Ирина Гоцериӡе. Аҟазшьа ҟәымшәышә змаз афырԥҳәызба

© Фото : Виталий КецбаИрина Гоцеридзе (нижний ряд, вторая справа).
Ирина Гоцеридзе (нижний ряд, вторая справа). - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Иҭыхым аибашьцәа" апроект иацнаҵоит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла, Аԥсны Афырԥҳәызба Ирина Гоцериӡе лҭоурых.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа иҭыхымҭақәа 60 ирныԥшуеит Аԥсны ахьчаҩцәа рҟазшьа, рыҩныҵҟатә ҭагылазаашьа. Аинформациатә агентра Sputnik Аԥсны апроект ҿыц "Иҭыхым аибашьцәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны апортал аресурсқәа рҟны ицәыргоуп асахьаҭыхҩы аибашьраантәи иҭыхымҭақәеи уи ифырхацәа ирызку аочеркқәеи.

Ирина Гоцериӡзе диит Краснодартәи атәылаҿацә аҟны. Аамҭақәак рышьҭахь лҭаацәа Гаграҟа нхара ҳәа ииасит.

Ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Гагра анрымҽхарк, Ирина илзеиқәырхоз аԥсуаа рыхьчара, лыҩны рыҵәахра далагеит. Рхәы-рыԥхь рызналгон, нас афронт ацәаҳәа иахыганы Бзыԥҭаҟа, иахьшәарҭамыз ииалгон.

Гәагә Аиба - Sputnik Аҧсны
Гәагә Аиба: исывыршьааз сҩызцәа иахьагьы среиԥхыӡуеит

Ирина аԥсуаа дышрыцхраауаз заҳаз ақырҭцәа дрыҭҟәеит. Дахьыӡӷабызгьы гәаамыгӡаӡакәа ддыргәаҟуан – лхаԥыцқәа ыҵырхит, лнапхыцқәа ыҵрыжәжәеит. Аха лара аԥсуаа дышрыцхраауаз атәы лмырзеит. Даноурышьҭ ашьҭахь Ирина илыӡбеит лабџьар шьҭыхны Аԥсны ахьчара дгыларц.

1993 шықәса жәабранмзазы Ирина, Авҭандил Гарцкиа напхгара зиҭоз абаталион "Евкалипт" даланы, Гәымсҭатәи афронт ахь санинструкторс днеиуеит.

Авҭандил Гарцкиа Аџьынџьтәылатә еибашьра иазикыз иажәабжьқәа "Гәымсҭа нырцә" аҟны игәалаиршәоит Марттәи ажәылараан Ирина Гоцериӡзе иаалырԥшуаз афырхаҵареи агәымшәареи ртәы.

"Инацымҵакәа исҳәар сылшоит, ажәылараан шәҩык ирыԥсаз аԥҳәыс лабҿаба дызбеит ҳәа. Ихәызи зылшарамч амаҷра изазымиааиз аибашьцәеи агәыӷра рылҭон. Еиҳа ианшәарҭаз аминуҭқәа раан лымчқәа ҩбатәны, лхы ҿырԥшыгас иҟаҵаны,  аподвал дыҵыҵны, хыхь дҳавагыланы, лабџьар аӷа иқәкны ахысра ҭалҵон", — ҳәа аҳәоит ажәабжь аҟны.

Ирина ихәыз аибашьцәа илылшоз ала ацхыраара рылҭон, аха лымч мырхакәа аԥсра хьшәашәа анапқәа ианрымҟәыҵанаклак акыраамҭа лшьара дзықәломызт.

© Руслан ГаблияГоцеридзе Ирина.
Гоцеридзе Ирина. - Sputnik Аҧсны
Гоцеридзе Ирина.

"Ҳҭагылазаашьа баны азҵаара сылҭон:

— Иҟасҵари? Ахьаахҽыгақәа нҵәеит. Хәшәы ҳәа акгьы сымам. Аӡгьы ҳамҵәеит.

Иара убри аан сара сҟынтәи цхыраара дазыԥшымызт.

Сара, лыԥҳәыс ҟазшьа аԥыжәара агар — уи ахәцәа анырра рнаҭар ҳәа сшәаны, инықәрыҩршәа аҭак лысҭон:

– Џьара ак хәыц… Аамҭа бызгозар, ига… Мцык ма иҳәа… Аҩбатәи аешелон абар, абар иааиуеит, зегь шәалыргоит ҳәа… Ихадоу – аӡәгьы дыхәны дышнаҳмыжьуа агәра дырга» иҳәоит ажәабжь автор.

Ветеран Гурам Хагба. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Афырхаҵа Гәырам Ҳагба: акгьы ҳхамшҭӡеит, уи аҩыза хашҭшьа амаӡам

Лара са сыдагьы макьаназ узыхәар ауаз зегьы илылшоз ала ацхыраара рыҭара даҿын.

– Сара еилыскаауеит уара абас ада аҽа хымҩаԥгашьак шумам. Аха уи аҽа хықәкык иазырхазар ауп. Ахәцәа ржьара аҭахны иҟаӡам. Дара зегьы ҳара ҳаҵкьысгьы еиӷьны ирныруеит. Иҟоуп макьаназ зыԥсахәага ҭоу, зеиқәырхара ауа… Иаарласӡаны аоперациа рызузар, акгьы змыхьуа.

Илҳәоз зегьы ҭынч-ҭынч акәын ишылҳәоз. Гәаӷгьы гәаарагьы рыҵамызт лажәақәа. Лылаԥш убриаҟара сеилнархуан, арахь илымҳәоз "уҳацхраа, ԥсыхәак уы" саҳауазшәа збон", — иҳәоит абаталион "Евкалипт" акомандир Авҭандил Гарцкьиа.

Аибашьраан Ирина ҩеижәижәабаҟа шықәса ракәын илхыҵуаз. Ахәцәа ацхыраара рыҭарагьы абџьар кны ахысрагьы – зегь еилалыгӡон ҳәа иҩуеит Гарцкьиа.

"Уажәыгьы исгәалашәоит лыԥшышьа: дцәыҵыԥшшәа, лқьышәқәа аччаԥшь аарықәыххуа. Ахәцәа лара илхьынҳалон, рыԥсы лымардон. Аччаԥшь лҿықәзар – гәыӷрак ыҟоуп ҳәа илзыԥшуан. Ларах, зегь лдыруан, рминуҭқәа лыԥхьаӡон. Арахь, аамҭа еиҳа-еиҳа иҳамҵәон", — ҳәа игәалаиршәоит акомандир.

Нина Балаева. - Sputnik Аҧсны
Нина Балаева: Аибашьра уԥсҭазаара ахәҭак уцәнарӡуеит

Марттәи ажәылараан Ирина Гоцеридзе Гәымсҭа дырсны аибашьра лхы алалырхәуан, амедицинатә цхыраара аҟаҵарагьы дахьӡон, ахәцәагьы аибашьра адәы иқәылгон. Ахәцәа руаӡәк аӡы дырылган шьҭахьҟа дхынҳәит, убринахысгьы аӡәгьы димбеит. Нас еилыркааит – дҭахеит.

"Ахәцәа илҿыҵшәоз зегьы харҵон. Ирацәаӡоуп еиқәлырхаз. Исыздырам Гагратәи абаталион аҟынтәи ҳара ҳахь лнеира шыҟалаз, ажәылара дшалахәхаз. Заҟаҩ лыԥсы рханы иахьа адәы иқәузеи!" ҳәа иҩуеит  Авҭандил Гарцкиа.

Аибашьраан иаалырԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы Ирина Гоцериӡе Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ лыхҵоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0