Асҭамыр Малиа: Сыԥсҭазаара аҟазара иазкуп

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи ақәыԥштә акәашаратә коллектив "Нарҭи" уи анапхгаҩи Асҭамыр Малиеи.
Гагратәи ақәыԥштә акәашаратә коллектив Нарҭи уи анапхгаҩи Асҭамыр Малиеи. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Уԥсадгьыл аҿы ухԥша бзиахар, уҭаацәа раҳаҭыр шьҭухоит, анҭыҵ – ужәлар"… Арҭ ацәаҳәақәа рзукыр рылшоит ҳтәылеи аҳәаанхыҵи ҳмилаҭ аӡыргара иазааԥсо зегьы.

Саида Жьиԥҳа.

Иахьа ҳрылаҽхәартә ҳаҟоуп еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны Аԥсны Ахьӡ-аԥша шьҭызхуа аҟазацәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы даараӡа ирацәаҩуп акультура аусзуҩцәа.

Гагратәи ашколхәычқәа арра-спорттә хәмарраҿы актәи аҭыԥ ргеит

Аҵыхәтәантәи аамҭазы угәы иаахәаратәы Аԥсны еиҵагылеит аҟазара злоу абиԥара ҿыц. Ус ихьӡ ҳамҳәар залшом, Гагратәи ақәыԥштә акәашаратә коллектив "Нарҭ" анапхгаҩы Асҭамыр Малиа.

Иара хәышықәса анихыҵуаз инаркны иҭаацәа Нури Гәынба напхгара зиҭоз Гагратәи ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Агәаԥшь" даларҵеит.

Араҟа, ахореограф илаԥш ӷәӷәа ихын аҟазараҿы раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵоз ахәыҷы.Ашкол ҭалара аамҭа анааи, Асҭамыр иҭаацәа дахьыргӡо иалагеит аҵареи акәашареи. Асҭамыр Малиа ари аколлектив аҟны дкәашон ашкол далгаанӡа.

Анаҩс, амедицинатә ҵараиурҭа далганы, далалоит Гагратәи афольклортә ансамбль "Кьараз", иара уи дшалаз хазы еиҿкаахоит арԥарцәа ршоу гәыԥ "Гагра". Аҩ-коллективк рҟны иусура шеилаигӡоз, ҩышықәса ааҵуаны, концертк аҿы Асҭамыр Малиеи иҩызцәеи илаԥш рықәшәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә ансамбль "Кавказ" анапхгаҩы Кандид Ҭарба. Аԥсны Жәлар рартист Гагратәи акәашацәа ааԥхьара риҭоит Аҟәаҟа иансамбль ахь.

"Ансамбль "Кавказ" ҳаланаҵ, Урыстәылантәи дааит апродиусер Витали Зборашьенко. Иара ашоу гәыԥ "Гагра" еиднакылоз ҳааиԥхьеит Санкт-Петербург зҭыхрақәа мҩаԥысуаз еицырдыруа актиорцәа Анна Семиновичи Андреи Седарцови ароль хадақәа ахьынаргӡоз акинофильм "Укрощение строптивой" алахәразы. Хымԥада, ҳарҭ мап ҳамкит", — иҳәеит акәашаҩ.

Арҭ аҭыхрақәа рышьҭахь, арԥарцәа Урыстәыла иахьынӡыҟаз, иаарыԥхьоит Москва ақалақь амш ныҳәа иазкны имҩаԥыргоз аусмҩаԥгатә ахь. Аԥсуа кәашацәа зыхьӡ наҩхьоу артистцәа рыгәҭа иалагыланы аконцерттә программа рхы аладырхәит.

Шықәсыбжак ашьҭахь, артистцәа хынҳәит Аԥсныҟа. Асҭамыр ансамбль "Кавказ" аҟны иҟазаратә ус иациҵеит. Араҟа иара дкәашон ҩышықәса. Ари аамҭа иалагӡаны, аколлектив быжь-концертк мҩаԥнагеит Ҭырқәтәыла.

