Аԥсуа алфавит аҽшаԥсахуаз

© SputnikАԥсуа алфавит.
Аԥсуа алфавит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
150 шықәса ирҭысыз аԥсуа ҩыра изныкымкәа аԥсахрақәа ахҭысхьеит.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Аԥсуа бызшәа аҿыц ҩырақәа рахь иаҵанакуеит. XIX ашәышықәсазы ауп ианцәырҵыз. Аҵарауаа гәаанагараны ирымоуп IX ашәышықәсанӡа аԥсуаа литературатә бызшәаны ирымаз абырзен, аҭырқәа, ақырҭуа бызшәақәа роуп ҳәа. Иара убри аамҭаз иҟоуп агәаанагара ажәытәан зны аԥсуаа ирыман рхатә ҩыра ҳәа. Еицырдыруа Маиҟәаԥтәи ахаҳәгьы аԥсышәалоуп ишцәажәо ҳәа ишьоуп. Маиҟәаԥтәи аҩыра ҭҵаауа аурыс ҵарауаҩ Георги Турчанинов аҩыра аԥсышәоуп ҳәа алкаа ҟаиҵеит. Иҭҵаарақәа шьаҭас иҟаҵоуп иусумҭа "Кавказ ажәытәӡатәи аҩыра аартреи ашифрзуреи" аҟны.

© Архивное фотоУслар иалфавит.
Алфавит Услара - Sputnik Аҧсны
Услар иалфавит.

Раԥхьатәи аԥсуа алфавит аԥҵан 1862 шықәса рзы аурыс ҵарауаҩ Петр Услар имчала. Аҩыра шьаҭас иаман кириллица. Алфавит шьақәгылан 55 дырга рыла. Урҭ реиҳарак аурыс алфавит аҟынтәи иааган, егьырҭ ԥсахын. Аԥсуа бызшәа ашьҭыбжьқәа раарԥшраз Услар иара убасгьы ихы иаирхәеит алатын, абырзен, асерб, ажәытәславиан, ақырҭуа алфавитқәа.

Раԥхьатәи аԥсуа нбан ҭыҵит 1865 шықәса рзы, 1862 шықәса рзы аинрал Петр Услар ишьақәиргылаз алфавит шьаҭас иаманы. Анбан ҭижьит Иван Бартоломеи. Ари алфавит ахархәара аман 1892 шықәсанӡа.

© Архивное фотоБартоломеи ианбан.
Букварь Бартоломея - Sputnik Аҧсны
Бартоломеи ианбан.

"Алфавит хымԥада абызшәа иақәшәозар ауп, ашьҭыбжьқәа зегь аанарԥшуа иҟазароуп", ҳәа илыԥхьаӡоит аԥсуа бызшәа акафедра адоцент Ева Ҭаниаԥҳа.

Аҩбатәи аԥсуа нбан ҭрыжьит 1892 шықәса рзы. Ашәҟәы ҭрыжьит Аҟәатәи Ашьхаруаа школ арҵаҩы Константин Маҷавариании иара иҵаҩы Дырмит Гәлиеи. Анбанқәа ркьаҿын 51 рҟынӡа, иалхын бзыԥтәи афонемақәа раарԥшра иазкыз анбанқәа. Аԥсны ашколқәа рҟны активла рхы иадырхәон Маҷавариании Гәылиеи иҭрыжьыз абри ашәҟәы.

Маҷавариании Гәылиеи ралфавит аус адиулеит арҵаҩы, ауаажәларратә усзуҩ Андреи Ҷоҷуа. Ари ихарҭәааз анбаншәҟә ахархәара аман 1926 шықәсанӡа. Иароуп арҵагашәҟәқәеи асахьаркыратә литературеи агазеҭқәеи рҭыжьра ҵаҵӷәыс иамаз.

1926 шықәса рзы алатинизациа азеиԥшеидгылатә процесс аҳәаақәа ирҭагӡаны ирыдыркылеит алатын графика шьаҭас измаз аҩыра ҿыц – академик Марр аус здиулаз аналитикатә алфавит. Иара шьаҭас иҟаҵаны иҭрыжьуан ашәҟәқәа, ашколқәа рҟны ирҵон аҵара. Аха иара ауадаҩра иахҟьаны мап ацәыркыр акәхеит.

© Архивное фотоМаҷавариании Гәлиеи ранбан.
Азбука Мачивариани и Гулиа - Sputnik Аҧсны
Маҷавариании Гәлиеи ранбан.

"1928 шықәса рзы алингвист-абызшәадырыҩ Николаи Иаковлев иаԥиҵеит 51 дырга змаз, алатын графикала ишьақәгылаз алфавит ҿыц. Аԥсуа шьҭыбжьқәа раарԥшразы иара еиҳа аманшәалара аман", — лҳәоит абызшәадырыҩ.

Ари алфавит рхы иадырхәон 1938 шықәсанӡа.

1938 шықәса рзы аԥсуа алфавит ақырҭуа графикахь ииаган.

© Архивное фотоАлатин графика шьаҭас измоу алфавит.
Алфавит на основе латиницы - Sputnik Аҧсны
Алатин графика шьаҭас измоу алфавит.

"Бериа иаԥшьгарала ақырҭуа шьаҭа рыҭан иԥсахын аԥсуеи ауаԥси алфавитқәа. Ҳәарада, ақырҭуа графикахь аиасра анаука шьаҭа аманы иҟамызт", — ҳәа азгәалҭоит Ҭаниаԥҳа.

Ақырҭуа алфавит аналаргала ашьҭахь иадыркит аԥсуа школқәа. Аҵара амҩаԥгара иалагеит қырҭбызшәала. Ари апроцесс мҩаԥысуан Сталин иԥсраҟынӡа. 1953 шықәса рзы аԥсуа школқәа еиҭаадыртит. 1954 шықәса рзы иазыхынҳәит АндреиҶоҷуа ишьақәиргылаз алфавит ахь.

© Архивное фотоИахьатәи аԥсуа алфавит.
Современный абхазский алфавит - Sputnik Аҧсны
Иахьатәи аԥсуа алфавит.

1996 шықәса рзы Андреи Ҷоҷуа иалфавит иамаз агхақәа рыԥсахит. "Аԥсуа бызшәа ашьҭыбжь ҷыдақәа еиҳа инарҭбаан ианыԥшуеит иахьа ахархәара змоу алфавит", — лҳәоит Ева Ҭаниаԥҳа.

Лара дадгылаҩым аԥсуа ҩыра алатын графикахь ииагатәуп ҳәа иҟоу агәаанагара.

Ажәабжьқәа зегьы
0