаз аҭыԥ аҟны ҳаннеи аӡә джуп ҳәа уҳәо иҟамызт, аха аҷкәынцәа анышә шәжы ҳәа санрыҳәа – ажра иалагеит. Иура иԥсыбаҩ убра иаабеит. Ихәда иахаз агильза ихьӡ анны ақьаад ҭан. Убриала даадырит", — лҳәоит Ҭали.

Абасеиԥш дымҩасит аиааира ахааназгьы агәра згоз, аха абара зқәашьымхаз  аибашьҩы, афырхаҵа, агәымшәа Иури Кәырқьба.

Ажәабжьқәа зегьы
0