"Исахьаркны сгәалашәараҿы иаанхеит, ансамбль "Кавказ" аҟны сахьынӡакәашоз Ҭырқәтәалаҟа ҳцара. Анкареи Сҭампыли гәахәарыла ҳрыдыркылеит аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа. Сара убасҟан раԥхьаӡакәны избеит ҳџьынџьуаа. Дара ҳганахь иаадырԥшыз агәыбылра иахьа уажәраанӡагьы сгәы иҭыҵуам. Ҳаргьы иҳалшоз зегь ҟаҳҵеит игәхьааргоз, ҭоурыхла рмилаҭ культура иатәу акәашарақәа дырбаразы", — ҳәа азгәеиҭеит Асҭамыр Малиа.

Ансамбль "Кавказ" агострольқәа аманы иқәгылон акырџьара. Аԥсуа артистцәа ҳкультура рыладырҵәон егьырҭ амилаҭқәа. Убас, аконцерт рықәҿиеит Кострома.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАсҭамыр Малиа
Асҭамыр Малиа - Sputnik Аҧсны
Асҭамыр Малиа

"Ари ақалақь аҟны ҳконцертқәа ирҭаауаз рацәаҩхеит. Ҳақәгылара рыдыркылон аинтерес аманы, еихсыӷьуамызт рнапеинҟьабжь. Аҵыхәтәантәи аконцерт аҟны еицырдыруа ачечен шәаҳәаҩы Хавва Курбанова иаҳзылкит лашәа. Еизаз зегьы иҭабуп ҳәа ҳарҳәон", — игәалаиршәоит артист.

2010 шықәсазы Асҭамыр Малиа аконцертқәа руак аҟны ишьамхы ааха аиут. Ансамбль нимыжьыр ҟамлеит. Гәкаҳара ҟамҵакәа, зыԥсҭазаара кәашарада издызымкылоз арԥыс иӡбеит арҵаҩратә ус иҽазԥишәарц.

2011 шықәсазы Гагратәи ахԥатәи абжьаратә школ аҟны иаԥиҵоит акәашаратә гәыԥ "Чегет". Абас ахореограф иаҳасаб ала Асҭамыр иҟаиҵеит раԥхьатәи ашьаҿа.

Ишдыру еиԥш акәашаратә ансамбль аныҟәгара ахарџь ду ацуп. Убри аҟнытә ицәырҵит ауадаҩрақәа рацәаны. Аха Асҭамыр адгылара ирҭон игәыԥ аҟны зҽазыҟазҵоз ахәыҷқәа рҭаацәа. Ансамбль "Чегет" шықәсыки бжаки ишьақәгылан, аха уеизгьы иахьӡеит изныкымкәа Гагра араион аҟны аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа жәпакы арылахәхара. Анаҩс ансамбль иалаз ақәыԥшцәа ашкол иалгеит, ус иагьеиԥҟьеит.

Асҭамыр Малиа хара имгакәа иоуит Очамчыратәи ансамбль "Абжьыуаа" анапхгаҩы Вианор Логәуа иҟнытә ааԥхьара.

Асҭамыр ишьамхы ааха шамазгьы, иахәҭаз амедицинатә гәаҭарақәа дырхысны, ҩаԥхьа дгьежьит акәашарахь. Ансамбль "Абжьыуаа" изныкымкәа агострольқәа аманы иқәгылахьан Нхыҵ-Кавказ ареспубликақәа рҟны.

Хара имгакәа Асҭамыр ишьамхы ҩаԥхьа ахьаа цәырҵит.

"Ансамбль "Абжьыуаа" аконцерт мҩаԥнагон Гагра. Ҳақәгылон аԥсшьарҭа ҩны "Енергетик". Абраҟа сзыкәашоз, еиҭа сшьамхы ахьаа цәырҵит. Ишысцәыуадаҩызгьы ари ансамбльгьы нсыжьыр акәхеит", — иҳәеит акәашаҩ.

2014 шықәсазы Гагратәи аҩбатәи абжьаратә школ аиҳабы Изабелла Ажьиба Асҭамыр Малиа даалыԥхьеит ашкол ахь, акәашаратә ансамбль аԥҵаразы.

