Адик Цушба: аиааира шҳамаз Афганисҭан ҳалҵит

© Sputnik, Бадрак АвидзбаАдик Цушба
Адик Цушба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асовет арра Афганисҭан алгара ҩеижәибыжьба шықәса ахыҵра амш аҽны, аветеран Адик Цушба игәалаиршәоит урҭ аамҭақәа.

Асовет арра Афганисҭан алгара ҩеижәибыжьба шықәса ахыҵра амш аҽны, аветеран Адик Цушба игәалаиршәоит урҭ аамҭақәа. Аиҿцәажәара мҩаԥигоит Бадраҟ Аҩӡба.

- Шәара Афгантәи аибашьра шәышԥалахәхеи?

— Ашкол санҭазгьы сара Афганисҭанҟа, аибашьрахь ацара сҭахын. Хатәгәаԥхарала ицаз среиуоуп. Схәыҷаахыс абџьар бзиа избон. Аибашьрахь сара машәыршәа снанамгеит. Арратә комиссариат ашҟа снеины срыҳәеит, Афганисҭанҟа срышьҭразы. 1986 шықәса рзы, 18 шықәса санырҭагылаз Узбекисҭан иҟаз аҵаратә полк ҷыда ахь срышьҭит. Аполк усҟантәи аамҭазы иреиӷьыз ҵараиурҭаны иԥхьаӡан. Уаҟа ақәыԥшцәа хаҵанаӡаны иҟарҵон. Сара ахаангьы илысхыз сымҩа иашамызт ҳәа сазымхәыцыцт. Кандагар ҳаҟан. Изныкымкәа аибашьраҵәҟьа ҳахҭысхьан. 1987 шықәса рзы, аӷеи ҳареи ҳаиҿагылараан ҳкомандир дыршьит, иаашаанӡа аиҿахысра ҳаҿын, иҳакәшан амацәаз ҳҭаркырц егь ҳагмызт, аха аиааира ҳалҳаршеит.

Завершение вывода ограниченного контингента советских войск из Афганистана. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Афганистан аибашьра аветеран: автомашьынақәа еснагь ҵәҟьак иаҩызан

- Асовет ар Афганисҭан иалыргоит ҳәа аншәарҳәа, ишԥашәыдышәкылеи?

— Усҟан аррамаҵзура схыган схынҳәхьан. Дарбанызаалак аибашьра алахәыла изы аибашьра аанкылоуп ҳәа ажәабжь иаҳар – гәырӷьароуп. 1987 шықәса рзы, Афганисҭан саныҟазгьы исаҳахьан аамҭа-аамҭала ар ралгара иалагоит ҳәа. Акыр ишыуадаҩызгьы иалыршахеит аибашьра ахыркәшара, ар ралгара.

Мраҭашәаратәи аналитикцәақәак ирҳәон Асовет ар ырпатудан иалырцоит ҳәа, аха ус акәымхеит.

- Иара Афганисҭан атәылауаа ар ралгара ишԥазыҟаз?

— Зегьы неиԥынкыланы ар ахьалыргоз еигәырӷьон уҳәар ауам, иҟан иаҿагылозгьы. Аҭыԥантәи ауааԥсыра ҳаҭырқәҵарыла ирзыҟан ҳар.

- Ар ралгара алҵшәақәа шәышԥарыхцәажәо?

— Апрактика иаҳнарбеит ар ралгара арегион аҟны аҭагылазаашьа ишазеицәахаз. Иаҳҳәап "Талибан" ИГИЛ уҳәа иреиԥшқәоу атеррористтә еиҿкаарақәа цәырҵит. Аибашьра аԥышәа иаҳнарбеит аҳәынҭқарра ахатәы интересқәа аманы иҟазар шакәу. Ҳара раԥхьа иргыланы Асовет Еидгыла аинтересқәа ҳахьчон. Ҳәарада иҟан аԥсыҭбарақәагьы, аха асовет ар равторитет ҳаранакуан.

Афганистан аибашьра Аԥснытәи аветеранцәа иҭахаз рҩызцәа ргәаладыршәеит

- Шәара аибашьрақәа ҩба шәрветерануп, Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ шәыхҵоуп. Афгантәи аибашьраҟны ишәоуз аԥышәа шәыцхраама?

— Афгантәи аибашьра зхызгаз роуп ҳџьынџьтәылатә еибашьраан аԥхьа игылаз. Урҭ иреиуоуп Владимир Аршба, Мираб Кьышьмариа. Аибашьра иарбан жәларызаалак рзы ԥсроуп, ӡроуп аха иҟоуп аҭагылазаашьақәа умеибашьыр анамуа. Аибашьра уацәыхьчахарц азы ухаҭа ибзианы уеиқәшәазароуп, уеибыҭазароуп.

- Афгантәи аибашьра ахә шԥашәшьо?

— Ҳара агәра аагон аибашьра ашьҭахь Афганисҭантәи адгьыл аҟны аҭынчра ҳра ауа иалагоит ҳәа. Аха ус иҟамлеит. Асовет система иаҿагылоз рацәан. Ҳара ҳаиҳабыра иҳарҳәоз зегь ҟаҳҵон. Ҳар Афганисҭан аанрыжьит аха ҳаҵаханы ҳақәымҵӡеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0