Ус лаҵарамзазы ирҵаҩратә хореографиатә ус еиҭацҵо Асҭамыр еиҿикаауеит ансамбль ҿыц "Нарҭ".

"Ашкол аҿы саннеи, адиректор Изабелла Ажьиба адгылара сылҭеит. Азин ҟалҵеит хәыда-ԥсада аспорттә зал аҟны азыҟаҵарақәа мҩаԥызгаларц. Хәыҷы-хәыҷла иааиуа иалагеит аԥсуа кәашарахь аинтерес змаз ахәыҷқәа. Иахьа дара рхыԥхьаӡара 25-ҩык ыҟоуп. Уажәшьҭа ансамбль ҳәагьы ҳзуҳәар алшоит", — иҳәоит акәашара арҵаҩы.

Акәашара арҵара даара аҭакԥхықәреи ауадаҩреи зцу усуп. Уи иазку азанааҭ ҷыда умамзар, еиҳагьы ихьанҭхоит.

Асҭамыр Малиа ари аус дацәшәаӡом, избанзар, иара имоуп дызҿыԥшыша, изҿиҵааша ахореографцәа.

"Сара лассы-лассы сизцоит ансамбль "Кавказ" абалетмеистер Арвелод Ҭарба. Иара азыҟаҵареи абжьгара бзиеи сиҭоит. Убас снапы злакыу аус аҿы дсыцхраауеит Гагратәи ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Афырҭын" анапхгаҩы Лев Қьецба", — ҳәа ҳаилиркааит иара.

Шықәсык иалагӡаны, Асҭамыр илиршеит ҩ-кәашарак инагӡаны ақәгылара. Урҭ иреиуоуп "аԥсуа ҿар рыкәашареи", "ауаԥс кәашареи".

Асҭамыр иажәақәа рыла, "аԥсуа ҿар рыкәашара" ахәыҷқәа дырҵара дадхалеит мызки бжаки, "ауаԥс кәашара" мызкы.

Гагратәи ателехәаԥшра 10 шықәса ахыҵит

Акәашара ақәыргылара ахатәы ҷыдара амоуп. Раԥхьа иргыланы иҭыхтәуп асхема, анаҩс уи инақәыршәаны акәашацәа еихшатәуп, идырбатәуп доусы иахьгылаша аҭыԥқәа, аиҭаҵшьеи, аелементқәеи.

Акәашарақәа зегьы еиԥшӡам, аиҭаҵраҟны доусы рхатәы уадаҩрақәа рыцуп.

Асҭамыр Малиа напхгара зиҭо ансамбль "Нарҭ" аҟны аԥсуа хәыҷқәа рнаҩс ҳмилаҭ кәашара иацԥыҳәаны ирҵоит аурысцәеи аерманцәеи. Дара аԥсуаа иаарыҵамхо аелементқәа зегьы гәныркылоит. Асценаҿы ианықәгыло, аԥсуа ихатәы музыка данацкәашо еиԥш рыблақәа аццыԥхь хыубаалоит.

Иахьазы Асҭамыр Малиа ахәыҷқәа идирҵоит "аԥсуа ажәытә кәашара" аелементқәа. Сынтәа уи инагӡаны иқәыргылахоит.

Ансамбль "Нарҭ" шықәсыки бжаки роуп иахыҵуа. Аха араион аҟны Ахьӡ-аԥша арҳахьеит, еиуеиԥшым агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа ирылахәхахьеит. Ҵыԥхтәи ашықәс азы ансамбль алахәын Гагра ақалакь имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи афестиваль-конкурс "Без границ", усҟан дара иаԥсахеит ахԥатәи аҭыԥ.

Иҳаҩсыз ашықәс, абҵарамзазы, ари афестиваль-конкурс мҩаԥысит Санкт-Петербург. Араҟа Асҭамыр Малиа напхгара зиҭо ансамбль "Нарҭ" ианнакылеит актәи аҭыԥ. Дара иранаршьеит ахраҿеи актәи аҩаӡара адипломқәеи арҽхәабӷьыцқәеи. Ари хадара злоу хҭысхеит арҵаҩратә хореографиатә ус аҿы зшьаҿақәа еихызго Асҭамыр изы.

"Афестиваль-конкурс иалахәын атәылақәа жәпакы рҟнытә аколлективқәа. Убри аҟнытә, сара сақәгәыӷуамызт актәи аҭыԥ. Аӡбаҩцәа ҳара ҳаӡбахә анырҳәа, ахәыҷқәеи сареи ҳгәырӷьара ҵҩа амамызт", — ҳәа игәалаиршәоит Асҭамыр.

Аԥсны анҭыҵ ансамбль "Нарҭ" иаԥсахеит раԥхьатәи аџьшьара. Актәи аҭыԥ ганы Гаграҟа ианыхынҳә, араҟа дара ирыдыркылеит адныҳәаларақәа араион Ахада Беслан Барцыц иҟнытә. Иара хаҭала ансамбль анапхгаҩы ахәыҷқәеи дырԥыланы иҭабуп ҳәа реиҳәеит ҳраион ахьӡ ахьҭыргаз. Агәрагьы диргеит излаилшо ала ацхыраареи авагылареи шриҭало.

"Санкт-Петербургҟа ҳцара иацыз ахарџь рхахьы иргеит Гагра араион анапхгареи аҭаацәеи. Сара иҭабуп ҳәа расҳәоит ҳагәра ганы иаҳзааԥсаз зегьы", — иҳәеит акәашара арҵаҩы.

Асҭамыр Малиа иажәақәа рыла ансамбль зышьақәгыломызт аҭаацәа ацхыраара ирымҭозтгьы. Иахьа костиумк аӡахра хәнызқь рҿынӡа иартәоит. Аҭаацәа рхәыҷқәа акәашарахь ирымоу аинтерес иадгылоит, ирылшогьы ҟарҵоит ансамбль аҩаӡара ашьҭыхраҿы.

"Сара напхгара зысҭо акәашаратә коллектив ҭаацәара дук исзаҩызахеит. Агәра згоит ҳазегьы ҳамч еибыҭаны ҳзыԥсахаз аҭыԥ ҳшацәхьамҵуа", — ҳәа азгәеиҭеит Асҭамыр.

Ихы-иԥсы акәашара иазкын, аха Асҭамыр ишьамхы инамҭеит уи аҵыхәанӡа анагӡара. Аха иахьа инапы злакыу аус еиҳагьы еиҳуп. Иара акәашара дирҵоит еиҵагыло аҿар.

"Сгәабзиара шьақәсыргылеит, аха ансамбль аҟны акәашара амч рацәаны иақәырӡтәуп, убри аҟнытә исылшоны исԥхьаӡоит арҵаҩра. Снапы злакыу аус аҿы адгылаҩцәа рацәаҩны исымоуп, уи сгәы арӷәӷәоит", — иҳәоит ансамбль "Нарҭ" анапхгаҩы.

Асҭамыр Малиа аҟазарахь абзиабара илиааӡеит раԥхьатәи ирҵаҩы Нури Гәынба. Анаҩс арҵаҩ ду ҳәа диԥхьаӡоит, ҿырԥшыгасгьы димоуп Аԥсны Жәлар рартист Кандид Ҭарба. Иахьа Гагра араион акультура аҿиараҿы, илагала ҟаиҵоит ԥхьаҟа узықәгәыӷша аҟазара злоу арԥыс Асҭамыр Малиа.

Ҳазҭало ашықәс ааԥынразы, Асҭамыр иансамбль ааԥхьара амоуп Белоруссиа аҳҭнықалақь Минск имҩаԥысраны иҟоу жәларбжьаратәи афестиваль-конкурс ахь. Асҭамыр Малиа ҳазҭалаз ашықәс ҿыц агәыӷрақәа адиҳәалоит. Агәрагара ааирԥшуеит ҭаацәара дук изаҩызахаз ансамбль "Нарҭ" еиҳау аҩаӡара иаԥсахап ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0